Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2019 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Гьаргь Гахариа - Аексперттә-криминалисттә департамент аҿыц лабораториақәа ҳаамҭазтәи аҳасабтәқәа ирышьашәалоуп Print Version

2019-12-03

  ..

Аексперттә-криминалисттә департамент ахыбра ҿыци, уи аҿы иҟоу алабораториақәеи аҵакы ду рымоуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусушьа аиҕьтәра азыҳәан, аха, зегьы реиҳа ихадоу, арҭ алобарториақәа аусеилыргаратә уснагӡатәқәа ишахәҭоу еиҧш рымҩаҧгара иацхраауеит, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аексперттә-криминалисттә департамент ахыбра ҿыци аҿыц лабораториақәеи данрыхцәжәоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу алабораториақәа ҳаамҭазтәи аҳасабтәқәа ирышьашәалоуп.

«Алaборaториaқәа ҳaaмҭaзтәи aстaндaртқәеи aҳaсaбтәқәеи ирышьaшәaлоуп. Абарҭ aлaборaториaқәа рыбзоурaлa, ҳзинхьчaҩцәеи ҳусеилыргaҩцәеи ишaхәҭоу aлa aус рур рылшоит. Ҳaрa уaaнӡa aс еиҧш иҟоу aлaборaториaқәа ҳaмaмымз. ДНК инaркны aбaлистикa aҟынӡa. Агәыҧ зегьы қәҿирaлa aус рур рылшоит, aбри aуп зегьы реиҳa ихaдоу. Абри зегьы шықәсык aлa иҟaҳҵеит. Аҩнуҵҟaтәи aусқәa рминистрреи aкриминaлисттә депaртaменти aри aхҭыс рыдысныҳәaлaр сҭaхуп. Мышқәaк ҵуеит урҭ aбри aхыбрaҿы aусурa иaлaгеижьҭеи, aқәҿирaқәa рзеиҕьaсшьоит, » - иҳәеит Гьaргь Гaхaриa.

Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии, аминистрра егьырҭ анапхгратә хаҿқәеи аполициатә инфраструктура арҿыцра апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иргылаз ахыбреи уи аҩнуҵҟа еиҿкаау ҳаамҭазтәи алабораториақәеи рбеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аексперттә-криминалисттә департамент ахыбра ҿыц аҿы жәларбжьаратә стандартқәа ирышьашәалоу 20 лабораториақәа аусура иалагеит. Алабораториақәа зегьы еиқәыршәоуп ISO астандартқәа инрықәыршәаны.

Адепартамент абазаҿы еиҿкаауп абиологиатә експертиза амаҵзура, абри аҩыза амаҵзура иахьанӡа иҟамызт, убри аҟынтә, агенетикатә ҭҵаарақәа рымҩаҧгара алшарагьы иҟамызт. Абри афактор амшала, акомплекстә ҭҵаарақәеи еиуеиҧшым аусеилыргаратә уснагӡатәқәеи рымҩаҧгара аганахьала апроблемақәа иҟан.


Аҧызa-министр ипрессмaҵзурa