Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Иоҳана Нелес ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ибжьагаҩ Нико Ҭаҭулашвили ҭабуп ҳәа иалҳәеит Print Version

2021-11-25

Аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи апревенциеи аҧыхреи иазку Европа Ахеилак аконвенциа амониторинг амеханизм анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Иоҳана Нелес Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ибжьагаҩ Нико Ҭаҭулашвили ҭабуп ҳәа иалҳәеит аҳәса рзы амчылареи аҭацәараҿы амчылареи иаҿагылоу ақәҧара аекспертцәа ргәыҧ (GREVIO) абҵара 8-12 рзы имҩаҧыргаз авизит армазеиреи амҩаҧгареи аҿы иҟаиҵаз алагалазы.

Аҧыза-министр ибжьагаҩ иоуз аофициалтә шәҟәы ишану ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧыларақәа алҵшәа бзиа рхылҵит, агәыҧ алахәылацәа ироуз аинформациа ҳаҧхьаҟа русураҿы ирыцхраауеит.

„GREVIO ахьӡала, шәареи агендертә аиҟарареи, аҳәса рзы амчылареи, аҭаацәараҿы амчылареи азҵаарақәа рзы аус зуа аусбарҭабжьаратә комиссиа алахәылацәеи ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Қырҭтәыла GREVIO авизит армазеиреи иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны амҩаҧгареи азыҳәан. Имҩаҧгаз аиҧыларақәа аинтерес ду рыҵан, авизит аан агәыҧ алахәылацәа ироуз аинформациа ҳаҧхьаҟа русураҿы даараӡа ирыцхраауеит. Иара убас, ҭабуп ҳәа расҳәоит зыӡбахәы ҳәоу аиҧыларақәа ирылахәыз, здырреи зҧышәеи ҳадазгалаз Қырҭтәыла аиҳабыра егьырҭ ахаҭарнакцәагьы. GREVIO аҳасабырба армазеира аҳәаақәа ирҭагӡаны анеҩстәи ҳусеицура ҳахыццакуеит", - иануп Иоҳана Нелес лышәҟәы аҟны.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa