Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa ажьырныҳәа 21 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2021-01-21

Қырҭтәылa Аҧызa-министр Гьaргь Гaхaриa инaпхгaрaлa, aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы aиҳaбырa реилaтәaрa мҩaҧысит. Аминистрцәa aмш aусхәaҧштә aлa иaзыҧхьaгәaҭaз 13 зҵaaрaк ирылaцәaжәеит.

Аҧыза-министр аиҳабыра реилатәараҿы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит

Қырҭтәылаҟа иааҳгоит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа змоу авакцина мацара, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра реилатәараҿы. Иахьа Қырҭтәыла аиҳабыра авакцинациа аларҵәара амилаҭтә план шьақәдырҕәҕәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аплан далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, аплан аиқәыршәара апроцесс иалахәын ари азҵаара иазҿлымҳау аганқәа зегьы, аплан хықәкыс иамоуп 2021 шықәса анҵәамҭанӡа атәыла ауааҧсыра 60 наӡына авакцина рзыҟаҵара.

„Ишыжәдыруа ала, аиҳабыра ҧасатәи реилатәараҿы Агәабзиарахьчара аминистрра адҵа роуит авакцинациа амилаҭтә аплан азы аусура ахыркәшареи, иахьатәи аилатәараҿы аплан ашьақәырҕәҕәареи азы. Ҧхынҷкәын 15 рзы аусуратә гәыҧ еиҿкаан, уи аусура иалахәын абри азҵаара иазҿлымҳау аганқәа зегьы - аекспертцәа, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа, агәабзиарахьчара аспециалистцәа, аепидемиологцәа, аҳақьымцәа, Жәлар рыхьчаҩ", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аплан инақәыршәаны, раҧхьатәи аетап азы атәылаҿы авакцинақәа рзыҟаҳҵоит зегьы реиҳа ашәарҭара иҭагылоу агәыҧқәа.

„Ахадаратә хықәкы инаваргыланы, аҵакы ду аман аплан атехникатә ахәҭагьы, авакцинациа аетапқәеи, аетапқәа инрықәыршәаны авакцина ззыҟаҵатәу хықәкылатәи агәыҧқәа рҳәаақәҵареи. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, раҧхьатәи аетап азы атәылаҿы авакцинақәа рзыҟаҳҵоит зегьы реиҳа ашәарҭара иҭагылоу агәыҧқәа. Ҳәарада, раҧхьа иргыланы, амедицинатә усзуҩцәеи, 75 шықәса еиҳаны изхыҵуа ҳтәылауааи, анеҩс - 60 инаркны 75 шықәсанӡа изхыҵуа ауааҧсыреи роуп сызлацәажәо», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, иахьазы Қырҭтәыла, авторизациа змоу иарбанзаалак авакцина аиуразы ихиоуп.

„Еиқәҳаршәаз аплан аҵакы ду амоуп. Ҳпартниорцәа реиҧшҵәҟьа, Қырҭтәылагьы атәылашҟа авакцина ҳзаазгаша COVAX аплатформа иалахәып. 5-6 мза раҧхьа Қырҭтәыла абри аплатформаҿы ахатә хықәкы аанацҳаит, хара имгакәа миллионкибжаки авакцинақәа ҳауроуп. Убри азыҳәан аҧарагьы рзиаагахьеит. Уажәазы зегьы реиҳа ихадоу - агәабзиарахьчара асистема шықәсык ала абри аҟара авакцинақәа рыҟаҵаразы ихиазароуп. Иахьазы Қырҭтәыла, авторизациа змоу иарбанзаалак авакцина аиуразы атехникатә ганахьала ихиоуп. Абри азҵаараҿы аҵакы ду амоуп адаҷ хьшәашәа, авакциназы иаҭаххо иарбан температуразаалак, иарбан ҭагылазаашьазаалак, Қырҭтәыла авакцина аиуразы атехникатә ганахьала ихиоуп, амедицинатә персоналгьы авакцинациа амҩаҧгаразы иазыҟаҵоуп. Иахьа ҳазлацәажәо аплан иахьатәи аҳасабтәқәа ирышьашәалоуп, апрактикала иуҳәозар, хара имгакәа авакцинациа алагаразы ҳахиоуп. Уи адагьы, аиҳабыра ҩ-ганктәи аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит авакцина ҭзыжьуа аилахәырақәа рҟны, аха, ҳара хымҧада иазҧхьагәаҳҭароуп - Қырҭтәылаҟа иааҳгоит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа змоу авакцина мацара. Ҳаргьы европатәи ҳпартниорцәагьы абри азҵаара абас ауп ҳшазныҟәо, избанзар, раҧхьа иргыланы, ҳтәылауаа ргәабзиареи ршәарҭадареи ҳаиҷаҳароуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иара убас, аилатәараҿы, аиҳабыра рнапхгаҩы, аус „Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы" азы Ауаҩытәыҩса изинқәа Европатәи Аӡбара иахьа ирыдыркыло ақәҵара дазааҭгылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, иахьа Иахьа Қырҭтәыла аҭоурых ҿыц аҿы зегьы реиҳа зҵакы дуу мшуп, избанзар, раҧхьаӡа акәны, жәларбжьратә аӡбара 2008 шықәсатәи Урыстәыла - Қырҭтәылатәи аибашьра ахәшьара анаҭоит.

« Аӡбара ақәҵара - ҳтәылауааи, аиустициа аминистрреи, аспециалистцәеи 12 шықәса рыҩнуҵҟала имҩаҧыргаз аусура иабзоуроуп. Ҳәарада, ҳара ҳазынтәгьы агәра ганы ҳаҟоуп аӡбара иаша шрыдыркыло. Ҳтәылауаа акомпенсациа роуеит, аха, уи адагьы, зыӡбахәы ҳәоу ақәҵара жәларбжьаратә аҩаӡараҟны ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчаразы шьаҭас иҟалоит. Жәларбжьаратәи аӡбара, раҧхьаӡа акәны, 2008 шықәсатәи еибашьра ахәшьара анаҭоит. Уи адагьы, зыӡбахәы ҳәоу ақәҵара иацҵаны аҧакҧхықәра ҳаднаҵоит, ҳара ибзианы еилаҳкаароуп иааиуа ашықәсқәа рзы, аусбарҭбажьаратә усеицура ала, атәыла адеокупациазы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара шаҳуалу, абри ахырхарҭалагьы аконкреттә план ҳамоуп, хара имгакәа ажәлар ари аплангьы рызцәыраагоит. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, иахьа Қырҭтәыла аҭоурых ҿыц аҿы зегьы реиҳа зҵакы дуу мшуп. Сааҭқәак рышьҭахь Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара аҵыхәтәантәи ақәҵара рыдыркылоит «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы» аус азы, уи шьаҭас иаҳзыҟалароуп Қырҭтәыла аиҳабыра аусбарҭабжьаратә аҩаӡараҟны ампыҵахалара иаҿагылоу ашьаҿақәа рыҟаҵара иалагарц азыҳәан», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иахьатәи аилатәараҿы, аҧыза-министр, авице-аҧызас дықәиргылеит арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр Маиа Цқьитишвили, лара аекономикатә хырхарҭа дахылаҧшуеит.

Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рплан аҿы зҵакы дуу ахырхарҭақәа иреиуп атәыла аекономикатә арҕәҕәареи, аепидемиа ашьҭахь аекономика аиҭашьақәыргылареи, иара убас, атәыла аевроинтеграциазы ахадаратә ҵакы змоу астрактуратә реформақәа рынагӡареи амакроекономикатә ҭышәынтәалара ахьчареи.

„Иахьа ҳара еуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ақәҧара наҳагӡоит, раҧхьа иргыланы - аглобалтә пандемиа, аглобалтә економикатә кризис ауп сызлацәажәо. Қырҭтәыла аиҳабыра еиқәдыршәаз аплан аҿы иалкаауп иакымкәа аҧыжәарақәа - атәыла адемократизациеи, аекономикатә арҕәҕәареи, адеокупациеи, европатәи интеграциеи. Убри аҟынтә, ҳара ҳазынтәгьы ибзиаҵәҟьаны еилаҳкааруоп абри аус аҿы зегьы реиҳа аҵакы шрымоу атәыла аекономика аиҭашьақәыргылара, аковид ашьҭахьтәи аекономикатә аиҭашьақәыргылара, аха, иара убас, ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп европатәи интеграциа иадҳәалоу ахықәкы хада анагӡаразы ахадаратә ҵакы шамоу атәылаҿы аструктуратә реформақәа рынагӡареи амакроекономикатә ҭышәынтәалара ахьчареи. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы аекономика аусхкы аҿы имҩаҧгахо ареформақәеи урҭ рылҵшәақәеи аҵакы ду рымазаауеит, избанзар, ҳара аглобалтә кризис ҳалҵроуп, насгьы, 2024 шықәсазы атәыла, аекономикатә ганахьала, Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵаразы ихиазарц азыҳәан, аусбарҭақәа зегьы абри ахырхарҭала еиқәшаҳаҭны аус руроуп. Иахьа дшәыдазгалоит Қырҭтәыла актәи авице-аҧыза, аекономикатә хырхарҭа иахылаҧшуа Маиа Цқьитишвили,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Иара убас, авице-аҧызас дҟарҵеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалианигьы. Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, ҳаҧхьаҟа Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара амазаауеит атәыла адеокупациеи, европатәи интеграциеи, насгьы, арегион аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа иазҧхьагәаҭаны, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәагьы иаҳа-иаҳа аҵакы роуеит.

„Ҳара ҳзы зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп ампыҵахаларазы аҭак аҟаҵареи, жәларбжьаратәи аиаҿкаарақәа рахь ҳтәыла аинтеграциеи, аха, раҧхьа иргыланы, ҳара 2024 шықәсазы Евроеидгыла алалареи, анеҩс, НАТО алалареи азы азыҳәамҭа аҟаҵара ҳазыхиазароуп. Ҳәарада, ампыҵахалареи арегион аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәеи рзы аҭак ҟаҵатәуп. Убри аҟынтә, абарҭ ахықәкқәа зегьы иазҧхьагәаҭаны, ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп ҳаҧхьаҟа ҳпартниорцәа рҟны ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаара - Қырҭтәыла аиҳабыра даҽа авице-аҧызак дрымазаауеит, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, акризис аан, аиҳабыра алахәызаара аҭакҧхықәра ду ацуп, аха, авице-аҧызара ҩынтә еиҳаны аҭакҧыхәра ацуп, сара агәра ганы сыҟоуп шәара абарҭ аҳасабтәқәа қәҿиарала рыӡбара шшәылшо, " - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa