Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa рашәара 21 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2021-06-21

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧысит. Аминистрцәа аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 11 зҵаара ирыхәаҧшит.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр иӡбара ала, „Адеокупациеи аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵареи иазку Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә стратегиа" ихиаалахоит, уи анагӡаразы еиҿкаахоит аиҳабыратә комиссиа. Аиҳабыратә комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиҿкаахоит аусуратә гәыҧ, уи, ашықәс анҵәамҭанӡа, ауаажәларратә гәыҧқәа рылахәызаара ала, аинклиузивтә аҳәынҭқарратә стратегиа аус адырулоит. Акомиссиеи аусуратә гәыҧи аус руеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи акоординациеи ала.

Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵоуп азеиҧш амилаҭтә процесс аиҿкаара амзызла, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәазаауеит атәыла адеокупациеи, аидҵареи, аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵареи иазку иаку аҳәынҭқарратә азнеишьеи астратегиеи. Апроцесс рхы аладырхәоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аинститутқәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи - аҭҵааратә центрқәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, аекспертцәеи, аимак амшала азарал зауз ауааҧсыреи, егьырҭ агәыҧқәеи.

Азеиҧш амилаҭтә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә хәаҧшыра ашьақәыргылара амзызла, ашықәс анҵәамҭанӡа, аусбарҭабжьаратә аҩаӡареи, иара убас, атәылауаҩратә уаажәларра рылахәызаареи алагьы, имҩаҧгахоит иакымкәа аиҧыларақәеи, адиалоги, аконсультациақәеи, адискуссиақәеи.

Аамҭакала, жәларбжьратәи аиҩызара рылахәызаара ала атәыла адеокупациеи аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵареи апроцесс активла амҩаҧгара амзызла, Қырҭтәыла астратегиатә партниорцәа рҟны аинтенсивтә усура мҩаҧгахоит.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa