Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Акоординациатә хеилак аӡбара ала, ҩымзтәи аҧкрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, иалагоит аинтенсивтә тестирра апрограмма – атәылаҿы ҽнакала 20 нызқь атестқәа ҟарҵоит; Қырҭтәыла атәылауаа рзы атәылашҟа аара аҧҟара рыҧсахит Print Version

2020-12-02

  ..

Акоронавирус ахылаҧшра апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа рплан инақәыршәаны, атәыла зехьынџьара аинтенсивтә тестирра апрограмма иалагоит, иара убас, авакцинациа апроцесс азы аҽазыҟаҵареи аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагак амамкәа амҩаҧгареи амзызла, Аҧыза-министр идҵала, еиҿкаауп аусуратә гәыҧ ҷыда; Қырҭтәыла атәылауаа рзы атәылашҟа аара аҧҟара рыҧсахит, - абарҭ аӡбарақәа рыдыркылеит акоронавирус аларҵәара иадҳәаланы иаҧҵаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аилатәара анапхгара азиуит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аҳәынҭқарра, ҽнакала, инақәыршәаны, 20 000 тестқәа рыҟаҵара еиқәнаршәоит, уи иацлоит хазхаҭалатәи алабораториақәа рырбагақәагьы. Аамҭакала, ҷыдала идырҭбаауеит антиген ашьаҭа ала атестқәа рхархәарагьы, урҭ рыла аҭак аиура ҟалоит 20 минуҭ рыҩнуҵҟала.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьыцәгьахаз аҟынтә, есымша иаҳа-иаҳа ирацәаны атестқәа рыҟаҵара абзоурала, акоронавирус ҿызкааз ауаа ирласӡаны раарҧшра рылшоит, убри ала авирус аларҵәара аласра армаҷреи излауа ала аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи рылшап ҳәа игәыҕуеит. Зыӡбахәы ҳәоу ауснагӡатә хықәкыс иамоуп усҟаҟ зҭагылазашьа цәгьам апациентцәа аҽыҧхьакраҿы рыҟазаара аиқәыршәареи, амедицинатә хылаҧшра зҭаху апациентцәа аковидсасааирҭақәа рышҟа рдәықәҵареи, зҭагылазаашьа цәгьоу, амедицинатә хылаҧшра ҷыда зҭаху апациентцәа ахәышәтәырҭақәа рахь рнагареи.

Абри ахықәкы анагӡаразы, Аҧыза-министр идҵала, ҩымз рыҩнуҵҟа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы арежим ҷыда аҿы аусура нарыгӡоит.

Иара убас, ахеилак аӡбара ала, Қырҭтәыла атәылауаа рзы атәылашҟа аара аҧҟара рыҧсахит, лымкаала, атәылашҟа иаауа атәылауаҩ PCR атест иҵоурам аҭак имамзар, акарантин ашҟа ддәықәырҵом, иара 12мшы аҽыҧхьакраҿы аҟазаара иқәшәоит. 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз PCR атест иҵоурам аҭак змоу атәылауаа 8 мшы хымҧада аҽыҧхьакраҿы иҟазароуп.
Аҽыҧхьакра алшара змам атәылауаа аҳәынҭқарра ала еиқәыршәазаауеит иашьашәалоу акарантинтә сасааирҭақәа рыла.

Иара убас, аилатәараҿы авакцинациа апроцесс азы аҽазыҟаҵаратә усурақәа шымҩаҧысуа иалацәажәеит. Аҧыза-министр идҵала, апроцесс лҵшәарала амҩаҧгара амзызла, еиҿкаауп аусуратә гәыҧ ҷыда, уи иалоуп иашьашәалоу аусбарҭақәа зегьы рҭахаҭрнакцәа. Абри апроцесс иаҵанакуеит иаамҭаны авакцинақәа раагареи, аинфраструктуратәи алогистикатәи ганахьала заанаҵтәи аусурақәа зегьы рымҩаҧгареи.

Ачымзарақәа рхылаҧшреи ауаажәларратә гәабзиареи амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, авакцинациа иадҳәаланы, COVAX аплатформаҟны активла аусура мҩаҧысуеит, иара убас, Аҧыза-министр идҵала, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу ахаҭарнакрақәеи рылахәызаара ала, хазхаҭалатәи ааглыхҩцәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит.

Иара убас, аилатәараҿы ирылацәажәеит ахәышәтәырҭақәа рҿы аиарҭаҭыҧқәа рганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи, иацҵаны аиарҭаҭыҧқәа реиқәыршәаразы имҩаҧырго ауснагӡатәқәеи.
Уи адагьы, аиҳабыра рнапхгаҩы идҵала, ҩымзтәи аҧкрақәа рынагӡара ахылаҧшра иаҳа иҕәҕәахоит. Аҧкрақәа рынагӡара ахылаҧшразы имҩаҧгоу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри Аџьаус аҭагылазаашьақәа рхылаҧшра адепартамент аиҳаби.

Атәылаҿы акоронавирус раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанӡа, акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 143 376-ҩык, урҭ рҟынтә 121 621-ҩык ачымзара иалҵхьеит, 1342-ҩык иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 1980-ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы - 3798-ҩык, астационарқәа рҿы - 6397-ҩык ауааҧсыра.

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.