Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Иаарту анапхгараҭара Қырҭтәыла Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак OGP Қырҭтәыла 2024-2025 шықәсқәа рзтәи ауснагӡатәқәа рплан иахәаҧшны иадгылеит Print Version

2023-12-20

  ..

 

2023 шықәса ҧхынҷкәын 20 рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа, Иаарту анапхгараҭара ареформа акоординациа азызуа аусбарҭа аҳасабала, Иаарту анапхгараҭара Қырҭтәыла зранг ҳараку аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара мҩаҧнагеит.

OGP Қырҭтәылатәи ахеилак алахәылацәа Иаарту анапхгараҭара Қырҭтәыла ахәбатәи, 2024-2025 шықәсқәа рзтәи ауснагӡатәқәа рплан апроект иахәаҧшит, хара имгакәа Қырҭтәыла аиҳабыра ари аплан шьақәдырҕәҕәоит.

Ахеилак аилатәара аадыртит: Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы, ахеилак ахантәаҩы - Реваз Џьавелиӡеи, Америка жәларбжьаратәи аҿиара агентра (USAID) амиссиа анапхгаҩы - Џьон Пенели, Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аҿиара апрограмма (UNDP) адемократиатә напхгараҭара ахырхарҭа анапхгаҩы - Гиги Брегаӡеи.

Аиҳабыра радминистрациа ахаҭарнакцәа ахеилак алахәылацәеи инаҧхьаз асасцәеи аплан апроектла иазҧхьагәаҭоу аинициативақәа рызцәырыргеит. Ауснагӡатәқәа рплан шьақәгылоуп 10 инициативак рыла, аплан хықәкыс иамоуп аинформациа ахархәара алшареи аартызаара ахаҭабзиареи аиҕьтәреи, ауаажәларра аҿаҧхьа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҳасабырбара амеханизмқәа рырҕәҕәареи, алахәызаара алшарақәа реизырҳареи. Иара убас, аплан апроектла иазҧхьагәаҭоуп иаарту анапхгараҭара апроцессаҿы муниципалитетқәак рылахәызаара.

Ахеилак аилатәара рхы аладырхәит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, иара убас, аҭыҧантәи иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи зранг ҳараку ахаҭарнакцәа.

Иаарту анапхгараҭара Қырҭтәыла ахеилак аиҧылара мҩаҧган USAID апроект Аҳәынҭқарратә напхгараҭареи, иара убас, ЕАР аҿиара апрограммеи (UNDP) - „Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа ацхраара" - рыдгыларала.

Иаарту анапхгараҭаразы апартниорра (Open Government Partnership - OGP) ишьаҭакын 2011 шықәсазы, Америкеи Бразилиеи рхадацәа ринициативала, уи хықәкыс иамоуп аиҳабырақәа раартызаареи, аҳасабырбареи, аусура алҵшәареи аизырҳара. Қырҭтәыла 2011 шықәсазы зегьы раҧхьа OGP иалалаз атәылақәа иреиун. Қырҭтәыла инагӡоу OGP 4 планк аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәылаҿ имҩаҧган иакымкәа зҵакы дуу иаарту анапхгараҭара ареформақәа.

OGP Қырҭтәылатәи зранг ҳараку акоординациатә хеилак еиҿкаан Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аинициативала. Уи Иаарту анапхгараҭаразы апартниорра анапхгараҭара аилазаашьа инақәыршәаны еиҿкаауп, аҳәынҭқарратә усбарҭақәагьы, атәылауаҩратә уаажәларрагьы еиҟараны алахәызаара алшара рнаҭоит. Ахеилак аҿы абжьыҭира азин рымоуп аминистр цыҧхьаӡа ихаҭыҧуаҩки аҭыҧантәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи. Ахеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура