Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабыс дҟарҵеит Реваз Џьавелиӡе

2022-05-12

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабыс дҟарҵеит Реваз Џьавелиӡе.


Реваз Џьавелиӡе иахьанӡа Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ихаҭыҧуаҩси аиҳабыра рпарламенттә маӡаныҟәгаҩси дыҟан. Иара аҳәынҭқарратәи, хазхаҭалатәи асекторқәа рҿы аусура аганахьала аҧышәа ду имоуп. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Қырҭтәыла аспорти аҿар русқәеи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩс дыҟан, иара убас, - еиуеиҧым жәларбжьаратәи еилахәырақәа рҿы иакымкәа
амаҵзураҭыҧқәа ааникылон.

Реваз Џьавелиӡе Техасстәи ауниверситет азинтә школ амагистратура далгеит. Иара аиҳабыра радминистрациа аиҳабы иҭыҧ ааникылеит Илиа Дарчиашвили ицынхәрас, Дарчиашвили Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟарҵеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура