Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациаҿы Ахәыҷқәа рзинқәа рзы ЕАР аконвенциа анагӡареи ахәыҷқәа рзинқәеи азҵаарақәа рзы аус зуа аусбарҭабжьартә комиссиа аилатәара мҩаҧысит Print Version

2022-04-05

.

Аиҳабыра радминистрациаҿы Ахәыҷқәа рзинқәа рзы ЕАР аконвенциа анагӡареи ахәыҷқәа рзинқәеи азҵаарақәа рзы аус зуа аусбарҭабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаҧысит. Аиҧылараҿы ахәыҷқәа рзы амчылара иаҿагыло ақәҧара аганахьала иҟоу апрогресси, аҳасабтәқәеи, апланқәеи ирылацәажәеит.

Акомиссиа алахәылацәа ахәыҷқәа рзы амчылара иадҳәаланы ЕАР ахәыҷқәа рзинқәа рзы акомитет ала иҟаҵоу абжьгарақәа рынагӡара астатуси, аусбарҭа цыҧхьаӡа аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәеи, урҭ рынагӡашьеи иалацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун хара имгакәа имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатәқәа, лымкаала, ахәыҷқәа рреферирра амеханизм аиҕьтәреи, асексуалтә мчылара зхызгаз ахәыҷқәа апсихологиатә цхыраара рыҭара ацентр аҧышәаратә проект арҭбаареи, ари аусхкы аҿы аус зуа апрофессионалцәа рквалификациа ашьҭыхреи. Аилатәара рхы аладырхәит: акомиссиа ахантәаҩы - Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы амаӡаныҟәгара аиҳабы, ауаҩытәыҩса изинқәа азҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ, Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ лхаҭыҧуаҩ, ЕАР ахәыҷтәы фонд ахаҭарнакцәа, акомиссиа егьырҭ алахәылацәа - аминистр ихаҭыҧуааи, аилацәажәаратә бжьы азин змоу ахаҿқәеи. Онлаин-формат аҿы ауснагӡатә рхы аладырхәит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәагьы.

Ахәыҷқәа рзинқәа рзы ЕАР аконвенциа анагӡареи ахәыҷқәа рзинқәеи азҵаарақәа рзы аус зуа аусбарҭабжьартә комиссиа еиҿкаан 2016 шықәса ҧхынҷкәын 13 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара N 550 ашьаҭала. Акомиссиа хықәкыс иамоуп Ахәыҷқәа рзинқәа рзы ЕАР аконвенциа анагӡара апроцесс акоординациа азуреи, иара убас, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз жәларбжьаратәии амилаҭтәи ҧхықәрақәа рынагӡара ацхраареи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура