Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аҧыза-министр иӡбарала, Қырҭтәыла арегионқәа рҟынтә Украинаҟа агуманитартә цхыраара адәықәҵара аҩбатәи аетап иалагеит Print Version

2022-03-28

Аукраин жәлар рыцхрааразы, Қырҭтәыла арегионқәа рҟынтә Украинаҟа агуманитартә цхыраара адәықәҵара аҩбатәи аетап иалагеит. Ари аӡбара идикылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр, аӡбара еицынаргыӡоит арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартаменти.

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа инрывагыланы, аидара аизгра апроцесс иалахәып абизнеси атәылауаҩратә сектори.

Аҩбатәи аетап аан Қырҭтәыла зехьынџьара еизгоуп 120 тонна аидара, уи аҟынтә 90 тонна еизгоу арегионқәа рҿы. Бжеиҳарала, аидара иалоуп амедицинатә аалыҵи, лассы иҧхасҭамхо афатәаалыҵи, раҧхьатәи ахархәара амаҭәарқәеи.

Уажәтәи аетап азы Қарҭ, Қырҭтәыла аҧошьҭа атерминал аҿы ишьҭарҵеит Мрагылратә Қырҭтәыла арегион аҿы еизгаз аидара, иашьашәалоу адгьылтә процедурақәа рнеҩс, ари аидара аидаратә машьынақәа рыла, Украинаҟа идәықәырҵоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла агуманитартә аидара аизгара апроцесс инагӡоит, уи Украинаҟа адәықәҵаразы имазеизаауеит амчыбжь анҵәамҭазы.

Ишыжәдыруа ала, уажәазы Украинаҟа агуманитартә аидара адәықәҵара аҩбатәи аетап мҩаҧысуеит. Аукраин жәлар рыцхраразы, Қырҭтәыла арегионқәа рҿы еизгаз 150 тонна агуманитартә аидара мышқәак раҧхьа Украинаҟа идәықәырҵахьеит. Аидара амҩангара алогистикатә процесс еиқәнаршәоит Қырҭтәыла аҧошьҭа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa