Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ Бриуссель Евроеидгыла - Қырҭтәыла апарламенттә ассоциациа акомитет аилатәара ихы алаирхәит Print Version

2022-02-15

  ...

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ибжьагаҩ Нико Ҭаҭулашвили Бриуссель, Европарламент аҿы имҩаҧгаз Евроеидгыла-Қырҭтәыла апарламенттә ассоциациа акомитет ажәабатәи аилатәара ихы алаирхәит.

Евроеидгыла-Қырҭтәыла апарламенттә ассоциациа акомитет аилатәараҿы аҧыза-министр ибжьагаҩ адемократиатә реформақәеи Қырҭтәылаҿ ахадаратә зинқәа рыхьчареи далацәажәеит. Нико Ҭаҭулашвили ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьеи, аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧгаз асистематә реформақәеи, ақәҿиарақәеи, аҳасабтәқәеи дырзааҭгылеит.

Иара убас, акомитет аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, хшыҩзышьҭра азун Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла асектортә интеграциа апроцессгьы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa