Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2023 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Казахстантәи ареспублика даҭааит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Пекинынтә Казахстантәи ареспубликаҟа ддәықәлеит.

Алмататәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы аҧыза-министр иҧылара ацеремониа мҩаҧган.

Аҳаирбаҕәазаҿы Иракли Ҕарибашвили иҧылеит Казахстантәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Ермухамбет Конуспаеви, Алмата ахада инапынҵақәа назыгӡо Алишер Абдикадирови, Қырҭтәыла иҟоу Казахстантәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Малик Мурзалини, Казахстантәи ареспубликаҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Николоз Лалиашвилии.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы Казахстантәи ареспублика аҧыза-министр Алихан Смаилов диҧылоит.

Казахстантәи ареспубликаҿы Иракли Ҕарибашвили аделегациа ицуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура