Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбарала, аклубтә индустриа аусура еиҭалагоит хәажәкыра 5-6 инаркны, аклубқәа рахь инарышьҭуеит зынашьҭра ҟало асасцәа рхыҧхьаӡара аҟынтә 60% Print Version

2022-02-15

Аклубтә индустриа аусура еиҭалагоит хәажәкыра 5-6 инаркны, аклубқәа рахь инарышьҭуеит зынашьҭра ҟало асасцәа рхыҧхьаӡара аҟынтә 60%.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа ари аӡбара рыдыркылеит атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны. Қырҭтәыла акультуреи абаҩхатәратә индустриеи рнапхагы ари аӡбара идидырит аиҳабыра радминистрациа аиҳабы. Илиа Дарчиашвилии Давиҭ Лежавеи реиҧылара рхы аладырхәит аиҳабыра радминистрациаҿы иҟоу Аусбарҭабжьаратә координациатә штаб аиҳабы Гьаргь Ҕибраӡеи абизнесомбудсмен ихаҭыҧҩуаҩ Нино Кветенаӡеи.

Ишдыру ала, омикрон аштам аларҵәара арбагақәа амаҷхара иаҿуп, убри аҟынтә, хәажәкыра инаркны, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалахара иазҧхьагәаҭаны, ҵхыбжьонтәи аклубқәа аусура еиҭалагар рылшоит ҳәа ирыӡбеит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa