Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa лаҵара 10 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2021-05-10

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧысит. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 13 зҵаара ирыхәаҧшит.

Иахьатәи аилатәараҿы аиҳабыра ишырыӡбаз ала, кьырала адгьылҭыҧ змоу афермерцәа, адгьыл аахәара рҭаххар, азинҷыдақәа роуеит. Лымкаала, усҟак идуум адгьылҭыҧ қьырала измоу афермерцәа, абри адгьылҭыҧ аархәар рҭаххар, 25% ахә рзагрыжьуеит. Абри азинҷыда рыдкьыслоит кьырала адгьылҭыҧқәа змоу 2000-ҩык раҟара ауааҧсыра.

Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара ақыҭанхамҩатә дгьылқәа рхархәара алшара аизырҳара иазкуп, уи аекономикатә аҿиареи аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи иацхраауеит.

Иара убас, иахьатәи аилатәараҿы арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи азы аминистр Иракли Қарселаӡе аиҳабыра рнапхгаҩы аинформациа изцәыригеит апрограмма „Ирҿыцу арегионқәа" шымҩаҧысуа иазкны. Ишазгәаҭаз ала, акомиссиа ҷыда активла аус ауеит, апрограмма ала иазҧхьагәаҭоу апроектқәа хьынарыгӡаша аконкреттә ҭыҧқәа ралхра иаҿуп. Апрограммма аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы, акомиссиа аилатәарақәа мҩаҧган Мраҭашәаратә Қырҭтәыла арегион аҿы.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иинициативала имҩаҧысуа зеиҧшҟамлац апрограмма „Ирҿыцу арегионқәа" Қырҭтәыла 63 амуниципалитетқәа рҿы имҩаҧгахоит, апрограмма раҧхьатәи аетап мацара 500 миллион лари иаҧсоуп, зыӡбахәы ҳәоу аетап ала иазҧхьагәаҭоуп арегионқәа рырҿыцра. Абри апроцесс иаҵанакәеит аҳәынҭқарреи, амуниципалитетқәеи, хазхаҭалатәи асектори иртәу аобиектқәа рырҿиара.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa