Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa нанҳәа 9 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2021-08-09

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 11 зҵаара ирыхәаҧшит.

Аилатәара иалагаанӡа, аиҳабыра рнапхгаҩы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит. Иракли Ҕарибашвили зыхьӡ дуу ареитингтә агентра „Fitch" ареитинг дахцәажәеит, уи инақәыршәаны, Қырҭтәыла иазааныжьуп ихьыҧшым акредиттә реитинг „BB" , ареитинг аперспектива „анегативтә" аҟынтә „иҭышәынтәалоу" аҟынӡа еиҕьхеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, абри аӡбара ала, Қырҭтәыла, апандемиа ҟалаанӡа иҟаз арбага азыхынҳәит.

„Агентра адыррақәа рыла, иззыҧшыз аасҭа иаҳа ирласны аекономика аиҭашьақәыргылареи, амакроекономикатә политика ҕәҕәеи, жәларбжьаратәи адгылара дуи абзоурала, ареитинг аперспектива еиҕьартәит.

Ҳара ибзианы иаабоит ҳекономика ирласны аиҭашьақәыргылара ишаҿу, фымз рыла 12.7% аекономикатә азҳара ҳамоуп, абри арбага агәыҕра ду ҳнаҭоит.

Убри адагьы, „Fitch" аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭара рыҧсахын, 7.8% иҟалеит, уи ҳаззыҧшыз аасҭа иаҳа идуу арбагоуп. Ҳара 2025 шықәсанӡа аинвестициатә реитинг аҟынӡа ҳхалар ҳҭахуп, убри азыҳәан 2 ҩаӡарак ауп иаҳзаанхаз.

„Fitch" аӡбара жәларбжьаратәи аинвесторцәа рзы ашьҭымҭа бзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит, уи ҳтәыла аекономикатә аиҭашьақәыргылара процесс ирласӡаны алагараҿы иҳацхраауеит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр авакцинациа қәҿиарала амҩаҧгара аҵакы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, абри апроцесс аҿы аргументк мацароуп иҟоу, авакцинациа иахылҵуа алҵшәа - алаҵа ауаҩы аҧсра аҟынтә дахьчоит, уи иаҿагылаша аргументкгьы иҟам.

„Ҳәарада,авакцинациа қәҿиарала амҩаҧгара иаанаго рацәоуп. Ҳтәылауаа срыҳәар сҭахуп, аҭагылазаашьа зеиҧшроу аабоит, убри аҟынтә, ҳазынтәгьы ҳтәыла аҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду ааҳарҧшыроуп. Абри апроцесс аҿы аргументк мацароуп иҟоу, авакцинациа иахылҵуа алҵшәа - алаҵа ауаҩы аҧсра аҟынтә дахьчоит, уи иаҿагылаша аргументкгьы иҟам.

Алаҵа ҟазҵаз ауаҩгьы авирус ҿикаар ауеит, аха уи дыҧсуам, адунеи аҿы, шамахамзар, абри аҩыза афактқәа иҟам", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иааигәахо алхрақәа ирыдҳәаланы, аҧыза-министр, ҷыдала дазааҭгылеит Алхратә комиссиа хадеи алхратә комиссиақәеи рылахәылацәа алаҵақәа рзыҟаҵара аҵакы. Иара ишиҳәаз ала, аиҳабыра хықәкыс ирымоуп иаарту, зхы иақәиҭу, акоронавирус аларҵәара аганахьала ишәарҭам алхрақәа рымҩаҧгара.

„Алхрақәа ааигәахоит, активтә фаза ҳҭагылоит. Иацы сара Алхратә комиссиа хада аусзуҩцәа рвакцинациа иазку аинициативала сықәгылеит. Ҳара аофициалла абри ажәалагала ҟаҳҵоит, иааиуа амшқәа рзы ҳминистри ҳколлегацәеи Алхратә комиссиа хада анапхгара ирҧылоит. Ҳара хықәкыс иҳамоуп иаарту, зхы иақәиҭу, акоронавирус аларҵәара аганахьала ишәарҭам алхрақәа рымҩаҧгара. Ҳара иҳаракӡоу астандарт ҷыда ааҳарҧшыр ҳалшоит - ганкахьала, ҳәарада, зхы иақәиҭу, иаарту алхрақәа, егьи аганахьала - акоронавирус аларҵәара аганахьала ишәарҭам алхрақәа мҩаҧаагароуп. Убри аҟынтә, Алхратә комиссиа хадеи алхратә комиссиақәеи рылахәылацәа зегьы алаҵақәа ҟарҵароуп, ҳара ҳкандиатцәеи егьырҭ апартиақәа ркандидатцәеи рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп алхрақәа шәарҭада имҩаҧаагарц азыҳәан, авакцинациа апроцесс активла рхы аладырхәырц",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ақалақьқәа рхадацәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәеи алхыҩцәеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит алхратә аиҧыларақәа раан рызынтәгьы хымҧада асабрадақәа рҿазарц.

„Ауааҧсыра рҟны аиҧыларақәа иалагоит, убри аҟынтә, ҳкандидатцәа срыҳәар сҭахуп, ирыбжьазгар сҭахуп ауааҧсыра ианырҧыло, рызынтәгьы асабрадақәа рҿазарц, насгьы, алхыҩцәагьы срыҳәар сҭахуп аиҧыларақәа раан даргьы асабрадақәа рҿазарц",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра реилатәараҿы аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, 2022 шықәса ажьырныҳәа инаркны, етапла, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рџьаусҧса ацырҵоит.

„Уажәазы иҳамоу апроблемақәа иреиуп ақалақьқәа рхадацәа рулафахәы, дара, инақәыршәаны, 1800-2000 лари ауп ироуа, уи иахьатәи алабҿабара иашьашәалам. Аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа кыршықәса рыҩнуҵҟа аџьаусҧса рзацрымҵацт, аминистррақәа рыҩаӡараҿы алокалтә аӡбарақәак ҳрыламцәажәозар. Аиҳабыра абри азҵаара иадҳәаланы иаку ахәаҧшырақәа цәыррымгацт. Мышқәак раҧхьа, Лаша Хуцишвили, аӡыргараҿы ааицҳаит аполитика ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2022 шықәса ажьырныҳәа инаркны, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рџьаусҧса ацҵара ҳалагоит ҳәа, избанзар, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ауааҧсыра, иҵабыргны, изакәызаалак мотивациак рымам, ҳара хазхаҭалатәи асектор аҟны аконкуренциа ҳалшом. Убри аҟынтә, абри азҵаара хымҧада иӡбатәуп, 2022 шықәса ажьырныҳәа инаркны ҳара хымҧада уи ҟаҳҵоит, иара убас, ақалақьқәа рхадацәагьы аулафахәы рзацаҳҵоит. Рџьаусҧса ҩынтә аизырҳара ҳаӡбеит. Ақалақь ахада 2000 лари аулафахәы ала аус шиуа схахьы исзаагом, иаҳҳәап, Баҭым, Қәҭешь, уҳәа, ақалақь дуқәа 2000 лари ҳәа рымаҵ шыруа сыздыруам, абри азҵаара ирласӡаны иӡбатәуп, ҳара хымҧада уи ҟаҳҵоит, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәагьы аулафахәы рзацаҳҵоит", - иҳәеит аҧыза-министр.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa