Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациа аҳәамҭа Print Version

2023-04-13

Қырҭтәыла ахада Страсбург лвизит ахырҧара иазкны иҟалҵаз аҳәамҭа ақәҿыҭра аҳҭар ҳҭахуп.

Иаҵшьны иазгәаҳҭоит - Қырҭтәыла аиҳабыра, ақәшаҳаҭра аҭара апроцесс хықәкыла идыргәагәеит, убри амшала авизит хырҧан ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам, уи мцуп.

Страсбург авизит амҩаҧгара иадҳәаланы Қырҭтәыла ахада, Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә ажәала ақәшаҳаҭхара лоуит хәажәкыра алагамҭаз, Америка визитла даныҟаз. Аиҳабыра радминистрациеи атәыла ахада ладминистрациеи рыбжьара аусуратә процесс мҩаҧысуан, атехникатә детальқәа аус рыдырулон. Аҵыхәтәаны, атәыла ахада ладминистрациантә Қырҭтәыла аиҳабыра радминстрациашҟа ашәҟәы алагалан иацы, мшаҧы 12 рзы, адырҩаҽныҵәҟьа, мшаҧы 13 рзы, атәыла ахада аҩыратә ақәшаҳаҭра лыздәықәҵан мшаҧы 17-19 рзы Франциатәи ареспубликаҿ, Страсбург ақалақьаҿ аусуратә визит иадҳәаланы.

Иара убас, Қырҭтәыла ахада аҩыратә ақәшаҳаҭра лыздәықәҵан Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳраҿ авизитгьы иадҳәаланы.

Иара убас, иаҵшьны иазгәаҳҭоит хәажәкыра 13-16 рзы Франциатәи ареспубликеи Бельгиа аҳреи рҿы атәыла ахада лусуратә визитқәа раан, атәыла ахада ладминистрациантә хәажәкыра 10 рзы иҳауз ашәҟәы азы аиҳабыра радминистрациа ақәшаҳаҭра ҟарҵеит хәажәкыра 13 рзы. Убри аҟынтә, ҧасатәи авизитқәа раан ишыҟалаз еиҧшҵәҟьа, зыӡбахәы ҳәоу авизитгьы иадҳәаланы аиҳабыра радминистрациа иаамҭаны ақәшаҳаҭра ҟанаҵеит.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура