Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa ажьырныҳәа 21 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2021-01-28

Қырҭтәылa Аҧызa-министр Гьaргь Гaхaриa инaпхгaрaлa, aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы aиҳaбырa реилaтәaрa мҩaҧысит. Аминистрцәa aмш aусхәaҧштә aлa иaзыҧхьaгәaҭaз 21 зҵaaрaк ирылaцәaжәеит.

Аҧыза-министр аиҳабыра реилатәараҿы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы хымҧада ҳазааҭгылароуп ҳареи ҳтәылауааи зегьы реиҳа ҳзыргәамҵуа азҵаара - излауа ала ирласны, шәарҭада, хшыҩкрала, етапла аекономика шааҳартыша, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, абҵара анҵәамҭазы ишьақәыргылаз аҧкрақәа аконкреттә хықәкы рыман, избанзар усҟан атәылаҿы авирус аларҵәара арбага даараӡа идуун, қалақьқәак рҿы 30% еиҳан.

«Иацы иҟаҵаз18 000 атестқәа рҟынтә 723-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп. Ҳара ҳзы уигьы рацәоуп, аха, хәыҷы-хәыҷла 4%-тәи арбага азааигәахара ҳаҿуп. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, инеишьҭаргыланы 7мшы рыҩнуҵҟа 4 наӡынак иҵоуроу арбага анҳаулак, ҳара иаҳа гәымшәарыла, аха гәҽанызаарыла аекономика ааҳартыр ҳалшоит. Иахьазы иҟоу атенденциа агәыҕра ду ҳнаҭоит. Убри аҟынтә, иахьа ари азҵаара алацәажәара ҳалагароуп. Анеҩстәи амчыбжь азы абри атенденциа ҳахьчар, етапла аекономика аартра апроцесс заанаҵы ҳалагоит. Раҧхьа иргыланы, Қарҭи, Қәҭешьи, Русҭавии роуп сызлацәажәо. Раҧхьа иргыланы, аҵаратә усбарҭақәа роуп сызлацәажәо, ахәыҷқәа аклассқәа рҿы аҵара иалагаратәы алшара раҳҭароуп. Иара убас, авирус ахылаҧшра аганахьала ҩымз рыҩнуҵҟала иҳауз ақәҿиарақәа ҧырхага рымҭакәа, етапла атранспортгьы аусура иалагароуп. Етапла атуризм аартра ҳалагарц азыҳәан, иахьазы иҟоу арбагақәа ҳахьчароуп», - иҳәеит Гьаргьы Гахариа.

Аҧыза иҳәамҭала, аекономика аартра апроцесс шәарҭада, хшыҩкрала амҩаҧгара аиқәыршәара амзызла, актәи авице-аҧыза Маиа Цқьитишвили лнапхгарала, аекономикатә гәыҧ алахәылацәа абизнес хаҭарнакцәа рҟны аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.

„Ҽнакала зқьҩык, ҩнызқьҩык, хнызқьҩык ма хәнызқьҩык ачымазаҩцәа ҳаур, аекономикатә ҧсҭазаара ҳзалацәажәом. Убри аҟынтә, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, иаҳа аҭакҧхықәра ҳхы иадҵаны, ашьаҿа цыҧхьаӡа хшыҩкрала иҟаҳҵароуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аиҳабыра реилазаараҿы аиҭакрақәа ҟалоит, лымкаала, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи министррак аҿы еидырҵоит. Атехникатә усурақәа зегьы хыркәшоуп. Аҵара аминистрра хазы усбарҭак аҳасабала ишьақәгылоит, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи еидырҵоит министррак аҿы, аиҳабыра иашьашәалоу ақәҵара дырмазеихьеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, абри ашьаҿа аҵакы ду амоуп акультуреи, иара убас, аспорти рхаҭарнакцәа рзы.

„Ҳкультуратә ҭынхеи, иара убас, ҳаамҭазтәи аҟазареи ҳаиҷаҳароуп, избанзар уи ҳаҧсҭазаара иузалымхуа, крызҵазкәа хырхарҭақәоуп, ҳәарада, аспортгьы ҳаҧсҭазаараҿы иаҵанакәа рацәоуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳспортсментцәа имаҷымкәа ақәҿиарақәа рыман. Абарҭ аусхкқәа хазы министррак аҿы еидкылазаауеит. Уи адагьы, уаанӡа аиҳабыра русмҩаҧгарҭа анапхгара аҵаҟа аус зуаз аҿар русқәа рзы агентра акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрра иадлоит,"- иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Иара убас, иахьатәи аилатәараҿы аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформа алагара азҵаара иалацәажәоит. Ареформа хықәкыс иамоуп аҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгараҭара акорпоративтә напхгараҭара иреиҕьу апрактикеи аҿырҧштәқәеи иреиҧшхаратәы аҟаҵара.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аҭаххара мацара акәӡам аус злоу, ҳтәыла аекономикатә ҭагылазаашьеи аглобалтә економикатә кризиси иазҧхьагәаҭаны, абри ареформа хымҧада имҩаҧгатәуп.

„Иахьа аиҳабыра аҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгараҭара ареформа алацәажәара иалагоит, ари азҵаара аиҳабыратә программа аҿгьы иарбоуп, 2021-2024 шықәсқәа рзы абри апроцесс Қырҭтәыла аекономикатә ҧсҭазааразы зеиҧшҟамлац аҵакы амазаауеит. Иахьазы ари азҵаара аҵакы ҷыда амоуп. Ҳара ҳҭаххара мацара акәӡам аус злоу, ҳтәыла аекономикатә ҭагылазаашьеи аглобалтә економикатә кризиси иазҧхьагәаҭаны, абри ареформа хымҧада имҩаҧгатәуп. Ҳара ари апроцесс ҳалагоит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә енергосистема ала. Иахьа абри аҳәынҭқарратә коммерциатә еилахәыра Ахылаҧшратә хеилак аилазаашьа ҳалацәажәоит. Ари азҵаараҿы аҵакы ду амоуп иреиҳаӡоу астандартқәа рыхьчареи, иара убас, аменеџьменти Ахылаҧшратә хеилак алахәылацәеи ирзықәҳаргыло аҳәарақәеи, избанзар дара роуп анеҩстәи ашықәсқәа рзы абри аиҿкаара аусушьа ҳәаақәызҵо. Уи адагьы, аҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгараҭаратә система аиҭакразы еиҿкаахоит аусуратә гәыҧ ҷыда, уи дахагылоит афинансқәа рминистр Иване Маҷавариани. Ҳара егьырҭ аилахәырақәагьы ҳарзааҭгылоит. Аконкреттә план еиқәҳаршәоит, уи ҳҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгараҭара асистема акорпоративтә напхгараҭара иҳаркӡоу астандартқәа рҟынӡа ашьҭыхра иацхраауеит», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa