Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa нанҳәа 16 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧысит. Аминистрцәа аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 10 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иӡбарала, Афганистан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа раагаразы аҳаирплан ҷыда дәықәырҵоит. Иара убас, аҧыза-министр идҵала, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи иашьашәалоу аусбарҭақәеи, Қырҭтәыла атәылауаа шәарҭада аҧсадгьылахь рырхынҳәразы, жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟны активла аусура нарыгӡоит.

Иара убас, аҧыза-министр идҵала, Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистрра Ҭелави аӡылеиқәыршәара апроект амҩаҧгара иалагоит. Аӡылеиқәыршәаратә система аргылара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, 79 километр иҟоу аҳа еиҿыркаауеит, уажәазы иҟоу 5 ҵеиҕьк еиҭашьақәдыргылоит, урҭ ирыцлоит аҵеиџь ҿыцқәа хҧеи амкьаҭқәеи. Апроект иаларҵоит 24 миллион лари. Аусурақәа ианрылгалак, ҳаҧхьаҟа, Ҭелави аӡыла еиқәыршәазаауеит.

Иара убас, аҧыза-министр иинициативала иалагаз апрограмма - „Ирҿыцу арегионқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны, арегионқәа рҿы активла имҩаҧысуеит раҧхьатәи аетап азы аҽазыҟаҵаратә усурақәа. Аиҳабыра реилатәараҿы, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр аиҳабыра рнапхгаҩы изцәыригеит абжьаратәи аҳасабырба. Иара ишазгәеиҭаз ала, раҧхьатәи алҵшәақәа цәыббра анҵәамҭазы иубарҭахоит. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, акультуратәи аҭоурыхтәи баҟақәеи, иара убас, арекреациатә қәыҧшыларақәеи ишеибгоу идырҿыцуеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa