Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa хәажәкыра 18 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2021-03-18

Қырҭтәылa Аҧызa-министр Иракли Ӷарибашвили инaпхгaрaлa, aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы aиҳaбырa реилaтәaрa мҩaҧысит. Аминистрцәa aмш aусхәaҧштә aлa иaзыҧхьaгәaҭaз 16 зҵaaрaк ирылaцәaжәеит.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәара алагамҭазы, Бриуссель ивизит дахцәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Евроеидгылеи НАТО-и рҿы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧган, авизит қәҿиарала имҩаҧысит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аганқәа рхаҭарнакцәа атәылаҿы имҩаҧгоу ареформақәеи уажәазы иҟоу апрогресси ирылацәажәеит.

„Ҳара атәылаҿы имҩаҧгоу ареформақәеи, ҳазынтәгьы ҳабзоурала иахьазы иҟоу апрогресси ҳалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, ҳпартниорцәа зегьы атәылаҿы имҩаҧгоу ареформақәеи апрогресси иазхарҵеит. Убри аҟынтә, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аимплементациа апроцесс иалахәы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа ириҭаз ахәшьарагьы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, цасҳәа иаҧҵоу аполитикатә кризис изакәызаалак шьаҭак амам.

„Ҳара Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа авице-ахада Боррель ҳтәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа иазкны иҟаиҵаз аҳәамҭа ҳазыӡырҩит. Иара убас, алхрақәа ирыдҳәаланы иҟарҵаз аҳәамҭақәагьы ҳаҳаит. Дара иаҵшьны иазгәарҭеит алхрақәа ииашаны ишымҩаҧгаз, аконкуренциа шеиқәыршәаз. Убри аҟынтә, аганқәа зегьы даҽазнык ирыбжьазгар сҭахуп, атәыла анормалтә политикатә ҧсҭазаара иазыхынҳәырц, аковид-пандемиа, аекономикатә проблемақәа, аусурҭадара, ампыҵахалара уҳәа, атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы аусура наҳагӡарцаз, излауа ала ирласны, аконструктивтә диалог аҳәаақәа ирҭагӡаны, акризис алҵразы мҩак рыҧшаарц, арегион аҿы ашәарҭадаратә проблемақәа рфонаҿы ари азҵаара аҵакы ҷыда амоуп. Иааиуа амшқәа рзы аоппозициаа рконструктивтә хәҭа цқьа иазхәыцны, аҳәынҭқарратә аӡбара рыдыркылап ҳәа сгәыҕуеит. Ҳара ҳган аҟынтә даҽазнык ишьақәсырҕәҕар сҭахуп аконструктивтә диалог анагӡареи излауа ала ирласны аиқәшаҳаҭхареи ҳшазхиоу", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы атәылаҿы акоронавирус ахылаҧшреи авакцинациа апроцесси дырзааҭгылеит.

„Ишыжәдыруа ала, ҳтәыла авакцина раҧхьатәи апартиа аиуит, раҧхьа иргыланы, амедицинатә персонал алаҵақәа рзыҟаҵара ҳалагоит. Хара имгакәа, егьырҭ агәыҧқәагьы алаҵа ҟарҵар рылшоит,"- иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Уи адагьы, аиҳабыра рыӡбара ала, агәабзиарахьчара ареформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәынҭқарра аҧарала, ақыҭатә амбулаториақәа реибыҭара иалагоит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәыла ауааҧсыра раҧхьатәи агәабзиарахьчаратә сервисқәа рзеиқәыршәаразы, аҵакы ду амоуп раҧхьатәи агәабзиарахьчара арҕәҕәара.

„Агәабзиарахьчара аминистр линициативала, сынтәа, 300 раҟара ақыҭатә амбулаториақәа еибыҭазаауеит, уи абзоурала, амедицинатә персонал русуратә ҭагылазаашьақәеи раҧхьатәи агәабзиарахьчара асервисқәеи еиҕьхоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, НАТО аштабуадаҿы имҩаҧгаз аиҧыларақәагьы дрыхцәажәан, ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ахыхьчареи ашәарҭадареи аусхкы аҿы Қырҭтәыла иҟоу апрогресс даҽазнык аихшьаала азун.

„НАТО аҿы ҳаиҧыларақәа қәҿиарала имҩаҧысит. Ҳара ҳазынтәгьы ҳабзоурала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәылахьчареи ашәарҭадареи аусхкы аҿы Қырҭтәыла иҟоу апрогресс даҽазнык аихшьаала азун. Абри апроцесс иалахәыз ауаа зегьы даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa