Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ирыдиҵеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа амшала ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡаразы ахылаҧшра дырҕәҕәарц Print Version

2020-11-30

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ирыдиҵеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа амшала ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡара ҕәҕәала иахылаҧшырц.

Авидеоконференциа аан, аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аҧкрақәа рырџьбара аепидемиа аларҵәара аанкылара ауп изызку, ишьақәыргылоу аҧкрақәа алҵшәа рхылҵырц азыҳәан, урҭ ишахәҭоу еиҧш инагӡатәуп.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит иашьашәалоу аусбарҭақәа аҧкрақәа рынагӡара амониторинг амҩаҧгараҿы ирыцхраарц, иара убас, ахәаахәҭратә обиектқәа аусура ахьынарыгӡо амуниципалитетқәа рҿы асабрадақәа рныҟәгареи асоциалтә дистанциа ахьчареи аҧҟара анагӡара ҕәҕәала иахылаҧшырц.

Аҧыза-министр аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа данрацәажәоз, арегионқәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьагьы дазааҭгылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы инарҭбау аинформациа иоуит арегион цыҧхьаӡа аҿы акоронавирус афактқәа рацлара инақәыршәаны авирус ахылаҧшра апроцесс аҿы иацҵаны аклиникақәа рылахәызаареи, иара убас, аковид-сасааирҭақәа реиҿкааразы имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи ирызкны. Аиҳабыра рнапхгаҩы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит арегионқәа рҿы агоспитальтә сектор аусура иацхраарц, астационарқәа рҿы аиарҭаҭыҧқәа рдефицит апревенциа амзызла имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа активла рхы рыладырхәырц.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр, арегионқәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазку аинформациа аиуреи, иара убас, акоронавирус ахылаҧшра апроцесс аҿы ицәырҵыз апроблемақәа оперативла рыӡбареи амзызла, аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа еиҧҟьарада дырҧылоит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa