Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Филип Рикер Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит Аҧыза-министр аҩынтәраан иалхра Print Version

2020-12-30

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ лхаҭыҧуаҩ Филип Рикер Гьаргь Гахариа Аҧыза-министр аҩынтәраан иалхра идныҳәаланы, иаҵшьны иазгәеиҭеит атәылақәа рпартниорра арҭбаара дшақәгәыҕуа. Қырҭтәыла Аҧыза министр Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ лхаҭыҧуаҩи ҭелла еицәажәеит.

Гьарь Гахариа Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ лхаҭыҧуаҩ ҭабуп ҳәа иеиҳәеит 2021 шықәсатәи Америка абиуџьет аҿы Қырҭтәылазы 132 миллион адоллар ацхыраара азҧхьагәаҭаразы.

Аиҿцәажәара аан хшыҩзышьҭра рызун астратегиатә партниорра иаҵанакәа ахадаратә хырхарҭақәа. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала иазгәарҭеит атәылахьчареи ашәарҭадареи ахырхарҭала аусеицура арҕәҕәара ахымҧадара. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, аганқәа адемократизациеи азакәан аиҳаӡареи ахырхарҭалагьы хымҧада аусеицура дырҭбаароуп.

Аҧыза-министр америкатә ган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи атерриториатә акзаареи адгылареи азыҳәан. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, астратегиатә партниорра арҕәҕәара амзызла администрациа ҽыц аус рыцура дазыхиоуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa