Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa нанҳәа 2 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2021-08-02

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧысит. Аминистрцәа аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 11 зҵаара ирыхәаҧшит.
Аилатәара иалагаанӡа, аиҳабыра рнапхгаҩы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аиҳабыра ииашаны имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәа рыбзоурала, атәыла аекономика ирласны аиҭашьақәыргылара иаҿуп, уи убарҭоуп Сақстат адыррақәа рылагьы, урҭ инрықәыршәаны, рашәарамзазы атәыла аекономика 18,7%-ла иазҳаит.
„Ахашазы аофициалла ицәырган рашәарамзазы атәыла аекономикатә азҳара арбага, уи 18,7% иаҟароуп. Уи алагьы иубарҭоуп атәылаҿы аекономика азҳареи аекономика аиҭашьақәыргылареи апроцесс ирласӡаны ишымҩаҧысуа. Ҳуааҧсыра иргәаласыршәар сҭахуп ҳара ииашаны имҩаҧаагаз ауснагӡатәқәа рыбзоурала, атәыла аекономика ирласӡаны аиҭашьақәыргылара ишаҿу. Мшаҧы азы 45% азҳара ҳаман, лаҵарамзазы 25%, рашәарамзазтәи арбагақәа инрықәыршәаны, 18,7%-тәи азҳара ҳамоуп, ҳәарада, ҳара абри зегьы даараӡа ҳаигәырҕьоит. 6 мзатәи арбага 12,8% иаҟароуп, фымз рыла ҳекономика зеиҧшҟамлац ала иазҳаит. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп, ҳара, иҳалшо ала, абизнес ҳацхраауеит апроект ҿыцқәа аҧара рзоушьҭра ала", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы, иара ишазгәеиҭаз ала, абри ахықәкы анагӡаразы, апрограмма - „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" акомпонент ҿыцқәа ацырҵоит.
„Ҳара ааглыхра ацхрааразы даҽа механизмқәакгьы еиқәҳаршәоит, урҭ рыбзоурала, аҧсахтә азы аицхәдәқәҵареи аҧсахтә аицфинансыркреи алшара иаҳа иҭбаахоит, иара убас, аимпорти аимпорт аҧсахреи иазку ааглыхразы знаӡына маҷу абанктә ресурсқәа, мамзаргьы агрант ҷыда аиура мариахоит", - иҳәеит Аҧыза-министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аепидемиологиатә ҭагылазаашьагьы далацәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит аекономика аиҭашьақәыргылара апроцесс азы авакцинациа иамоу аҵакы. Иара даҽазнык ауааҧсыра дрыҳәеит акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵарц.
„Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа хшыҩызышьҭра ҷыда азутәуп. Ҳара аҭагылазаашьа ахылаҧшра ҳалшароуп. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ганкахьала, аекономика азҳареи аиҭашьақәыргылареи аҵакы ду шамоу, аха, егьи аганахьала, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳахылаҧшроуп. Ауааҧсыра даҽазнык иргәаласыршәар сҭахуп иахьазы иҟоу аҭагылазашьа алҵаразы мҩа заҵәык шыҟоу, авакцинациа. 2 миллион еиҳаны авакцина ҳамоуп. Убри аҟынтә, сара даҽазнык ауааҧсыра срыҳәар сҭахуп иаамҭаны алаҵа ҟарҵарц. Ҳара, излауаз ала, авакцинациа апроцесс ҳарҭбааит, авакцинациа апунктқәа рхыҧхьаӡара ацаҳҵеит. амуниципалитетқәа зегьы рҿы, ақыҭақәа зегьы рҿы, аҭыҧантәи ауааҧсыра аҭыҧаҿыҵәҟьа алаҵара аҟаҵара рылшарц азыҳәан, етапла, аҭагылазаашьақәа еиқәҳаршәар ҳҭахуп. Ҳәарада, абри апроцесс аҿы аимадара иаша иҟазароуп, иаҳа аимадара иҟазароуп, ауааҧсыра агәра дҳаргароуп абри апроцесс шшәарҭам. Ҳара аинформациа ҧаршеи алазырҵәо амцҳәаҩцәа ракәымкәа, аҵарауаа рҳәатәы хаҳҵароуп. Аекономикатә азҳара аласра ду ҳахьчароуп, арегиони атәылақәа рҿгьы Европагьы иҟоу атенденциақәа шәрыхәаҧш. Абри аҩыза азҳара ду ахьыҟам атәылақәа рацәоуп. Егьи аганахьала, ҳара авакцинақәа рацәа раагара ҳалшеит, уи даараӡа ибзиоуп. Абри зегьы ииашаны ҳхы иаҳархәароуп, ауааҧсыра аилыркарақәа раҳҭароуп. Абри ауп ҳекономикеи, инеизакны аҭагылазаашьеи аиқәырха зхьыҧшу, избанзар, атәыла даҽа локдаунки иҵегьы аҧкрақәеи изхнагом. Убри аҟынтә, ҳара, ганкахьала, абри апроцесс ҳахылаҧшроуп, егьи аганахьала, аекономика аиҭашьақәыргылареи азҳареи ҳацхраароуп. Иаҳа ирацәаны ауааҧсыра аусурҭа роуеит, ҳуааҧсыра рыҧсҭазаашьа еиҕьхоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Аиҳабыра рнапҳгаҩы, авакцинациа инаваргыланы, Агәабзиарахьчара аминистрреи Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центри иҟарҵаз абжьагарақәа рықәныҟәара ахымҧадарагьы далацәажәеит.
„Ҵыҧх, атәыла анаркыз, шәнызқьҩыла ауааҧсыра аусурҭа рцәыӡит. Аҩны итәан, нас, 200 лари ацхыраара роуит, усҟан абри акәын иҳалшоз. Ҳәарада, уи маҷуп. Убри аҟынтә, абри аҩыза аҭагылазаашьа еиҭаҟамларц азыҳәан, ҳгәы ҳҽанызароуп. Агәабзиарахьчара аминистрреи Ачымазрақәа рхылаҧшра амилаҭтә центри рыбжьагарақәа ҳрықәныҟәалароуп, ҳҳақьымцәеи ҳҵарауааи рҳәатәы хаҳҵароуп, егьи аганахьала, алаҵа ҟаҳҵароуп, уи зынӡаскгьы иуадаҩым. Ауааҧсыра ирасҳәаша аргументк ауп исымоу - рыцҳарас иҟалаз, авирус аҿкаареи ауаа рыҧсреи ашәарҭара дууп. Ауаа зегьы еиҧшымкәа авирус рхыргоит. Згәы бзиаз ауаа рацәа авирус ҿыркааит, ҳакәша-мыкәша имаҷымкәа ауааҧсыра абри ачымазара иалаӡит, аха, алаҵа ҟазҵаз ауаҩҧсы авирус ҿикааргьы, дыҧсуам, астатистика ҳахәаҧшыр, алаҵа ҟазҵаз рҟынтәи макьана аӡәгьы дымҧсыцт, адунеи егьырҭ атәылақәа рҿы аӡәык-ҩыџьак ракәымзар. Адунеи зехьынџьара абри аҩыза атенденциа иҟоуп. Авакцина ҳаиқәнархоит. Убри аҟынтә, ҳуааҧсыра даҽазнык срыҳәар сҭахуп иаамҭаны алаҵа ҟарҵарц. Атәылаҿы „Синоваки", „Синофарми", „Пфаизери" авакцинақәа иҟоуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Аиҳабыра реилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аҧыза-министр иинициативала, ахылҵ рацәа змоу, иара убас, асаби дзауз аҭаацәарақәа рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра амзызла, асубсидиатә ипотекатә аҧсахтә иазку аҳәынҭқарратә программа иалагоит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу апрограмма даараӡа ибзиоуп, избанзар, уи абзоурала, ауаа ауадақәеи, мамзаргьы, аҩны аархәар рылшоит.
„Иахьа Наҭиа Турнава апрограмма ҿыц цәырылгоит. Ҳара заанаҵы ааҳацҳаит ари апрограмма анагӡара ҳшалаго. Уи ахылҵ рацәа змоу, иара убас, асаби дзауз аҭаацәарақәа рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра иазку, асубсидиатә ипотекатә аҧсахтә аҳәынҭқарратә программоуп. Аипотекатә аҧсахтә ала ауадақәа ма ахатә ҩны аархәар рылшоит. Абри апрограмма даараӡа ибзиоуп, иахьа уи аофициалла анагӡара ҳалагоит", - иҳәеит аҧыза- министр.
Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы аҧыза-министр ажьҭааразы аҽазыҟаҵара апроцессгьы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, ауааҧсыра рҭагылазаашьеи апандемиа анеҩс аҭагылазаашьеи иазҧхьагәаҭаны, аиҳабыра рыӡбара ала, ажьҭаара сынтәагьы аҧара азоурышьҭуеит. 1 кьылак Рқаҵиҭели 0,90 лари еиҵамкәа иаҧсазаауеит.
„Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи рҿиаразы имҩаҧгаз аполитика иаша абзоурала, аҿыц аӡахәаҭрақәа еиҭаҳауп. Ҳуааҧсыра афактқәа дсырдырыр сҭахуп - аҵыхәтәантәи 8 шықәса рыла, инақәыршәаны, 6 400 гектар аӡахәаҭра ҿыцқәа еиҭаҳауп. Уи ҳара ииашаны имҩаҧааго аполитика иабзоуроуп. 2012 шықәсазы, ҳара амчра анаҳга, атәылаҿы 39 аҩыҟаҵарҭақәа иҟан. 2020 шықәсазы 350 аҩытә еилахәырақәа ҳаман, урҭ ирыҵанакәеит аҩцарақәеи, аилахәыра хәыҷқәеи, абжьаратә еилахәырақәеи, аилахәыра дуқәеи. 2012 шықәсазы Кахеҭи арегион аҩыҟаҵара аҟынтә 35 миллион лари ахашәала аман, 2020 шықәсазы ахашәала азҳаит 323 миллион аҟынӡа. Кахеҭи арегион ажь мацара аҟынтә 323 миллион аиуит. Абри алҵшәоуп иахьа ҳазлацәажәо, ауаа ибзиаҵәҟьаны ирбоит рҭагылазаашьа шеиҕьхаз", - иҳәеит Аҧыза- министр.
Ажь аус адулара иадҳәаланы Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, 2012 шықәсазы 52 200 тонна ажь аус адулан, 2020 шықәсазы - 283 нызқь атонна.
„Зыӡбахәы ҳәоу аусхкы аҿы абри аҩыза апрогресс ҳамоуп. Абри зегьы ҳара ииашаны иҟаҳҵаз ашьаҿақәа ирыбзоуроуп, абри зегьы ҳуааҧсыра рыҧсҭазаашьа аныҧшит. Аха, Леван Давиҭашвили атәылаҿы аҭагылазашьа ҭиҵаан, ишеилкаахаз ала, сынтәа ажь аҽаҩра духоит, 300 нызқь тонна ҳазыҧшуп, убри аҟынтә, ҳара ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит аҩы ааглыхырҭақәа абри аҟара ажь шкәаәкәа шырҭахымхо. Дара абри аҟара аҩы аҟаҵареи аҭиреи рцәыуадаҩхар ҟалап. Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, ҳтәылауаа рҭагылазаашьеи апандемиа анеҩ аҭагылазаашьеи иазҧхьагәаҭаны, ҳара сынтәагьы ажьҭаара апроцесс аҧара алаҳҵарц ҳаӡбеит. 1 кьыылак Рқаҵиҭели 0,90 лари еиҵамкәа иаҧсазаауеит, абри аицҵалыҵ аҟынтә, аилахәырақәа, иацҵаны 0,35 лари роуеит. Жәакала иуҳәозар, ауааҧсыра, кьылак ажь азы 0.90 лари еиҵамкәа ироуеит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәыла уажәтәи анапхгара рхаан ауп Евроеидгылеи, Урыстәылеи, Китаии рџьармыкьақәа Қырҭтәыла аназаадыртыз, убри абзоурала, аилахәырақәеи, аҩыҟаҵаҩцәеи, афермерцәеи рҭагылазаашьа еиҕьхеит.
„Ҳаиҳабыра рыбзоуралоуп ҳара афермерцәеи абизнесменцәеи аџьармыкьақәа шырзааҳартыз. Иаҳҳәап, апрактикала иуҳәозар, 2012 шықәсазы аџьармыкьақәа зегьы иаркын. Ҳәарада, раҧхьа иргыланы, Евроеидгыла аџьармыкьа иазгәасҭар сҭахуп, ҳара Евроеидгылаҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭра ҳамоуп. Ҳҩыҟаҵаҩцәа абри адуӡӡоу аџьармыкьа ахархәара алшара роуит, изакәызаалак тарифк ада раалыҵ рҭитир рылшоит. Убри анеҩс - Урыстәылатәи аџьармыкьа ааҳартит, уигьы ҳҩыҟаҵаҩцәа рзы аҵакы ду аман. Китаитәи аџьармыкьа - Китаии ҳареи зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит. Абри зегьы ҳаилахәырақәеи, ҳҩыҟаҵаҩцәеи, ҳбизнеси рҭагылазаашьа еиҕьнатәит", - иҳәеит Аҧыза-министр.
Аҧыза-министр атәанчуаа рзы иҳараку анаӡынатә хәҭақәа реиҵатәра азҵаара дазааҭгылан, ишиҳаз ала, авице-аҧыза Леван Давиҭашвили анапхгара ззиуа аусбарҭабжьаратә комиссиа еиҿкаауп, аиҳабыра ирылшо зегьы ҟарҵоит атәанчуаа абанктә маҵзуразы иршәо ашәахтә аиҵатәразы.
„Ауааҧсыра аинформациа рысҭар сҭахуп. Апарламент аҿы санықәгылоз, ҳуааҧсыра изыргәамҵуа зҵаарак сзықәдыргылеит, атәанчуаа ирзышьақәыргылоу анаӡынатә хәҭа даараӡа идууп. Сара иакымкәа аиҧыларақәа мҩаҧызгеит, абанкқәа рнапхгаҩцәа срацәажәеит, иашьашәалоу аиҳабыратә комиссиа аиҿкааразы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Мызкы аҧхьа сара апарламент аҿы ауаа ажәа рысҭеит уи шыҟасҵо азы. Ҧхынгәы 28 рзы аусбарҭабжьаратә комиссиа еиҿаҳкааит, уи анапхгара азиуеит авице-аҧыза Леван Давиҭашвили. Апарламент алахәылацәагьы ааҳаҧхьеит, даргьы акомиссиа аусура рхы аладырхәоит. Ҳәарада, афинансқәеи агәабзиарахьчареи аминистрцәагьы акомиссиа иалоуп. Хара имгакәа, абри аҭагылазаашьа арҽеиразы мҩак ҳаҧшароуп. 2012 шықәсазы, ҳара амчра анаҳга, атәанчуаа абанк аҟынтә аҧсахтә аныргоз, анаӡынатә хәҭа 100-120% иаҟаран. Уажәы 35% ауп иҟоу, аха, ҳәарада, уигьы рацәоуп, атәанчуаа рзы абанктә маҵзура иаҳа иманшәалазароуп, шәатәыс ироуа анаӡынатә хәҭа иаҳа имаҷзароуп. Абри азҵаара аӡбаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ауааҧсыра изыргәамҵуа азҵаарақәа иреиуп афармацевтикатә џьармыкьаҿы аҭагылазаашьеи ахәшәқәа рыхәҧсеи.
„Атәылаҿы ахәшәтәқәа рыхә даараӡа ишьҭыҵит, уи астатистикалагьы иубарҭоуп. Абри азҵаара даараӡа ҳаргәамҵуеит, ҳгәы ҧнажәоит. Сара абри азҵааразы аус зуа Аконкуренциазы агентра анапхгаҩы изныкымкәа сиацәажәахьеит. Иааиуа амшқәа рзы амониторинг абжьаратә аҳасабырба ҳазцәыригоит. Иара убас, агәабзиарахьчара аминистр илыдысҵар сҭахуп абри азҵаара иадҳәаланы иара иҟны аимадара лымазарц, избанзар, ауаа излауа ала ирласны аинформациа рыҭаны, абри аҭагылазаашьа ҳазлалҵша ҳаӡбароуп. Заанаҵы аихшьаала ҟасҵар сҭахым, аха, уажәазы исымоу аинформациа ала, ахәшәқәак рзы 300 - 400%-ла ахә шьҭызхыз аилахәарақәа иҟоуп. Ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом, аҭагылазаашьа цқьа иҭҵааны, ирласӡаны иахәҭоу аӡбарақәа ҳадаҳкылароуп, избанзар уи ҳуааҧсыра рмышхәыбзазара ианыҧшуеит", - иҳәеит Аҧыза-министр.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa