Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa ажьырныҳәа 15 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2021-01-15

Қырҭтәылa Аҧызa-министр Гьaргь Гaхaриa инaпхгaрaлa, aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы aиҳaбырa реилaтәaрa мҩaҧысит. Аминистрцәa aмш aусхәaҧштә aлa иaзыҧхьaгәaҭaз 12 зҵaaрaк ирылaцәaжәеит.

Аҧыза-министр аиҳабыра реилатәараҿы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит

Ҳара ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаауеит иҟаҳҵаз ашьаҿақәа шиашаз, аха, уезгьы, иахьа аӡбара ҳадаҳкыеит жәабран 1-нӡа аҧкрақәа рынагӡаразы, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, хықәкылатәи аҧкрақәа рыбзоурала адинамика еиҕьхеит, аха, атәылаҿы иахьагьы акоронавирус 1 500 раҟара афактқәа аарҧшуп, Қырҭтәылазы ари абгара дууп.

«Ҳара ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп есымша 1500-ҩык ачымазаҩцәа Қырҭтәылазы даараӡа ишырацәоу. Иҟаҳҵаз ашьаҿақәа ииашан, уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит, аха, уезгьы, аҧкрақәа жәабран 1-нӡа инаҳагӡароуп. Европа аҭагылазаашьа зеиҧшроу аабоит, зехьынџьара аҭагылазаашьа цәгьахеит, атәылақәа зегьы аҧкрақәа рырџьбара иаҿуп, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳара аҧкрақәа рыҿҳәара ацаҳҵоит жәабран 1-нӡа», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Агәабзиарахьчара аимнистрра иашьашәалоу аусбарҭақәа зегьы, аекономикеи абизнеси рхаҭарнакцәа аус рыцыруеит излауа ала ирласны аекономика аартразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа реиқәыршәаразы.

"Абарҭ аҭагылазаашьақәа иреиуп атестирра асхемақәа, авакцинациа иадҳәалоу азҵаарақәа, уҳәа убас егьырҭгьы. Иааиуа амшқәа рзы Агәабзиарахьчара аминистрра аконкреттә план цәырыргоит, аплан ахиаалара иалахәып аекономикеи абизнеси рхаҭарнакцәагьы. Анеҩстәи аетап азы, аепидемиа қәҿиарала ахылаҧшреи, иара убас, аекономика аартреи азы аусура асхема аҧсахра ҳақәшәоит. Ари азҵаара иадҳәаланы, апандемиа аҿагылара апроцесс аҿы ахадаратә 3 ҧыжәарак ҳамазаауеит, раҧхьа иргыланы - атестирра асхема ҳаҧсахароуп. Ишыжәдыруа ала, атәылаҿы иаҳа ирацәаны атестқәа рыҟаҵара ҳалагеит, ари апроцесс абасҵәҟьа инагӡатәуп. Аҩбатәи - иахьаҭаххо аусхкқәеи аҭыҧқәеи рҿы алҵшәа зхылҵуа хықәкылатәи аҧкрақәа рынагӡара. Насгьы, ҳәарада, авакцинациа,"- иҳәеит Аҧыза- министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәыла атәылауаа иашьашәалоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа равторизациа змоу зхаҭабзиара ҳараку авакцина рымазаауеит.

„Авакцинациа иадҳәаланы ихшыҩдароу, ииашам агәаанагарақәа рацәаны шыҟоу аабоит, абри аинформациа ахьынтәаарго сзеилкаауам. Авакцинациа азҵаара иадҳәаланы авакцинациа акомиссиа ҷыда еиҿкаауп, акомиссиа аусура иахылаҧшуеит Агәабзиарахьчара аминистрра. Акомиссиа еиҿкаауп иакымкәа аҳасабтәқәа рынагӡаразы. Актәи, алогистика иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы иӡбатәуп. Ишыжәдыруа ала, еиуеиҧшым авакцинақәа рзы еиуеиҧшым алогистикатә режим еиқәыршәатәуп. Иара убас - атәылаҿы авакцинациа алагаразы аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәатәуп. Аҩбатәи азҵаара - раҧхьа иргыланы авакцина ззыҟаҵатәу хықәкылатәи агәыҧ ҳәаақәҵатәуп, насгьы, ахҧатәи - атәылашҟа зхаҭабзиара ҳараку, жәларбжьаратәи авторизациа змоу авакцина излауа ала ирласны аагаразы COVAX аплатформа мацара акәымкәа, егьырҭ алшарақәагьы ҳрыхәаҧшуеит. Актәи 2 хықәкык рзы Агәабзиарахьчара аминистрра аплан еиқәыршәаны ирымоуп. Ашәахьазы, Акоординациатә хеилак аилатәараҿы Агәабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа абри аплан цәырыргоит, аиҳабыра анеҩстәи аилатәараҿы аплан шьақәҳарҕәҕәоит. Убри аҟынтә, ари аганахьала изакәызаалак зҵаарак иҟам. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп - Қырҭтәыла атәылауаа иашьашәалоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа равторизациа змоу, зхаҭабзиара ҳараку авакцинақәа роуеит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәылауаа хықәкылатәи асоциалтә цхыраара рыҭара нарыгӡоит, аепидемиа аҩбатәи ацәқәырҧа амшала аусурҭа зцәыӡыз ауааҧсыра рҟынтә арзаҳалқәа рыдкылара иалагахьеит.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, ауаа афинанстә цхыраара рыҭара иалагоит жәабран 28 инаркны.

«Зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра фымз рыҩнуҵҟала 1200 лари ацхыраара роуеит. Ҳтәылауаа зегьы срыҳәоит излауа ала ирласны арзаҳал аларҵарц. Иахьазы ҳпортал аҿы 45 000 арзаҳалқәа иҟоуп», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.


Аиҳабыра рыӡбара ала, агежьҧрыгақәа Ҭушеҭи ахырхарҭа ала аҧырра нарыгӡоит. Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аиҳабыра рҟынтә иашьашәалоу азин аиуит.

„Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Ҭушеҭи ахырхарҭала агежьҧрыгақәа рыла аҧыррақәа рынагӡаразы азин аҳҭароуп, ари азҵаара асоциалтә ҵакы ду амоуп, ҷыдала аӡынразы. Ашьхаҳаракыратә қыҭақәа ирықәынхо ҳуааҧсыра аиҭаҵра алшара рымазароуп. Аиҳабыра рыцхыраара ала, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра шықәсқәак ирылагӡаны ари аус нарыгӡоит, зыӡбахәы ҳәоу апрограмма ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Иара убас, иахьатәи аилатәараҿы, Аҧыза-министр Букнари ақыҭаҿ иҟалаз ахҭысқәагьы дрылацәажәеит. Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, арелигиатә хкырацәара - аҭоурыхтә фактуп, уи атәыла абеиара ауп, арелигиатә ашьаҭа ала ауаа реичырчара аҽазкра ҟалар, аҳәынҭқарреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи абри аҩыза афактқәа ҕәҕәала ирықәҿырҭуеит.

«Ишыжәдыруа ала, арелигиатә хкырацәара - аҭоурыхтә фактуп, уи ҳбеиара ауп. Ҳара ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа абас акәын ҳҳәынҭқарра шҳаргылоз. Қырҭтәыла аиҳабыра Аконституциа ала иҳәаақәҵоу ауаҩытәыҩса изинқәа рымҩаҧгареи рыхьчареи еиқәнаршәоит, еснагь убас акәын ишыҟаз, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа иҟалоит. Ҳара Қырҭтәыла атәылауаа рзинқәа рыларҟәра аӡәгьы азин иаҳҭом, иара убас, аӡәгьы азин иаҳҭом арелигиатә ашьаҭа ала атәылауаа реичырчаразы. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адҵа аиуит: ауаа реичырчара аҽазкра рбар, аҳәынҭқарреи аминистрреи абри аҩыза афактқәа ҕәҕәала ирықәҿырҭроуп», - иҳәеит Аҧыза-министр.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa