Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациа аиҳаби аҧыза-министр ибжьагаҩи ЕАР Аҳәса реиҿкаара ахаҭарнакцәа ирҧылеит Print Version

2022-05-25

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи, ауаҩытәыҩса изинқәа рызҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ Нико Татулашвилии, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амаӡаныҟәгара анапхгаҩы Мака Ҧераӡеи ЕАР Аҳәса реиҿкаара ахаҭарнакцәа ирҧылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аиҳабыреи ЕАР Аҳәса реиҿкаареи русеицуреи, иара убас, агендертә аиҟарара арҕәҕәареи аҳәса рзы амчылара аҧыхреи амзызла имҩаҧысуа апроектқәа рыдгылареи аҵакы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа агендертә аиҟарареи, аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи азҵаарақәа рзы аус зуа аусбарҭабжьаратә комиссиа аусуреи, иара убас, Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиеи ауснагӡатәқәа рплани иазааҭгылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан „Аҳәсеи, аҭынчреи, ашәарҭадареи иазку ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциақәа рынагӡара амилаҭтә уснагӡатәқәа рплани" „Аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи иаҿагылоу ақәҧареи амчылара зхызгаз (азарал зауз) рыхьчареи иазку ауснагӡатәқәа рплани" аус рыдулара апроцесс аҿы Аҳәса реиҿкаара инанагӡо ароль ҷыда.

ЕАР аҳәса реиҿкаара ахаҭарнакцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит зыӡбахәы ҳәоу ареформақәа рымҩаҧгара апроцесс аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра рыцхраара ишазыхиоу.

Аиҳабыра радминситрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит ЕАР аҳәса реиҿкаара аҟынтә - аиҿкаара анагӡаратә директор ихаҭыҧуаҩ Аса Регнери, Европеи Ацентртә Азиеи арегионалтә директор Алиа Ел-Иасири, Қырҭтәыла иҟоу ЕАР Аҳәса реиҿкаара (UN Women) ахаҭарнак Каори Ишикавеи, уи ихаҭыҧуаҩ Ҭамар Сабедашвилии.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура