Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Ангела Меркель Гьаргь Гахариа Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит Print Version

2020-12-30

Ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ашьаҭа бзиа ҳарҭоит ҳаҧхьаҟа ҳаиҳабырақәеи ҳажәларқәеи реизыҟазаашьақәа рырҭбааразы, - илҩит Германтәыла аканцлер аофициалтә шәҟәы аҟны. Ангела Меркель Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла Аҧыза-министр иалхра идиныҳәалеит.

Ангела Меркель ишазгәалҭаз ала, Германтәыла ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла иацхраауеит азинтә ҳәынҭқарреи адемократиатә структурақәеи рҿиараҿы.

„Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, ишәыдысныҳәалоит Аҧыза-министрс аҩынтәраан шәалхра. Ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ашьаҭа бзиа ҳарҭоит ҳаҧхьаҟа ҳаиҳабырақәеи ҳажәларқәеи реизыҟазаашьақәа рырҭбааразы. Германтәыла ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла иацхраауеит азинтә ҳәынҭқарреи адемократиатә структурақәеи рҿиараҿы.

Ауадаҩрақәа анырацәоу абри иуадаҩу аамҭазы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит аҭакҧхықәра ду зцу шәмаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараҿы", - иануп аофициалтә шәҟәы аҟны.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa