Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәса рзы амчылара аҿагыларатә 16 мштәи акампаниа рхы аладырхәоит Print Version

2023-11-25

Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәса рзы амчылара аҿагыларатә 16 мштәи акампаниа рхы аладырхәоит. Акампаниа мҩаҧысуеит есышықәса, абҵара 25 инаркны ҧхынҷкәын 10-нӡа.

Аҳәса рзы агендертә мчылареи аҭаацәараҿы амчылареи аҿагылареи, амчылара апревенциеи, амчылара зхызгаз ауаа рыхьчареи Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла ари ахырхарҭала ақәҿиара дуқәа амоуп, арҭ ақәҿиарақәа акоординациа зызу амультисектортә азнеишьеи хықәкылатәи аполитика амҩаҧгареи иабзоуроуп.

2023 шықәса абҵара 8 рзы Еврокомиссиа ицәырнагаз аихшьаалатә аҳасабырбаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Қырҭтәыла агендертә мчыларазы аинституциатә ақәҿыҭра шыҟоу, аҳәынҭқарра амчылара афактқәа зегьы ишахәҭоу еиҧш ишрықәҿнаҭуа. Еврокомиссиа алахәылацәа ари апроцесс ахәшьара бзиа арҭеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аҳасабырбаҿы, иара убас, иарбоуп агендертә аиҟарареи, агендертә мчылареи, аҭаацәараҿы амчылареи азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәаз астратегиатә документқәеи азакәанқәеи. Урҭ иреиуп „Аҳәсеи, аҭынчреи, ашәарҭадареи ирызку ЕАР Ашәараҭадаратә хеилак арезолиуциақәа рынагӡареи" „Аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи иаҿагыло ақәҧареи амчылара зхызгаз ауааҧсыра (азарал зауз) рыхьчаразы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәеи ирызку" 2022-2024 шықәсқәа рзтәи амилаҭтә планқәеи агендертә аиҟарара аконцепциеи.

Қырҭтәыла аиҳабыра, жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцырхрааны, агендертә мчылара аҿагыларазы алҵшәа зхылҵша ашьаҿақәа рыҟаҵара нарыгӡоит.

Аҳәса рзы амчылара иаҿагыло 16 мштәи акампаниа адунеи зехьынџьара имҩаҧысуеит 1991 шықәса инаркны, абҵара 25 инаркны ҧхынҷкәын 10-нӡа. Ари акциа азгәарҭоит 187 аҳәынҭқаррақәа рҿы 5000 инареиҳаны аиҿкаарақәа. Акампаниа хықәкыс иамоуп аҳәса рзы амчылара апроблема иазкны ауаажәлар рдырра аиҕьтәра ала амчылара аҽацәыхьчара ацхраара.