Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa жәабран 4 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2021-02-04

Қырҭтәылa Аҧызa-министр Гьaргь Гaхaриa инaпхгaрaлa, aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы aиҳaбырa реилaтәaрa мҩaҧысит. Аминистрцәa aмш aусхәaҧштә aлa иaзыҧхьaгәaҭaз 15 зҵaaрaк ирылaцәaжәеит.


Аинфицирра есымшатәи аҵоура арбага 4% аҵкыс илаҟәып, убри аҟынтә, игәаҕьны, гәҽанызаарыла аҧкрақәа рырмариара наҳагӡоит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза ишазгәеиҭаз ала, иахьазы иҟоу иҵоуроу арбагақәа рыбзоурала, аҧкрақәа заанаҵы рырмариара иалагар рылшоит.

„Аҧкрақәа рырмариара апроцесс аҿы шаҟа агәыҕьра ааҳарҧшуа аҟара аҭакҧхықәрагьы ҳхы иадаҳҵароуп, аҧҟарақәа зегьы ҳрықәныҟәалароуп. Хшыҩда, цқьа ҳазымхәыцқәа аҧкрақәа раҧыхра ҳалагар, аханатә реиҭашьақәыргылара ҳақәшәоит. Авирус ахылаҧшра аганахьала иҳамоу ақәҿиарақәа рыхьчара ҳалшар, ааҧынра анҵәамҭеи аҧхынра алагамҭеи азы аекономикеи атуризми иаҳа иааҳартыр ҳалшоит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, жәабран 8 инаркны атәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорти, иаартуи иаркуи аџьармыкьақәеи аусура еиҭалагоит, аха, асабшеи амҽышеи рзы аҧкрақәа амч рымазаауеит.

„Қарҭгьы, Русҭавигьы, Қәҭешьгьы амуниципалтә транспорт аусура иалагоит. Аметрогьы, амаршруттә таксиқәагьы. Иара убас, жәабран 8 инаркны аџьармыкьақәагьы ааҳартуеит, аха, асабшеи амҽышеи рзы аҧкрақәа амч рымазаауеит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧкрақәа раҧыхра анеҩстәи аетап иалагоит жәабран 15 инаркны. Усҟан, Қырҭтәыла зехьынџьара, Қарҭгьы, Русҭавигьы, Қәҭешьгьы аҵаратә процесс аклассқәа рҿы инагӡахоит. Уи адагьы, жәабран 15 инаркны, акрыфаратә обиектқәа, аресторанқәагьы, иаарту ақәыҧшылараҿы аусура иалагоит.

„Асабшеи амҽышеи рзы аҧкрақәа амч рымазаауеит. Жәабран 15 инаркны ҩымчыбжь рнеҩс, аҧкрақәа рырмариара анеҩстәи аетап ҳалацәажәоит. Анеҩстәи аилатәараҿы ауаа ираҳҳәоит иашьҭанеиуа аетап азы аиҭакрақәас иҟало", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Гьаргь Гахариа иҳәамҭала, аҧкрақәа рырмариазы иҟаҵоу ашьаҿа цыҧхьаӡа иадҳәаланы, атәылауаа мацара ракәымкәа, абизнесгьы, аконкреттә аилахәырақәагьы, еиуеиҧшым аиҿкаарақәагьы аҭакҧхықәра ду рыдуп. Убри аҟынтә, аҧкрақәа рырмариара апроцесс аан арегулиациақәа рынагӡаразы амониторинг иаҳа иџьбаарахоит.

„Асабрада аныҟәгара аҧҟара аҩынтәраан еилазгаз ауаҩҧсы ҩынтә еиҳаны ахараҧса ашәара иқәшәоит. Ари азҵаара аҵакы ду амоуп, избанзар ҳаамҭазтәи адунеи аҿы апандемиа аҿагыларазы асабрадеи, асоциалтә дистанциеи, атестирреи, авакцинациеи иреиҕьу хархәагак иҟам. Убри аҟынтә, ҳара, излауа ала, абарҭ аҧҟарақәа ҳрықәныҟәалароуп, - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳабыра ранапхгаҩы аиҿкаарақәа рыла аҧкрақәа реилагара афактқәа раан аҳәынҭқарра аган аҟынтә иҟало ақәҿыҭрагьы далацәажәеит. Иара ишиҳәаз ала, атәылаҿы ишьақәыргылоу аҧкрақәа хықәкыла еилазго аиҿкаарақәа апандемиа аҿагыларазы аҳәынҭқарра имҩаҧнаго аекономикатә цхыраара ауснагӡатәқәа рҽалархәра рылшом.

«Хықәкыла аҧкрақәа еилазго аиҿкаарақәа ахьырхәра ҕәҕәа роуеит. Иара убас, ишыҳаӡбаз ала, ас еиҧш иҟоу аилахәырақәа апандемиа аан аекономикатә цхыраара аплан ала иазҧхьагәаҭоу аҧаратә цхырара роуам. Уи адагьы, дара ҳаҧхьаҟагьы апандемиа аҿагыларазы аҳәынҭқарра имҩаҧнаго аекономикатә цхыраара ауснагӡатәқәа рҽалархәра рылшом. Абри аӡбара ииашоуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар ҳтәылауаагьы аиҿкаарақәагьы аҭакҧхықәра ду рхы иадырҵароуп», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аҳәынҭқарра абизнес иазышьақәнаргылаз ацхыраарагьы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, аҧсахтә иақәу анаӡына аҟынтә 80% аҧара азоушьҭра иазку азин ҷыда аресторанқәа рыдагьы рхы иадырхәар рылшоит аспорттә индустриеи, аспорттә обиектқәеи, хаҭалатәи ахәыҷбаҳчақәеи.

„6мзы рыҩнуҵҟа абанктә аҧсахтә иақәу анаӡына аҟынтә 80% аҧара азоуҳажьҭуеит. Инақәыршәаны, 2 000 раҟара арзаҳалқәа иҟан. 2000 раҟара аресторанқәа абри азинҷыда ахархәаразы иҳадҵаалт, аха, атехникатә мзызқәак рымшала, 420 ресторанқәа рыҳәара наҳагӡеит. Ҳара абарҭ атехникатә аҳәарақәагьы ҳармариеит, иҳадҵаалаз аресторанқәа зегьы аҳәынҭқарратә цхыраара ахархәара рылшарц азыҳәан. Аресторанқәа рыдагьы, абанктә ҧсахтәқәа ирықәу анаӡына аҟынтә 80% аҧара рзоуҳашьҭуеит аспорттә индустриеи, аспорттә обиектқәеи, хааҭалатәи ахәыҷбаҳчақәеи, избанзар урҭгьы крызҵазкәа аҳәара рымоуп. Даргьы апандемиа амшала азаарал ду роуит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳабыра реилатәараҿы, аҧыза-министр аминистрцәа дрыдигалеит аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы ҿыц Каха Қемоклиӡе. Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Қемоклиӡе, аиҳабыра русмҩаҧгарҭа ибзианы аус аурц азыҳәан иаҭаху адырра аҧышәа имоуп.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Каха Қемоклиӡе аҳәынҭқарратә маҵзуҩы бзиоуп, уи кыршықәса рыҩнуҵҟа атәыла амаҵ иуан.

„Ҳгәыҧ алахәылацәа Каха Қемоклиӡе ибзианы дырдыруеит. Иара кыршықәса рыҩнуҵҟа атәыла амаҵ иуан, акыр иаҳзыҧсоу аҳәынҭқарратә маҵзуҩуп. Аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аусура аҧышәа ду имоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Каха Амилаҭтә шәарҭадара аилак аппарат данапхгаҩын. Иара, Женеватәи аиҿцәажәарақәа, IPRM уҳәа, атәылазы аҵакы ду змоу ауснагӡатәқәа дрылахәын, Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа қәҿиарала аус аурц азыҳәан иаҭаху адырреи аҧышәеи имоуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa