Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2020 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2020 шықәсa ԥхынҷкәын 3 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2020-12-03

Қырҭтәылa Аҧызa-министр Гьaргь Гaхaриa инaпхгaрaлa, aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы aиҳaбырa реилaтәaрa мҩaҧысит. Аминистрцәa aмш aусхәaҧштә aлa иaзыҧхьaгәaҭaз 8 зҵaaрaк ирылaцәaжәеит.

Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра реилатәараҿы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит


Ишыжәдыруа ала, ҳара апарламент иадаагалеит 2021 шықәсатәи абиуџьет, абри адокумент аҵакы ҷыда амоуп. Абри адокумент инақәыршәаны 2021 шықәсазы анхара ҳақәшәоит, шықәсык ашьҭахь атәылаҿы аҭагылазаашьа ҳәаақәызҵо афинанстә документуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Гьаргь Гахариа иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, абиуџьет абаланс азуп, уи апандемиа аҿагылареи, ауааҧсыреи абизнеси асоциалтә цхыраара рыҭареи, акризис анеҩстәи аиҭашьақәыргыларазы аекономика армазеиреи иазкуп.
«Абиуџьет аиқәыршәара апроцесс иалахәын Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд. Абиуџьет абаланс азуп, уи апандемиа аҿагылареи, ауааҧсыреи абизнеси асоциалтә цхыраара рыҭареи, акризис анеҩстәи аиҭашьақәыргыларазы аекономика армазеиреи иазкуп. Адокумент аҿы иарбоуп акризис аан апандемиеи аекономикатә кризиси аҿагыларазы иаҭаху акомпонентқәа зегьы. Ишыжәдыруа ала, ҳара атәылауааи абизнеси хықәкыла рыцхраара шынаҳагӡо ааҳацҳаит, абизнес ацхраара 4-тәи аетап 1 миллиард 420 миллион абиуџьет амоуп, абри аҧара аҟынтә 2020 шықәсазы иазҧхьагәаҭоуп 280 миллион, егьи 1 миллиардки 140 миллиони иазҧхьагәаҭоуп 2021 шықәсазы. Абри аҧарала, раҧхьа иргыланы, агәабзиарахьчаратә сектор ҳацхраароуп, ари аус азы анеҩстәи ашықәс абиуџьет аҿгьы 450 миллион лари иазҧхьагәаҭоуп, ари аҧара аиҳара акоронавирус аҟынтә ауаа рхәышәтәреи, атестқәеи, авакцинациазы аҽазыҟаҵареи, авакцинақәа раахәареи, авакцинациеи, авирус аларҵәара апревенциеи иазкызаауеит.
Атәылауаа хықәкыла рыцхрааразы абиуџьет ҿыц аҿы иазҧхьагәаҭоуп 540 миллион лари, абизнес ацхрааразы - 430 миллион лари,"- иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.
Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, иахьа инаркны Ахашәалахәтә маҵзураҿы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аамҭала ахашәалахә зцәыӡыз ауааҧсыреи аилахәырақәеи (ашәҟәы иҭагалам, зхала аус зуа), Ашықәс ҿыц ҳҭагылаанӡа ацхыраара роурц азыҳәан, иаамҭаны арзаҳал хадырҭәаароуп.
„Ишыжәдыруа ала, ҩымзтәи аҧкрақәа рымшала аамҭала аусурҭа зцәыӡыз ҳтәылаауаа зныктәи асоциалтә цхыраара рыҭаразы, иахьа инаркны, арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп ауаа Ашықәс Ҿыц ҳҭагылаанӡа ацхыраара роурц, афинансқәа рминистрра иашьашәалоу адҵа аиухьеит. Аха, атәылауаа, ари ацхыраара роурц азыҳәан, иаамҭаны, иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдҵаалароуп. Иара убас, иааиуа ашықәс абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп атәанчахә аизырҳарагьы, ҳтәанчуаа алхрақәак индыркны даҽа алхрақәак рҟынӡа атәанчахә азҳара азыҧшра рықәшәом. Уи адагьы, акрызҵазкәа аресурсқәа иазҧхьагәаҭоуп ахҵәацәа рзы анхарҭақәа рыргыларазы, ари аус иазоушьҭуп 103 миллион лари. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, акризис аангьы анфраструктуратә проектқәа рфинансыркра азҳауеит, убри иашьашәаланы, иазҳауеит Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистрра афинансыркрагьы, иааиуа ашықәс азы ари аминистрра 4 миллиардк лари ала еиҳаны аҧара аиуеит. Иара убас, аҵара аминистрреи, ақыҭанхамҩа аминистрреи,аекономика аминистрреи уҳәа, акризис анеҩс аекономика аиҭашьақәыргылара иалахәхәо аминистррақәа зегьы рфинансыркра ацлоит.
Абиуџьет - атәыла афинанстә документ хадоуп, апарламент аҿы уи алацәажәара ҳалагароуп, убри аҟынтә, Қырҭтәыла атәылауаа агәрагара ззаадырҧшыз, абри аҩыза адокументқәа рыдкылара знапы ианырҵаз аполитикатә мчқәа зегьы ари апроцесс иалахәызароуп, ари азҵаара аҵакы ду амоуп. Абасҵәҟьа иҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит, Ашықәс ҿыц ҳҭагылаанӡа абри абиуџьет иадҳәаланы аинтересс зҵоу, иџьбароуп адискуссиақәа рымҩаҧгара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит,"- иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.
Иара аинтенсивтә тестирра аграфик ҿыцгьы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, хара имгакәа, есымша атәылаҿы иҟарҵо атестқәа рхыҧхьаӡара 20 000 аҟынӡа ишьҭыҵуеит.
«Ҳара хықәкылатәи икылкаау аҧкрақәа ҩымзтәи аплан анагӡара ҳалагеит, уи атәылаҿы авирус аларҵәара аласра еиҵнатәароуп. Аамҭакала, ҳара аинтенсивтә тестирра аграфик ҿыц шьақәҳаргылеит, иацы ари аграфик анагӡара ҳалагеит, хара имгакәа, есымша атәылаҿы иҟарҵо атестқәа рхыҧхьаӡара 20 000 аҟынӡа ишьҭыҵуеит. Арҭ апроцессқәа еицтәараны имҩаҧысуеит, аепидемиа аларҵәара аҩаӡара аарҧшраҿы иҳацхраауеит. Атәылауаа аҳәынҭқарра ахарџьла атест ҟарҵар рылшоит, есымша 20 000 раҟара атестқәа ҟаҳҵоит, иара убас, акоммерциатә секторгьы атестирра мҩаҧнагоит. Абри ашьаҿа аконкреттә хықәкы амоуп - ҩымзтәи аҧкрақәа излауа ала алҵшәа бзиа рхылҵроуп, ҳара ирласӡаны ачымазаҩцәа аарҧшны, иҧхьакны, рхәышәтәра ҳалшароуп, ҩымз рышьҭахь, жәабран алагамҭазы, атәыла абжьааҧнытә ҧсҭазаарала анхара нанагӡарцаз», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Акоронавирус даналацәажәоз Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, авакцинациа аплан аиқәыршәареи авакцинақәа раахәареи азыҳәан, Аусбарҭабжьаратә гәыҧ ҷыда еиҿкаауп.
„Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла COVAX аплатфома иалахәып. Қырҭтәылаҟа иаамҭаны авакцина аагаразы аҧара ашәара ҳақәшәоит. Сара зыӡбахәы сҳәаз Аусбарҭабжьаратә комиссиа, авакцинациа апроцесс қәҿиарала амҩаҧгаразы, иаамҭаны авакциана аагара еиқәнаршәароуп", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.
Иара иажәақәа рыла, авирус аларҵәара аласра армаҷразы, ауаа зегьы азакәани ишьақәыргылоу аҧкрақәеи ирықәныҟәароуп.
„Ҳара ҳазынтәгьы иазҧхьагәаҳҭароуп ҩымзтәи аплани аинтенсивтә тестирреи авирус аларҵәара аласра аиҵатәразы ишымҩаҧааго. Ҳәарада, ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ҩымз рыла авирус аларҵәара аанкылара шҳалымшо, аха, иахьазы, ҳара авирус аларҵәара аласра аиҵатәра ауп хықәкыс иҳамоу, убри аҟынтә, ҳара ҳазынтәгьы азакәани ишьақәыргылоу аҧкрақәеи ҳрықәныҟәароуп, ҳхы ҳахьчарцаз, зықәрахь инеихьоу ҳуааҧсыра ҳахьчарцаз, хымҧада уи ҟаҳҵароуп. Ҳәарада, атәылаҿы аӡәгьы ахаангьы агәаанагара аарҧшра ахақәиҭреи ажәа ахақәеиҭреи зылаирҟәом, аха, иахьазы азакәани, аепидемиологцәеи, аҳақьымцәеи иҳзықәдыргылаз аҳәарақәа рынагӡара усҟак иуадаҩым. Ҳара ажәа ахақәиҭра ахьчарагьы, аамҭакала аелементартә ҧҟарақәа рықәныҟәарагьы ҳалшоит. Асабрадақәа рныҟәгара уадаҩым, ауааҧсыра зегьы абарҭ аҧҟарақәа ирықәныҟәароуп, сара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа срыҳәар сҭахуп аиҳабыреи, аепидемиологцәеи, аҳақьымцәеи ишьақәдыргылаз аҧкрақәа, ажәа ахақәиҭра еилазымго аҧҟарақәа рынагӡара апроцесс ҕәҕәала иахылаҧшырц. Раҧхьа иргыланы, абри ауп ҳтәылауаа рахь аҳәарас иҳамоу, ҳара ауаа ргәабзиара ҳахьчароуп, авирус аларҵәара аласра аанаҳкылароуп", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.
Иара убас, Гьаргь Гахариа адәныҟатәи аусқәа рминистр НАТО аминистериал аҿы қәҿиарала алахәызаара идныҳәаланы, ҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Иара ишиҳәаз ала, аминистериал аҿы Қырҭтәылазы зҵакы дуу аҳәамҭақәа ҟаҵан.
«Ҳәарада, зегьы реиҳа аҵакы дууп НАТО иаарту ашәқәа аполитика анагӡара иазкны иҟаҵаз аҳәамҭа, ҳтәылазы уи аҵакы ду амоуп. Сара адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи Аҩадаатлантикатә алианс ашҟа ҳтәыла аинтеграциа арҭбаареи иахьадгыло азыҳәан. Дара апрактикатә шьаҿақәеи апланқәеи рыла Қырҭтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара иацхраауеит. Ишыжәдыруа ала, ҳара ҳзы уи иаҵанакәа рацәоуп. Уи алагьы иубарҭоуп ҳпартниорцәеи аҩызарала иаҳзыҟоу атәылақәеи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа ииашаны ишахәаҧшуа, Қырҭтәыла ишадгыло», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa