Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2023 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Словакиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит Print Version

2023-11-29

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Словакиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Матуш Бушовски диҧылеит. Аиҧылара аибадырратә ҟазшьа аман.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Словакиатәи ареспубликеи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа ҩ-ганктәии аганрацәалатәи усеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи урҭ рырҭбааразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит.

Хшыҩзышьҭра рызун евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресси Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьаразы Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагареи. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, Европатәи ахеилак аҟынтә иазыҧшуп Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара ашьақәырҕәҕәара.

Иракли Ҕарибашвили Матуш Бушовски ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи, иара убас, евроинтеграциа апроцессаҿ ацхыраареи азыҳәан.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура