Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр акоронавирус ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы, аклиникатә сасааирҭақәа иаҳа еиҕьны рхархәаразы атерапиатә елементә арҕәҕәареи ареанимациатә аиарҭатә фонд амобилизациеи иазкны драцәажәеит Print Version

2020-12-08

  ..

Қырҭтәыла аепидеиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Covid-19 ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа дырҧылеит. Аиҧылара лхы алалырхәит агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе.

Иахьатәи аиҧылараҿы аиҳабыра рнапхгаҩи аклиникақәа рнапхгаҩцеи аклиникатә сасааирҭақәа иаҳа еиҕьны рхархәаразы атерапиатә елемент арҕәҕәареи ареанимациатә аиарҭатә фонд амобилизациеи иалацәажәеит.

Хшыҩзышьҭра ҷыда азун аиҳабыра ҩымзтәи рплан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аинтенсивтә тестирра апрограмма, уи авирус ҿызкааз ауаа ирласӡаны адиагностика рзымҩаҧгареи, уи атерапиатә елементә арҕәҕәареи, ареанимациатә аиарҭатә фонд амобилизациеи, авирус аларҵәара аласра армаҷреи иацхраауеит. Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан апревенциатә уснагӡатә ҳасабала уажәгьы аҵакы ду шамоу асабрадақәа рныҟәгареи асоциалтә дистанциа ахьчареи.

Иара убас, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан ҷыдала зҭагылазаашьа цәгьоу, амедицинатә цхыраара ҷыда зҭаху апациентцәа ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧ рымазарц азыҳәан агоспитальтә сектор имцхәны арҭәра апревенциа аҵакы. Аиҧылараҿы аклиникақәа рнапхгаҩцәа ишырҳәаз ала, уаанӡатәи аиҧыларақәа рҿы излацәажәаз аплан инақәыршәаны, атерапиеи ареанимациеи аҟәшақәа рҟны иҵегьы аиарҭақәа ҭадырцәит, ари ахырхарҭала активла аусура нарыгӡоит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ахәышәтәырҭақәа рышҟа инагатәуп зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа мацара. Усҟак зҭагылазаашьа цәгьам апациентцәа аҭаацәаратә ҳақьым ихылаҧшра ала аҩны, ма аковид-сасааирҭақәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит. Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, агәабзиаарахьчара аминистрра активтә алахәызаара ала, аҵәыҵәри ала аиқәыршәара аганахьала иҟаз апроблемақәа зегьы иӡбоуп. Иара убас, аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, аиҳабыреи хазхаҭалатәи асектори русеицура абзоурала, алостикатә ганахьала иҟаз ауадаҩрақәагьы ҧырхуп.

Аклиникақәа рнапхгаҩцәа ишазгәарҭаз ала, уажәазы, Қырҭтәыла, авирус ахылаҧшра апроцесс аиҿкаара аганахьала, иреиҕьу европатәи атәылақәа иреицәам. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит агоспитальтә сектор аҿы аусура ибзианы ишеиҿкаау. Иара убри азыҳәан амедикцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, уи ахылаҧшра ҟалоит. Уажәазы атәылаҿы 27 нызқь активтә фактқәа иҟоуп. Амедикцәа ишырҳәаз ала, ҧасеиҧш уажәгьы, хшыҩзышьҭра ҷыда рымоуп ҷыдала зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит авице-аҧыза, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр Маиа Цқьитишвилии Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау аоперативтә штаб анапхгаҩы Алеқсандр Хоџьеванишвилии.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa