Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa жьҭаара 25 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2021-10-25

Қырҭтәыла аҧыза-минситр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 11 зҵаара ирыхәаҧшит.

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ишьақәырҕәҕәаз ақәҵара инақәыршәаны, 65 ихҵәоу аҭаацәарақәа, Қәҭешьи, Жәыргьыҭи, Қарҭи ҿыц иргылоу анхарҭатә корпусқәа рҿы хәыҧсада, ауадақәа роуеит.

Аҧыза-министр иҳамҭала, ахҵәацәа рыдгылареи рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа иреиуп. 2012 шықәса инаркны, Қырҭтәыла зехьынџьара аҳәынҭқарра аҟынтә анхарҭақәа роуит зқьыла ихҵәоу аҭаацәарақәа, ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит.

Иара убас, иахьа аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәеит аҳәынҭқарра иатәу иеиҭамҵуа амал аилахәыра „Аџьыр аҩны" ишиашоу азыҭира аформала априватизациа иазку ақәҵарагьы, уи инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә программа - „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" аҳәаақәа ирҭагӡаны, аилахәыра „Аџьыр аҩны" аџьырлых ааглыхырҭа аҧҵаразы, асимволтә ахә ала, 1 лари ҳәа, аҳәынҭқарра аҟынтә аиуеит Гардабании, Мартҟоҧии, Вазиании аиланхарҭақәа рҿы иҟоу адгьылҭыҧқәеи урҭ ирықәгылоу аргыламҭақәеи. Аџьырлых ааглыхырҭа ҩышықәса рыҩнуҵҟала иаҧҵахоит, ааглыхырҭа иаларҵоит 3 819 664 лари аинвестициа, уи аҿы аусурҭа роуеит 50-ҩык ауааҧсыра.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa