Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак абҵара 28 инаркны амч зауа аҧкрақәа рынагӡара ахылаҧшреи ауааҧсыреи хазхаҭалатәи асектори рыцхраара апакет ҿыци иалацәажәеит Print Version

2020-11-27

  ..

Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак атәылауааи хазхаҭалатәи асектори рыцхраара апакет ҿыци, абҵара 28 асааҭ 00:00 инаркны амч зауа аҧкрақәа рынагӡара ахылаҧшреи иалацәажәеит.


Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала,

Абҵара 28 инаркны ажьырныҳәа 31 налаҧхьаӡаны:

атәыла зехьынџьара иқәиҭымуп:

асааҭ 21:00 инаркны 05:00-нӡа, шьапылагьы атранспорт алагьы аиҭаҵреи ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы аҟазаареи ҟалом;
Ашықәс Ҿыц аухаз - ҧхынҷкәын 31-еи Қьырса аухаз - ажьырныҳәа 6-еи ада;
еиҧҟьарадагьы ақалақьбжьаратә пассаџьыртә мҩангара, аихамҩалагьы. Амашьына ласқәеи атаксиқәеи ари аҧкра рыдкьыслом;
аресторанқәеи акрыфаратә обиектқәеи анагаратә сервис ахь иасуеит. Дара азин рымоуп: афатәаалыҵ анагара takeaway, «Деливери», «Драив».
афитнес-залқәеи абассеинқәеи русура; аконференциақәеи, атренингқәеи, акультуратәи агәырҿыхаратәи уснагӡатәқәеи рымҩаҧгара ҟалоит онлаин аформат мацарала;
аспорттәи, асахьаҭыхратәи, акультуратәи агәыҧқәа/студиақәа русура.

Ақалақь дуқәа рҿы - Қарҭи, Баҭыми, Қәҭешьи, Русҭавии, Гории, Ҧуҭии, Жәыргьыҭи, Ҭелавии, иара убас ашьха-шәаҩатә курортқәа рҿы - Бакуриании, Гудаурии, Годерӡии, Местиеи абарҭ аҧкрақәа амч рымазаауеит:

Қарҭи, Ҭелавии, Баҭыми, Қәҭешьи, Русҭавии, Гории, Ҧуҭи, Жәыргьыҭи амуниципалтә транспорт аусура;
ахәаахәҭратә обиектқәа (афатәаалыҵтәи аҟашәатәи адәқьанқәеи, аҧтекақәеи, аветеринартә аҧтекақәеи, абзазаратә химиеи агигиенеи адәқьанқәеи,) аус руеит анахаралатә режим мацарала;
ихту иара убас, иарку аџьармыкьақәа аус руам. Ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәа аусура нарыгӡоит;
ашколқәеи, азанааҭтә ҵараиурҭақәеи, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи (амедицинатә аҵара апрограммақәа рыда) анахаралатә усуратә режим ашҟа ииагоуп;
аҳәынҭқарратәгьы хазхаҭалатәгьы ахәыҷбаҳчақәа аусура иаҟәыҵуеит.



Иара убас, ашьха-шәаҩатә курортқәа рҿы:
асасааирҭақәа аусура рылшоит акарантинтә қәыҧшыларақәа раҳасаб мацарала; иара убас, ашәаҩатә трассақәеи ашахамҩақәеи аусура иаҟәыҵуеит.


Ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 2-нӡа аҧкрақәа рырмаҷра иалагоит:
атәыла зехьынџьара:

ахәаахәҭратә центрқәеи иаартуи иаркуи аџьармыкьақәеи аусура иалагоит;
амуниципалтәи, иара убас, ақалақьбжьаратәи атранспорт аусура еиҭалагоит.

Ажьырныҳәа 3 инаркны ажьырныҳәа 15-нӡа
атәыла зехьынџьара:

ирыларҳәоит аҧсшьарамшқәа;
абҵара 28 инаркны ҧхынҷкәын 24-нӡа ишьақәыргылаз аҧкрақәа зегьы еиҭашьақәгылазаауеит;
абанкқәеи астратегиатә ҵакы змоу аобиектқәа рыда, егьырҭ аусбарҭақәа зегьы аус руам.

Ажьырныҳәа 16 - Ажьырныҳәа 31
атәыла зехьынџьара:

амуниципалтә транспорти ақалақьбжьаратә транспорти, ахәаахәҭратә обиектқәеи иаартуи иаркуи аџьармыкьақәеи аусура еиҭалагоит (асабшеи амҽышеи рыда).
Асабши амҽышеи рзы ахәаахәҭратә обиектқәеи, аџьармыкьақәеи, атранспорти аус руам.


Зыӡбахә ҳәоу аамҭазы аҧкрақәа рыдкьыслом:

Егьи аекономикатә усурақәа зегьы, урҭ рыбжьара:


аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи аргылара - арҽеиратә усура;
абанктәи афинанстәи усура;
афатәаалыҵтәи аҟашәатәи адәқьанқәеи, аҧтекақәеи, аветеринартә аҧтекақәеи, абзазаратә химиеи агигиенеи адәқьанқәеи апресса аҿхышәқәеи русура;
аделивери аалыҵ анагара асервисқәеи;
аҽырҧшӡаратә салонқәеи аестетикатә медицинатә центрқәеи русура;
автотехмаҵзуреи атехникатә гәаҭара асервисқәеи;
абзазаратә техника арҽеиратә сервисқәа;
ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәа русура.


Амашьына ласқәа рыла (атаксиқәагьы нрылаҵаны) аиҭаҵра ҟалоит.

Иара убас, еилатёара аҿы Аиҳaбырa еиқәдыршәaз aнтикризистә плaн aҧшьбaтәи aетaп aҳәaaқәa ирҭaгӡaны aуaaҧсыреи aбизнеси ироуa aцхырaaрa иазааҭгылеит.

1. Атәылауаа реиҷаҳара - апрограмма азеиҧш биуџьет - 545 миллиaрд лaри. Ари aцхырaaрa рхы иaдырхәоит 500 000-ҩык иреиҳаны aуaaҧсырa (абарҭ ацифрақәа ирылам акоммуналтә шәахтәқәа ирзоушьҭу аҧара).

• Акоммуналтә харџьқәа аҧара рзоушьҭра - Ҧшьымз (абҵара инаркны жәабран иналаҧхьаӡаны) рыҩнуҵҟа акоммуналтә харџьқәа ( 200 киловатт/м3 ахархәара) аҧара рзоушьҭра. Инақәыршәаны ари ацхыраара рхы иадырхәоит 1 миллионк аҭаацәарақәа. Абиуџьет 270 миллион лари иаҟароуп;

• Аусурҭа зцәыӡыз ауааҧсыра 1200 лари ацхыраара рыҭара - аформалтә сектор аҿы аус зуа ауааҧсыра, дара аамҭала аусурҭа рцәыӡыр, фымз рыҩнуҵҟа есымза 200 лари ацхыраара роуеит 2021 шықәса ажьырныҳәа инаркны. Инақәырәшаны, ари ацхыраара рхы иадырхәоит 125 000ҩык ауааҧсыра. Абиуџьет - 150 миллион лари;

• 300 лари зныктәи ацхыраара - 300 лари зныктәи ацхыраара роуеит иацҵаны аҧкрақәа рышьақәыргылара амшала ҧхынҷкәыни ажьырныҳәеи рзы аусура иаҟәыҵыз аусбарҭақәа рҿы аус зуаз ауааҧсыра. Ари ацхыраара рхы иадырхәоит 100 нызқьҩык раҟара ауааҧсыра. Абиуџьет - 30 мимллион лари;

• 600 лари иаҟароу ацхыраара - 65 инаркны 100 нызқь аҟынӡа асоциалтә баллқәа змоу ауааҧсыра, ажьырныҳәа инаркны фымз рыҩнуҵҟа, есымза 100 лари ацхыраара роуеит ( аҭаацәара алахәылацәа рхыҧхьаӡара иахьыҧшны). Ари ацхыраара рхы иадырхәоит 72 нызқь раҟара аҭаацәарақәа ( 220 нызқьҩык раҟара ауааҧсыра), абиуџьет - 55 миллион лари;

• 600 лари иаҟароу ацхыраара - 0 инаркны 100 нызқь аҟынӡа абаллқәа змоу, 16 шықәса еиҳамкәа изхыҵуа хҩык иреиҳаны ахылҵ змоу аҭаацәарақәа фымз рыҩнуҵҟа есымза 100 лари ацхыраара роуеит (ажьырныҳәа инаркны рашәаранӡа). Ари ацхыраара рхы иадырхәоит 24 нызқь аҭаацәарақәа. Абиуџьет - 15 миллион лари;

• Зылшарақәа маҷу, 18 шықәсанӡа зхыҵуа ауааҧсыра фымз рыҩнуҵҟа 600 лари ацхыраара роуеит - есымза 100 лари. Ари ацхыраара рхы иадырхәоит 43 нызқьҩык ауааҧсыра. Абиуџьет - 27 миллион лари;

• Иара убас, ҧхынҷкәыни ажьырныҳәеи рзы аусура иаҟәыҵуа аобиектқәа рҿы аус зуа ауааҧсыра акредитқәа рхырҧаразы алшара рымазаауеит.

2. Абизнес ацхраара апакет - 515 миллион лари


• Ахашәалазы ашәахтә аҟынтә ахақәиҭтәра - 1500 лари еиҳамкәа аџьаусҧса змоу ауааҧсыра, ҧхынҷкәын инаркны 2021 шықәса лаҵаранаӡа, 750 лари аџьаусҧса азы ашәахтә ашәара рықәшәом. Ари ацхыраара рхы иадырхәоит: 33 нызқь аилахәырақәеи 425 нызқьҩык аусзуҩцәеи. Абиуџьет - 260 миллион лари.

• Атуристтә сектор амал азы ашәахтә аҟынтә ахақәиҭтәра - атуристтә сектор (асасааирҭақәеи, аресторанқәеи, ари аусура иалахәы иеиҭамҵуа амали) 2021 шықәсазы амал азы ашәахтә ашәара аҟынтә ихақәиҭзаауеит. Абиуџьет - 45 миллион лари;

• 2020 шықәсазы ҧшьымз рыла ихырҧоу ахашәала азы ашәахтә аҧыхра - атуристтә сектораҿы ҧшьымз рыла ихырҧаз хашәала азы ашәахтә иҧыххоит (асасааирҭақәеи аресторанқәеи, урҭ иреиҧшу аобиектқәеи) . Абиуџьет - 20 миллион лари;

• асасааирҭақәа абанкқәа рҿы ирымоу акредитқәа рнаӡынатә хәҭа аҧара азоушьҭра нагӡахоит, иара убас, аресторанқәагьы абанкқәа рҿы ирымоу акредитқәа рнаӡынатә хәҭазы фымз рыҩнуҵҟа аҧара рзоурышьҭуеит. Ари ацхыраара рхы иадырхәоит 3 700 раҟара аилахәырақәа;

• амикрогрантқәа рпрограмма - амикрогрантқәа рпрограмма ааглыхҩцәа ирызкуп, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, зқьы раҟара аҿыц бизнес-проектқәа аҧара рзоурыжьҭуеит ( 2020 шықәсатәи апрограмма). Абиуџьет - 40 миллион лари;

• акредит-агранттә фонд - 2021 шықәсазы Акредит-агранттә фонд активла аусура нанагӡоит, уи хазхаҭалатәи асектор иацхраауеит уажәтәи акредитқәа рреструктуризациеи, иара убас, аҿыц ресурсқәа раиуреи аҿы. Абиуџьет - 100 миллион лари;

• Ҧхынҷкәыни ажьырныҳәеи рзы зусура аанкылахо аилахәырақәа зегьы абанкттә кредитқәа рахырҧара рылшоит.

Инеизакны, апакет ҿыц абиуџьет 1.1 миллиард лари иаҟароуп.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, адунеи аҿы аекономикатә кризис инагӡоит, 2021 шықәса акырӡа иуадаҩхоит, убри аҟынтә, Қырҭтәыла аиҳабыра еиқәдыршәаз асоциалтә пакет абри аамҭа иалагӡаны зусура аанкылахо, зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху аилахәырақәеи аусурҭа зцәыӡуа ауааҧсыреи ирызкуп.
Иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбара рыдыркылеит актәи ахаҭабзиара змоу ачашыла аҧара азоушьҭра иазкны, убри абзоурала, ача ахә ацлом.
Апрограмма ҧшьымз инагӡахоит, хәажәкыра 31-нӡа. Аиҳабыра жәларбжьаратәи аџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа иацклаҧшны, зыӡбахәы ҳәоу аамҭа аниаслак, аглобалтә џьармыкьаҿы ачашыла ахә инақәыршәаны аӡбарақәа рыдыркылоит. Аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи аминистр Леван Давиҭашвили ишиҳәаз ала, атәылаҿы ачашыла аҭаҵәах иҟоуп, ари аганахьала апроблема ҟалом. Аиҳабыра рыӡбара ала, 50 кьыла иакапануа актәи ахаҭабзиара ачашыла ааҵәак 53 лари иаҧсоуп, аҳәынҭқарра 50 кьыла иакапануа ааҵәак ачашыла иазоурышьҭуеит 10 лари еиҳамкәа. Ари апрограмма абиуџьет 10 миллион лари иаҟароуп. Иара убас, Акоординациатә хеилак аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, атәыла авирус аларҵәара ашыкьамҭа иҭагылеит, уажәазы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьоуп, аха, уи ахылаҧшра ауеит. Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан авирус аларҵәара апревенциазы асабрадақәа рныҟәгареи асоциалтә дистанциа ахьчареи ҵакыс иамоу. Иашьашәалоу аусбарҭақәа абарҭ аҧкрақәа зегьы рынагӡаразы ахылаҧшра дырҕәҕәоит.
Акоронавирус раҧхьатәи афакт анаадырҧшы инаркны иахьанӡа, атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 123 470-ҩык, урҭ рҟынтә 102 270-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 1161-ҩык иҧсит.
Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 2114-ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы - 3863-ҩык атәылауаа, астационар аҿы ишьҭоуп - 6251-ҩык апациентцәа.
Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa