Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе, Париж, Аҳәынҭқарратә напхгараҭара европатәи апринципқәа ирызку OECD зыҩаӡара ҳараку аиҧылара ихы алаирхәит

2023-11-11

Франциа, Париж ақалақьаҿ, Евроеидгыла аекономикатә усеицуреи аҿиареи аиҿкаара (OECD) зыҩаӡара ҳараку аконференциа мҩаҧган.

Аконференциа аадыртит OECD амаӡаныҟәгаҩ хада Матиас Кормани агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеии.

Ауснагӡатә рхы аладырхәит OECD иалоу атәылақәеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи, Мрагыларатә партниорра (EaP) атәылақәеи, иара убас, OECD-и, Еврокомиссиеи, егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.

Аконференциаҿы OECD анапхгараҭареи аменеџьменти ацхрааратә программа (SIGMA) ахаҭарнакцәа аофициалла ицәырыргеит аҳәынҭқарратә напхгараҭара ирҿыцу апринципқәа. Уи Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылақәеи апотенциалтә кандидатцәеи иаҳа еиҕьу аҳәынҭқарратә напхгараҭара ашьақәыргылараҿы ирыцхраауа иҳәаарку документуп. Раҧхьаӡа акәны арҭ апринципқәа цәырган 2014 шықәсазы, аха, сынтәа, аглобалтә проблемақәа иазҧхьагәаҭаны, арҭ апринципқәа дырҿыцит.

Ауснагӡатә иалахәыз аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа анапхгараҭара ашьақәыргылара апроцессаҿ ирымоу аҧышәа иалацәажәеит, иара убас, уажәазы иҟоу апроблемақәа ирызку адискуссиа мҩаҧыргеит. Реваз Џьавелиӡе аҳәынҭқарратә напхгараҭара ахырхарҭала Қырҭтәыла имҩаҧгоу, уажәазы имҩаҧысуа, иара убас, имҩаҧыргараны иҟоу ареформақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи дрылацәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ арҭ ареформақәа аполитикатә аҵакы ду шрымоу.

Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа Қырҭтәыла иалагеит 2015 шықәсазы. Ареформа OECD/SIGMA ала ишьақәыргылоу Евроеидгыла аҳәынҭқарратә напхгараҭара апринципқәа рышьаҭала еиқәыршәоуп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп ахадаратә 5 принципк, урҭ роуп: аполитика апланшьҭыхреи акоординациеи; аҳәынҭқарратә маҵзуреи ауаҩытәыҩсатә ресурсқәа анапхгара рыҭареи; аҳасабырбара; аҳәынҭқарратә сервисқәа рыла аиқәыршәареи аҳәынҭқарратә финансқәа анапхгара рыҭареи. 2023 шықәса жәабран азы Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа аҩбатәи, 2023-2026 шықәсқәа рзтәи астратегиеи 2023-2024 шықәсқәа рзтәи ауснагӡатәқәа рплани шьақәдырҕәҕәеит. Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа атәылаҿы иаарту, аҳасабырбаратә, алҵшәа зхылҵуа аҳәынҭқарратә напхгараҭара асистема ашьақәыргылара иазкуп.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура