2023-02-27
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.
Аминистрцәа 9 зҵаарак ирыхәаҧшит.
Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиуп „Амуниципалитетқәак рҿы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа ирызку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект, уи ала иазҧхьагәаҭоуп амуниципалитетқәа рҿы ахыбра-аргыламҭақәа рырҽеиреи реиҭашьақәыргылареи.
Амуниципалитетқәа имҩаҧыргаз заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла аарҧшуп амуниципалитетқәа рыҧшра зырҿаасҭо, ирҽеитәу, еиҭашьақәыргылатәу, мамзаргьы иқәхтәу 1263 ахыбра-аргыламҭақәа.
Убри аҟынтә, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, амуниципалитетқәа азин роуит радминистративтә ҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоу, амуниципалитет аҧшра зырҿаасҭо, мамзаргьы ашәарҭадара аганахьала апроблемақәа зхылҵыр зылшо ахыбра-аргыламҭақәа рырҽеира, реиҭашьақәыргылара, мамзаргьы рықәхразы хымҧада имҩаҧгатәу аусурақәа рымҩаҧгаразы.
Амуниципалитетцәа ари ахырхарҭала хымҧада имҩаҧгатәу аусурақәа сынтәаҵәҟьа ирылагоит.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура