-
15 Жәaбрaн 2022
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбарала, аклубтә индустриа аусура еиҭалагоит хәажәкыра 5-6 инаркны, аклубқәа рахь инарышьҭуеит зынашьҭра ҟало асасцәа рхыҧхьаӡара аҟынтә 60%Аклубтә индустриа аусура еиҭалагоит хәажәкыра 5-6 инаркны, аклубқәа рахь инарышьҭуеит зынашьҭра ҟало асасцәа рхыҧхьаӡара аҟынтә 60%.
-
11 Жәaбрaн 2022
Илиа Дарчиашвили - Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҭҵаарақәеи аиндеқсқәеи рҿы аконкреттә алҵшәақәа раиура нанагӡоитҚырҭтәыла жәларбжьаратәи аҭҵаарақәеи аиндеқсқәеи рҿы аконкреттә алҵшәақәа раиура нанагӡоит, - иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвили Европатәи антикоррупциатә центр ицәырнагаз алҵшәақәа данрылацәажәоз, урҭ инрықәыршәаны, аҳәынҭқарратә ламысцқьара аглобалтә реитинг аҿы Қырҭтәыла арбагақәа еиҕьхан, атәыла 32-тәи аҭыҧ ашҟа ииасны, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи рҿы аҧхьагылара амоуп, ҧасатәи асоветтә қәыҧшылараҿы Естониа анеҩс аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит.
-
04 Жәaбрaн 2022
Аконкурстә комиссиақәа Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзуреи Аусеилыраратә комиссиа ҷыдеи рнапхгаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа алырхитХазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзуреи Аусеилыраратә комиссиа ҷыдеи рнапхгаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа ралхразы еиҿкааз аконкурстә комиссиақәа амаҵзураҭыҧ цыҧхьаӡазы 3-3ҩык акандидатцәа алхны, Қырҭтәыла аҧыза-министр идаргалеит.
-
25 Ажьырныҳәa 2022
Аконкурсқәа рылахәызаара аҭагылазаашьақәа ирызку аинформациа аргама ицәыргоупҚырҭтәыла аҧыза-министр 2022 шықәса ажьырныҳәа 21 рзы идикылаз ақәҵарақәа №12-и №13-и рышьаҭала еиҿкаау Аусеилыргаратә маҵзура ҷыдеи Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзуреи рнапхгаҩцәа ралхратә аконкурстә комиссиақәа рыӡбарала, Аусеилыргаратә маҵзура ҷыдеи Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзуреи рнапхгаҩцәа ралхратә конкурс аҽалархәра амзызла арзаҳалқәа/иацу адокументқәа рыдыркылоит 2022 шықәса ажьырныҳәа 25 инаркны жәабран 1 налаҧхьаӡаны.
-
17 Ажьырныҳәa 2022
Қырҭтәыла аҧыза-министр идҵала, Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда аиҳаби Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура аиҳаби ралхразы аконкурс рылаҳәоуп„Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура иазку" Қырҭтәыла азакәан 28¹ ахәҭаҷ актәи апункт „а" апунктеиҵеи „Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара иазку" Қырҭтәыла азакәан 55² ахәҭаҷ актәи апункт „а" апунктеиҵеи ирышьашәаланы, Қырҭтәыла аҧыза-министр 2022 шықәса ажьырныҳәа 17 рзы иҟаиҵаз адҵақәа N5-и N6-и рышьаҭала, Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда аиҳаби Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура аиҳаби ралхразы аконкурс рылаҳәоуп.
-
17 Ажьырныҳәa 2022
Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Киргизтантәи ареспублика апрокуратура хада аделегациа идикылеитКиргистантәи ареспублика апрокуратура хада аделегациа алахәылацәа акоррупциа аҿагылара аганахьала Қырҭтәыла аҧышәеи, абжьагарақәа рынагӡара апрактикеи, иашьашәалоу азакәанҧҵареи ҭырҵаауеит.
-
16 Ҧхынҷкәын 2021
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Мрагыларатә партниорра – Мраҭашәаратә Балканқәа арегионалтә аиҧылара ихы алаирхәитҚырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Реваз Џьавелиӡе Иаарту анапхгараҭара апартниорра (OGP) 7-тәи аглобалтә саммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз Мрагыларатә партниорра - Мраҭашәаратә Балканқәа арегионалтә аиҧылара ихы алаирхәит.
-
10 Ҧхынҷкәын 2021
Аиҳабыра русмҩаҧгара аиҿкаарала, адемократиатә напхгараҭара атемазы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҿиара апартниорцәеи рыбжьара атематикатә координациатә гәыҧ аиҧылара мҩаҧыситҚырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгара аиҿкаарала, адемократиатә напхгараҭара атемазы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҿиара апартниорцәеи рыбжьара атематикатә координациатә гәыҧ аиҧылара мҩаҧысит.
-
25 Абҵaрa 2021
Илиа Дарчиашвили - Кыраамҭала адемократиа аиҕьтәра абзоурала, Қырҭтәыла, адунеи адемократиақәа иреиҕьу ахәбарак реиқәыҧхьаӡа иалоуп, уи ҳтәыла адемократиатә аҿиаразы аҵакы ду амоупАдунеи абанк аглобалтә напхгараҭара аиндикаторқәа зхы иазырхәо Жәларбжьаратәи аҭҵааратә центр - „Адемократиа авариациақәа" аҳасабырба инақәыршәаны, кыраамҭала адемократиа аиҕьтәра абзоурала, Қырҭтәыла, адунеи адемократиақәа иреиҕьу ахәбарак реиқәыҧхьаӡа иалоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвили.
-
18 Абҵaрa 2021
Илиа Дарчиашвили - Қырҭтәыла актәи аҭыҧ ааннакылеит Trace International акоррупциа ашәарҭара аҟынтә ахақәиҭра акомпонент аҿы, уи инақәыршәаны, аиҳабыра рҟны аизыҟазаашьақәа рҿы акоррупциа ашәарҭара арбага лаҟәыпҚырҭтәыла актәи аҭыҧ ааннакылеит аиҳабыра рҟны аизыҟазаашьақәа рҿы акоррупциа ашәарҭара арбага аазырҧшуа акомпонент аҿы, ари арбага аҵакы ду амоуп ҳаҧхьаҟа атәыла аӡыргаразы, - иҳәеит аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвили Trace International акоррупциа ашәарҭара аҟынтә ахақәиҭра аиндекс данахцәажәоз, аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла Европа иреиҕьу 20 ҳәынҭқарреи адунеи иреиҕьу 30 ҳәынҭқарреи иреиуп.