Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла аҵыртыша афактқәа рмаҷра арбагала адунеиаҿ 13-тәи аҭыҧ ааннакылоит, Европа иреиҕьу жәа-ҳәынҭқаррак иреиуп

2024-01-22

 

Қырҭтәыла аҵыртыша афактқәа рмаҷра арбагала адунеиаҿ 13-тәи аҭыҧ ааннакылоит, Европа иреиҕьу жәа-ҳәынҭқаррак иреиуп; аиҳабыратә аилаӡарақәа раиураан аҧарала ахыхра аҟынтә ахақәиҭра аганахьала адунеиаҿ иреиҕьу тәылоуп.

Адунеи абанк аҭҵаара - хазхаҭалатәи асектори, уи иашьашәаланы, инеизакны аекономикатә азҳареи аҿиареи аҿы ароль ду назыгӡо абизнеслагылазаара аспектқәа рацәа рышьаҭала имҩаҧгоуп.

Қырҭтәыла аҵыхәтәаны ари аҭҵаара мҩаҧган 2023 шықәса мшаҧы инаркны 2023 шықәса цәыббра иналаҧхьаӡаны. Ари аамҭа иалагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ 592 еилахәырақәа рыҧшәмацәеи зранг ҳараку аменеџьерцәеи иразҵааит.

Аҭҵаарақәа раан иқәыргылан абизнеслагылазаареи аекономикеи рзы зҵакы дуу азҵаарақәа: аинфраструктура, адәныҟатәи ахәаахәҭра, афинансқәа, арегулиациақәа, ашәахтәқәа, абизнеслицензиақәа, акоррупциа, ацәгьауреи иформалым аекономикеи, афинансқәа раиура аманшәалара, аиновациақәа, аусуратә мчы, абизнеслагылазаара иаҧырхагоу афакторқәа.

2013 шықәсанӡа иҟаз адыррақәа рыла, Қырҭтәыла аҵыртыша агара афактқәа раларҵәара арбага 9.84% иаҟаран. Ари арбага 2023 шықәсатәи арбага аасҭа 10-нтә еицәан. 2013 шықәса инаркны аҭагылазаашьа аиҕьхара иалагеит, аҵыртыша агара афактқәа рырбага 1.43% иаҟарахеит. Зегьы иреиҕьу алҵшәа аарҧшын 2023 шықәсатәи аҭҵаараҿы, уаҟа аҵыртыша агара афактқәа рырбага 1%-нӡа илаҟәит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура