Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аҧыза-министр ибжьагаҩ ЕАР аҳәса рстатус азы акомиссиа 66-тәи асессиаҿы Қырҭтәыла агендертә аиҟарара аполитика амҩаҧгара иахылҵыз аихьӡарақәа дрылацәажәеит Print Version

2022-03-21

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ибжьагаҩ Нико Татулашвили ЕАР аҳәса рстатус азы акомиссиа 66-тәи асессиа аҳәақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз зыҩаӡара ҳараку интерактивтә диалог ихы алаирхәит.

Нико Татулашвили данықәгылоз, Қырҭтәыла агендертә аиҟарара аполитика амҩаҧгара иахылҵыз аихьӡарақәеи, иҟаҵоу ашьаҿақәеи, имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит. Иара убас, Қырҭтәыла аҳәса рекономикатә ҭагылазаашьа арҕәҕәара ацхраара ахадаратә тенденциақәагьы дырзааҭгылеит.

Иара аус зыдуло, иара убас, имҩаҧгоу хықәкылатәи аҳәынҭқарратә политикеи, апрограммқәеи, ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит, абарҭ ахырхарҭақәа иреиуп: аҳәса рекономикатә ҭагылазаашьа арҕәҕәара амзызла аларҵәара змоу аконкреттә економикатәи асоциалтәи политика; занааҭла еиҧшым аҳәса атренингқәа рзымҩаҧгареи, аҵареи агәырҵҟәыл аиҕьтәреи аҿы рыцхраареи; аҳәса ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы аусурҭа аҧшаараҿы рыцхраара уи азы иҭаху аҭагылазашьақәа рзеиқәыршәара ала; аџьаус ашәарҭадара жәларбжьаратәи астандартқәа раларҵәара; аиновациатә наплакра ацхраара; атехнологиатәи арыцхәтәи аиҭакрақәа рхархәара аҳәса рекономикатә ҭагылазаашьа арҕәҕәаразы, иара убас, COVID 19 аан аҳәса рекономикатә ҭагылазаашьа арҕәҕәара амзызла Қырҭтәыла ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара.

Аҧыза-министр ибжьагаҩ ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылаҿ, азакәанҧҵаратәи, аполитикатәи, асоциалтәи аҩаӡарақәеи, иара убас, агәабзиарахьчареи, аеконмоикатә арҕәҕәареи, амчылара аҿагылареи, аҵара алшара аманшәалареи ахырхарҭала, аҳәса рырҕәҕәареи агендертә аиҟарара аиқәыршәареи азҵаарақәа аҧыжәара рымоуп, абри зегьы иазҧхьагәаҭоуп Пекинтәи адекларациеи, ауснагӡатәқәа рплатформеи, Сҭампылтәи аконвенциеи, Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи, егьырҭ жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рыла.

Иеиду Амилаҭқәа реиҿкаараҿы аекономикатәи асоциалтәи зҵаарақәа рзы аус зуа ахеилак (ECOSOC) иаҵанакәа аҳәса рстатус азы акомиссиа (CSW) - аглобалтә аиҳабырабжьаратә органуп, уи аексклиузивла аус ауеит агендертә аиҟарареи аҳәса рырҕәҕәареи ахырхарҭала. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу аорган Пекинтәи адекларациа анагӡареи ауснагӡатәқәа рплатформеи апрогресс амониторинг мҩаҧнагоит, иара убас, ЕАР ауснагӡатәқәа рҿы агендертә перспективақәа аларҵәареи аӡыргареи иацхраауеит.

Акомиссиа, есышықәса имҩаҧнагоит ҩымчыбжь инагӡо асессиа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ЕАР иалоу атәылақәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, ЕАР агентрақәеи рхаҭарнакцәа Ниу-Иорк, ЕАР аштаб-уадаҿы еизоит. Ишаҧу ала, акомиссиа ишьақәнарҕәҕәоит кыршықәсатәи аусуратә программа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәынҭқаррақәа ирымоу апрогресси аҧышәа бзиеи ирыхәаҧшны, ахадаратә аҳасабтәқәа ҳәаақәырҵоит.

Акомиссиа 66-тәи асессиа 2022 шықәса хәажәкыра 14-25 рзы имҩаҧысуеит. 2022 шықәсазы аҧыжәара змоу темоуп агендертә аиҟарара аиқәыршәареи, аклимат аҽаҧсахреи, аҧсабарахьчаратәи акатастрофатәи ашәарҭарақәа реиҵатәра аполитикеи апрограммақәеи рҿиареи қәҿиарала урҭ рылахәызаареи ахырхарҭала аҳәсеи аҧҳәызбаҩцәеи рырҕәҕәара.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa