Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧ азы акандидат иалхра аҭагылазаашьақәа ирызку аинформациа аргама ицәыргоуп Print Version

2023-01-11

Қырҭәтыла аҧыза-министр 2022 шықәса ҧхынҷкәын 22 рзы иҟаиҵаз адҵа №289-и 2022 шықәса ҧхынҷкәын 30 рзы иҟаиҵаз адҵа №304-и ашьаҭала еиҿкааз Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧ азы акандидат иалхратә аконкурстә комиссиа аӡбарала, Антикоррупҵциатә биуро аиҳабы иалхратә конкурс аҽалархәра амзызла арзаҳалқәеи уи иацу адокументқәеи рыдыркылоит 2023 шықәса ажьырныҳәа 11 инаркны 25 налаҧхьаӡаны, Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рзы абиуро анапхгараҵаҟа иҟоу авеб-саит (www.hr.gov.ge) ала.
https://www.hr.gov.ge/JobProvider/UserOrgVaks/Details/75755?active=1

Аконкурс ихы алаирхәыр илшоит аӡбамҭа зқәымыз, иреиҳаӡоу аиуристтә аҵареи аиустициа асистема, азинхьчаратә органқәа, мамзаргьы, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара асхкы аҿы хәышықәса еиҵамкәа аусуратә ҧышәеи, иара убас, азанааҭтәи аморалтәи репутациа бзиеи змоу Қырҭтәыла атәылауаҩ.

Аконкурс мҩаҧгахоит 2 етапк рыла - арзаҳалқәа ралхреи аиҿцәажәареи.

Зыӡбахәы ҳәоу амаҵзураҭыҧ аанкыларазы акандидатцәа ахәшьара рыҭаны, азакәан инақәырәшаны, акомиссиа алахәылацәа ҩыџьа иреиҵамкәа акандидатцәа алхны, Қырҭтәыла аҧыза-министр идаргалоит. Аиҳабыра рнапхгаҩы, урҭ рҟынтә аӡәы далхны, Антикоррупциатә биуро анапхгаҩыс дҟаиҵоит.

Аконкурс аҽалархәра аҭагылазаашьақәа ирызку аинформациа, иара убас, иарбоуп акомиссиа аҧҟаҧҵаҿы.