Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2020 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2020 шықәсa ԥхынҷкәын 17 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2020-12-17

Қырҭтәылa Аҧызa-министр Гьaргь Гaхaриa инaпхгaрaлa, aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы aиҳaбырa реилaтәaрa мҩaҧысит. Аминистрцәa aмш aусхәaҧштә aлa иaзыҧхьaгәaҭaз 5 зҵaaрaк ирылaцәaжәеит.

Аҧыза-министр аиҳабыра реилатәараҿы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит

«Абҵара 28 рзы аҧкрақәа шьақәҳаргылеижьҭеи 20 мшы ҵит. Иахьа иаартны иаҳҳәар ҳалшоит, атестирра апроцесс шҳарҭбаазгьы авирус ҿызкаауа ауаа рхыҧхьаӡа иҭышәынтәалоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи амзақәа рыҩнуҵҟа раҧхьаӡа акәны, 17 000 иреиҳаны атестқәа шыҟаҵоугьы, акоронавирус афакт ҿыцқәа рхыҧхьаӡара 3 000 еиҵуп, аха ари алҵшәа уақәгәыҕцәар ҟалом.

«Ари аҭагылазаашьа агәыҕра ҳнаҭоит, аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, ҳара ҷыдала ҳгәы ҳҽанызароуп, избанзар уи раҧхьатәи алҵшәоуп, авирус аларҵәара аанкылатәуп ҳәа анаҳҳәоз абри акәын хықәкыс иҳамаз, ҳара уи ҳалшеит. Аха, иахьа Европа имҩаҧысуа апроцессқәа иазҧхьагәаҳҭароуп. Уаҟа, авирус аларҵәара аганахьала есымша аҿыц рекордқәа шьақәдыргылоит. Европатәи атәылақәа аҧкрақәа рырџьбара иаҿуп, урҭ рыгәҭа, Ашықәс Ҿыцтәи аҧкрақәагьы. Ҳаҧхьаҟа иҟаҳҵо ашьаҿақәа зегьы цқьа ҳрызхәыцны иҟаҳҵароуп, иахьазы иҳамоу алҵшәа ахьчаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп, раҧхьа иргыланы, зықәрахь инеихьоу ҳуааҧсыра ҳреиҷаҳароуп. Рыцҳарас иҟалаз, иахьазы Европа аҧсҭбара арекордқәа рышьақәыргылара иаҿуп, аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь аҧсҭбара аганахьала зеиҧшҟамлац ала аҭагылазаашьа цәгьоуп. Раҧхьа иргыланы, ҳара зықәрахь инеихьоу ҳуааҧсыра ҳрызхәыцроуп. Аҳәынҭқаррагьы хазхаҭалатәи асекторгьы, абизнесменцәагьы убри азыҳәан аҭак рыҧхықәуп, ҳара ҳгәы ҳҽанызароуп, ҷыдала Ашықәс Ҿыц аныҳәамшқәа раан », - иҳәеит аиҳабыра рнапхҩаы.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, Ашықәс Ҿыцтәи ауснагӡатәқәа инарҭбааны рымҩаҧгара ҟалом, ауааҧсыра зегьы, рҭаацәара рыгәҭа аҩны иҟазар еиҕьуп.

„Сынтәа Ашықәс ҿыц ҽакала ҳаҧылар акәхоит, ари аныҳәа ду инарҭбааны ҳзаҧылом, ауснагӡатәқәа рҿы излауа ала ауааҧсыра маҷзароуп. Атәылауаа зегьы аҩны, рҭаацәара рыгәҭа аныҳәа иаҧылар еиҕьуп, идуу аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара аҟынтә ҳҽаанаҳкылароуп," - иҳәеит Аҧыза- министр.
Иара иажәақәа рыла, ҳаҧхьааҟа, аекономика аиҭашьақәыргыларазы аҵакы ду амоуп атәылаҿы аныҳәамшқәа шиасуа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы асабрадақәа рныҟәгара аҵакы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, атәылаҿы асабрадақәа рныҟәгара арбага 65%-нӡа иазҳаит, аха уи иазхом.

„Сынтәатәи ашықәс апроблемақәа рацәа рыла иалкаауп, ҳаҧхьаҟа аекономика аиҭашьақәыргылара азыҳәан аҵакы ду амоуп атәылаҿы Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәамшқәа ишиасуа. Атәылаҿы асабрадақәа рныҟәгара арбага иазҳаит 65%-нӡа, аха, уи иазхом. Ари арбага 90-95%-нӡа иазырҳатәуп. Убасҟан ауп ҳара аекономика аартра анҳалшо. Иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ауаа реиҭаҵра ацымларцаз, мамзаргьы, аиҭаҵра ацаҳҵар ауеит ашәарҭарақәа зегьы рҟынтә ҳаныхьчазаауа. Атәылауааи зықәрахь инеихьоу ауааҧсыреи рҿаҧхьа абри аҭакҧхықәра ҳадуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы Аҧыза-министр хықәкылатәи асоциалтә цхыраара 4-тәи ацәқәырҧа дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, 300 лари зныктәи ацхыраара аиуразы 65 000 арзаҳалақәа роухьеит, урҭ рҟынтә 54 000 нарыгӡахьеит, Ашықәс Ҿыц аиаанӡа азыҳәамҭақәа зегьы нарыгӡоит.

Иара убас, Гьаргь Гахариа, Аекономикатә усеицуреи аҿиареи аиҿкаара (OECD) аҟынтә атәыла иаиуз ахәшьарагьы далацәажәеит, уи инақәыршәаны, ишиашоу атәым инвестициақәа рыдыҧхьалара аганахьала, Қырҭтәыла, аҧхьагылара змоу атәылақәа иреиуп.

„Иаҳа конкретла иаҳҳәозар, ҳара 82 ҳәынҭқарра рыбажьара 8-тәи аҭыҧ аҿы ҳгылоуп. Дара иаҵшьны иазгәарҭеит аҭыҧантәи абизнесгьы, иара убас, атәым инвесторцәагьы иахьазы атәыла аиҳабыра имҩаҧырго ареформақәеи закәанҧҵаратә ҧсахрақәеи еиҟараны рхы ишадырхәо, ҳара ҳзы уи ақәҿиара дууп, аха, аамҭакала, абжьагарагьы ҳауит - аструктуратә реформақәа рынагӡареи атәылашҟа ишиашоу атәым инвестициақәа рыдыҧхьаларазы иаку астратегиа аҧҵареи иазкны. Аекономика аминистрра иашьашәалоу адҵа аиухьеит, дара ари азҵааразы аусура иалагахьеит,"- иҳәеит Аҧыза-министр.

Иара убас, Аҧыза-министр жәларбжьаратәи авалиутатә фонд иацтәи аиҧыларагьы дазааҭгылеит, уаҟа Қырҭтәыла иазку апрограмма анагӡара 7-тәи аетап иалацәажәан, IMF ала даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан аекономикатә ганахьала Қырҭтәыла иҟоу ақәҿиарақәа, ари аганахьала ҷыдала иалкаан аекономикатә кризис аҿагылара аан аиҳабыра абизнес адгыларазы еиқәдыршәаз аплан.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд азҧхьагәаҭаарақәа инрықәырәшаны, 2021 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара 4,3 наӡына иараҟарахоит. Иара убас, иара ишиҳәаз ала, аструктуратә реформақәа хымҧада инагӡазароуп, ари аганахьала хымҧада инагӡазароуп амакроекономикатә арбагақәа зегьы.

«Абри азҵаара ҳазынтәгьы иҳадкьыслоит, избанзар араҟа ахарџьқәагьы ахашәалагьы иазҧхьагәаҭатәуп. 2021 шықәса гәҽанызаарыла имҩаҧгатәуп. Уи акризис ашьҭахь ирласӡаны аекономика аиҭашьақәыргыларазы алшара ҳнаҭоит. Ари апотенциал атәыла аекономика азгьы ҳтәылауаа рзгьы иҳахьчароуп. Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп Қырҭтәыла раҧхьатәи атәыла шакәыз апандеми аан Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аҟны аекономикатә кризис апрограмма шьақәзырҕәҕәаз. Убри абзоурала, адонортә аиҿкаарақәа рҟынтә ирласӡаны ацхыраара ҳауит», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иахьа Гьаргь Гахариа апроект - „Аиҳабыра рыҳасабырбара атәылауаа рзы" дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, аиҳабыра, хымҧада, атәылауаа ирызцәырыргароуп ашықәстәи аҳасабырба, ари азҵаара аҵакы ду амоуп, избанзар 2020 шықәса аекономикатә ганахьалагьы апандемиа аганахьалатәи даараӡа иуадаҩын.

Аҧыза-министр аоппонентцәа рахь ааҧхьара ҟаҵаны, ишиҳәаз ала, абри аплатформа даараӡа ибзиоуп атәылазы крызҵазкәа аус бзиақәа рыҟаҵараҿы аиндаҭларазы.

„Ҳазну амчыбжь азы аиҳабыра атәылауаа аҳасабырба рызцәыргара иалагеит. Аминистрра цыҧхьаӡа ахаҭарнак ихатә аҳасабырба цәыригоит. Абарҭ ауснагӡатәқәа ашықәс анҵәамҭанӡа инагӡахоит. Аминистрра цыҧхьаӡа ажәлар рҿаҧхьа иқәгылоит. Сынтәатәи аҳасабырбақәа аҵакы ҷыда рымоуп, избанзар 2020 шықәса аекономикатә ганахьалагьы апандемиа аганахьалагьы даараӡа иуадаҩын. Ажәлар еилыркаароуп аминистрра цыҧхьааӡа аусура лҵшәас иахылҵыз. Ҳтәылауаа ирасҳәар сҭахуп абарҭ аҳасабырбақәа шаарту, амедиахаҭарнакцәа урҭ рбар шрылшо. Иара убас ҳоппонентцәа рахь аааҧхьара ҟасҵар сҭахуп, абри аплатформа алшара бзиа ҳнаҭоит атәылазы крызҵазкәа аус бзиақәа рыҟаҵараҿы аиндаҭларазы. Ҷыдала иахьа, ҳазынтәгьы ибзиаҵәҟьаны ианеилаҳкаауа 2021 шықәсазгьы апроблемақәа шырацәахо, раҧхьа иргыланы, аекономикатә ганахьала. Убри аҟынтә хшыҩкрала, ибзианы аусеицура аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa