Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Илиа Дарчиашвили - Қырҭтәылантә ацҳаражәҳәаҩ иҧхьаразы Украина ахада иӡбара ҳзеилкаауам, ари аӡбара иахьыҧшымкәа, Қырҭтәыла, ҳаҧхьааҟагьы Украина аполитикатә адгылара азаанарҧшуеит, излалшо ала агуманитартә ганахьала иацхраауеит Print Version

2022-03-01

Қырҭтәылантә ацҳаражәҳәаҩ иҧхьаразы Украина ахада иӡбара ҳзеилкаауам, ари аӡбара иахьыҧшымкәа, Қырҭтәыла, ҳаҧхьааҟагьы Украина аполитикатә адгылара азаанарҧшуеит, излалшо ала агуманитартә ганахьала иацхраауеит, - иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвили.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра рпозициа рыҧсахуам - аукраин жәлар ирыдгылоит, атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчоит.

„Ажәлар ирасҳәар сҭахуп, рыцҳарас иҟалаз, адеструктивтә оппозициаа Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагалар рҭахуп, убри азыҳәан апровокациақәа ирҿуп, ишиашо ари апроцесс иалахәып адеструктивтә оппозициеи "Амилаҭтә ҵысреи". Ҳтәылаҿы аибашьра иалагар рҭахуп. Қарҭгьы Киевгьы иҟоу адеструктивтә оппозициеи урҭ рыдгылаҩцәеи роуп ари апроцесс анапхгара азҭо.

Иацы ачартертә реис ала ахалагәаҧхаҩцәа Украинаҟа рдәықәҵара аҽазкрагьы провокациан, уигьы "Амилаҭтә ҵысра" роуп еиҿызкааз, аха, дара уи рылшазҭгьы, Қырҭтәыла ишиашо аибашьра аҽаланагалеит ҳәа акәын уи иаанагоз.

Ҳара ҳпозициа ҳаҧсахуам - аураин жәлар рыдгылареи Қыҭтәыла аҩнуҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчареи. Даҽазнык ишәгәаласыршәар сҭахуп Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи уажәгьы Киев ишалымҵыц, дара Украина аҵакырадгьыл аҿы аусура нарыгӡоит.

Раҧхьатәи амш инаркны Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аренаҿы Украина аполитикатә адгылара азаанарҧшуеит, агуманитартә ганахьала иацхраауеит.

Аҧыза-министр идҵала, Украинаҟа идәықәҵоуп 100 тоннак агуманитартә аидара, Қырҭтәыла иҟоу Украина атәылауаа зегьы рыла ҳрыцхраауеит. Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ ари атәы аинформациа иман, иара, Украина ахьӡала, агуманитартә цхырааразы изныкымкәа Қырҭтәыла аҭабуура азааирҧшит. Қырҭтәыла, ҳаҧхьааҟагьы Украина аполитикатә адгылара азаанарҧшуеит, излалшо ала агуманитартә ганахьала иацхраауеит, абри ауп 2008 шықәсазы аибашьра зхызгаз, 20% аҵакырадгьыл зцәыӡыз атәыла иахьазы иалшо. Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагалар, ҳтәыла зыриашара ҟамло алҵшәа аиур ауеит.

Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәылантә ацҳаражәҳәаҩ иҧхьаразы Украина ахада иӡбара ҳзеилкаауам. Ари аӡбара иахьыҧшымкәа, Қырҭтәыла, ҳаҧхьааҟагьы Украина аполитикатә адгылара азаанарҧшуеит, излалшо ала агуманитартә ганахьала иацхраауеит", - иҳәеит Илиа Дарчиашвили.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa