Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аинтенсивтә тестирра апрограмма иаҳа арҭбаареи аковид-сасааирҭақәа рҿы атерапиатә елемент арҕәҕәара алҵшәақәеи ирылацәажәеит Print Version

2020-12-08

  ..

Аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа ҩымзтәи рплан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аинтенсивтә тестирра апрограмма иаҳа арҭбаареи, аковид-сасааирҭақәа рҿы атерапиатә елемент арҕәҕәара алҵшәақәеи, аҧкрақәа рынагӡара апроцесси ирылацәажәеит Аҧыза-министр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аинтенсивтә тестирра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵан 16 646 тестқәа, урҭ рҟынтә 11 400 тестқәа антиген ашьаҭала, егьырҭ 5 246 PCR тестқәа ракәын. Атестқәа рыҟаҵара иалҵшәаны атәылаҿы акоронавирус 4 673 афакт ҿыцқәа аарҧшын. Аинтенсивтә тестирра апрограмма иаҳа иҭбаахоит, ҳазну амчыбжь азы есымша 20 нызқь раҟара атестқәа рыҟаҵара иалагоит. Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит авирус азы иҟазшьарбагоу асимптомқәа рызцәырҵыр, аҳәынҭқарра ахарџьла атестқәа рыҟаҵара ахьыҟало амедицинатә усбарҭақәа ирыдҵааларц. Қырҭтәыла абри аҩыза 230 иреиҳаны амедицинатә усбарҭақәа иҟоуп.

Арегионқәа инрықәыршәаны, атәылауаа урҭ реиқәыҧхьаӡа рбар рылшоит абри аелектронтә ҭыӡҭыҧ аҿы - https://stopcov.ge/ka/klinikebi.

Ахеилак алахәылацәа аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагак амамкәа амҩаҧгара амзызла, Аҧыза-министр идҵала еиҿкааз аусуратә гәыҧ ҷыда аусура алҵшәақәагьы ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, авакцинациа апроцесс азы аҽазыҟаҵара ала иазҧхьагәаҭоу аусурақәа зегьы активла инагӡоит. Иара убас, COVAX аплатформа инаваргыланы, аиҳабыра, адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи рылахәызаара ала, жәларбжьаратәи партниорцәеи авакцина ҟазҵо аилахәырақәеи рҟны интенсивла аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит.

Иара убас, ахеилак алахәылацәа агоспитальтә сектор аҿы аиарҭаҭыҧқәа рыҟазаара аганахьала аҭагылазаашьеи иацҵаны аиарҭаҭыҧқәеи амедицинатә аибыҭареи реиқәыршәаразы имҩаҧысуа ауснагӡатәқәеи ирылацәажәеит. Ҷыдала иазгәаҭан аковид-сасааирҭақәа рроль, уаҟа, Аҧыза-министр идҵала, атерапиатә елемент ирҕәҕәоуп, аҵәыҵәри ала аиқәыршәара аганахьала апроблемақәа иҟам. Иара убас, аковид-сасааирҭақәа ирхылаҧшуеит иашьашәалоу аклиникақәа, уи абзоурала, аковид-сасааирҭақәа рҿы ишьҭоу апациентцәа еиҧҟьарада аҳақьымцәа рхылаҧшра аҵаҟа иҟоуп.

Ахеилак алахәылацәа адунеи аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьагьы иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, адунеи аҿы акоронавирус ҿыркаахьеит 68 миллионҩык иреиҳаны ауааҧсыра. Аилатәараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәеи абжьагарақәеи рынагӡара аҵакы - урҭ рыбжьара, асоциалтә дистанциа ахьчареи асабрадақәа рныҟәгареи.

Ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри Аџьаус аҭагылазаашьақәа ргәаҭара адепартамент аиҳаби, лымкаала: азинчаҩцәа имҩаҧыргаз амониторинг иалҵшәаны, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәыла зехьынџьара арегулиациақәа реилагара 705 фактқәа аарҧшын. Аполициа аусзуҩцәа аҽыҧхьакра ма акарантин аҧҟара аилагаразы 106 афизикатә хаҿқәа ахараҧса рықәырҵеит, урҭ иреиуп асааҭ 21:00 инаркны 05:00-нӡа аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра еилазгаз ауааҧсырагьы. Уи адагьы, асабрада аныҟәгара аҧҟара аилагаразы, 24 сааҭ рыҩнуҵҟала 599ҩык афизикатә хаҿқәа ахараҧса рықәырҵеит.

Қырҭтәыла Аџьаус аҭагылазаашьақәа ргәаҭара амаҵзуреи, Афатәаалыҵ амилаҭтә агентреи, амуниципалтә хылаҧшратә маҵзурақәеи еицымҩаҧыргаз амониторинг иалҵшәаны, аҵыхәәтантәи 24 сааҭ рыла 603 обиектқәа ҿырҳәала агәҽанҵара рыҭан; аҩырала агәҽанҵара роуит 423 обиектқәа, 180 обиектқәа русура аанкылоуп. Уи адагьы, аҩынтәраан игәаҭоуп 192 обиектқәа, уажәазы урҭ аҧҟарақәа зегьы нарыгӡоит. Ҧхынҷкәын 1-7 рзы аханатә игәаҭаз 3 228 обиектқәа рызынтәгьы онлаин-маҵзурашҟа ииасит, ма иҳәаақәҵоу аҳәарақәа зегьы нарыгӡоит.

Атәылаҿы акоронавирус раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанӡа, авирус ҿыркааит 169 649-ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 141 392-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 1576-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 1186-ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы - 3759-ҩык, астационар аҿы - 6829-ҩык ауааҧсыра.

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa