Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa ԥхынҷкәын 6 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2021-12-06

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧысит. Аминистрцәа аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 7 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Анҩстәи ашықәс азы атәыла аекономика аҭаӡара наӡа 65 миллиард лари иаҟарахоит, тәылауаҩк изы иҳаҧхьаӡар, аҩнуҵҟатәи аалыҵ наӡа 5 500 адоллар еиҳахоит, уи аҭоурыхтә максимум ауп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧызаа-министр ишазгәеиҭаз ала, апандемиа шыҟоугьы, 2022 шықәсатәи абиуџьет апроект аҿы акапиталтә харџьқәа еиҵарымтәит.

„Сынтәа ҳара аекономикатә аҿиара ду ҳаман. Азҧхьагәаҭақәа рыла, ашықәс анҵәамҭанӡа ҩ-рыцхәтәи аекономикатә азҳара ҳамазаауеит, уи абзоурала, аханатә ишьақәырҕәҕәаз авариан аасҭа 1 миллиард 310 миллион лари ала абиуџьет аизырҳара ҳалшеит. Иара убас, ауал аиҵатәрагьы ҳалшеит. 2022 шықәсазы, аҩнуҵҟатәи аалыҵ наӡа, ҳтәыла адәныҟатәи ауал 60% аҟынтәи 51,1%-нӡа еиҵаҳтәуеит. Азеиҧш биуџьет 21,8 миллиард лари иаҟарахоит. 2022 шықәсазы 6%-тәи аекономикатә азҳара ҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит. Анеҩстәи ашықәс азы атәыла аекономикатә аҭаӡара наӡа 65 миллиард лари аҟынӡа ишьҭыҵуеит, уаҩҧсык изы иҳаҧхьаӡар, аҩнуҵҟатәи аалыҵ наӡа 5500 адоллар еиҳахоит, уи аҭоурыхтә арбагоуп. Анеҩстәи ашықәс азы ҳара апандемиа амшала иҳауз ауалгьы абиуџьеттә дефицитгьы еиҵаҳтәуеит. Абиуџьет адефицит 4,2% иаҟарахоит. Ишшәасҳәаз еиҧш, 2022 шықәсазы аиҳабыра руал 51,1%-нӡа еиҵаҳтәуеит. Апандемиа шыҟоугьы, 2022 шықәсазы атәыла абиуџьет аҿы акапиталтә харџьқәа еиҵаҳтәуам. Аплан иарбоуп 5,9 миллиард лари", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, анеҩстәи ашықәс абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп аҳәынҭқарратә сектор аҿы аулафахәы аизырҳара 10%-ла. Аиҳабыра рнапхгаҩы афинансқәа рминистр диазҵааит аҵыхәтәаны аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рулафахәы ианбацырҵа ҳәа. Аминистр ишиҳәаз ала, арҵаҩцәа рулафахәы, 2019 шықәсазы иацырҵаз аполициа аусзуҩцәеи арратә маҵзуҩцәеи рулафхәы уҳәа, хазы хырхарҭақәак наламҵакәа, аҳәынҭқарратә сектор аҿы 2017 шықәса инаркны аулафахәы ацрымҵацт.

„Ишшәаҳҳәахьаз еиҧш - анеҩстәи ашықәс абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп аҳәынҭқарратә сектор аҿы аулафахәы аизырҳара 10%-ла. Уи знык акәӡам ишыҟало, анеҩстәи ашықәсқәа рзгьы аулафахәы ацаҳҵоит",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иара убас, 2022 шықәса ажьырныҳәа инаркны, 70 шықәса зхымҵыц ауааҧсыра ртәанчахә 260 лари иаҟарахоит, 70 шықәсеи уи еиҳангьы зхыҵуа ауааҧсыра 300 лари атәанчахә роуеит.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, ашьхаҳаракыратә регионқәа ирықәынхо, 70 шықәса зхымҵыц атәанчуаа ртәанчахә шьҭыҵуеит 312 лари аҟынӡа, 70 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәанчуаа 360 лари роуеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аибашьра иалахәыз аветеранцәа есымза ироуаз 22-еи 44-еи лари ацҵатә аздырҳауеит 100 ларинӡа.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, 2022 шықәсатәи абиуџьет аҿы ахҵәацәа рзы анхарҭатә корпусқәа рыргыларазы иазҧхьагәаҭоуп 114 миллион лари.

„COVID-19 ахылаҧшразы 2022 шықәсатәи абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп 500 миллион лари, Қырҭтәыла арегионқәа рҿы имҩаҧгатәу апроектқәа рзы иацҵаны 300 миллион лари", - иазгәеиҭеит аҧыза министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы инарҭбааны далацәажәеит 2022 шықәсазы аминистррақәа ироуа афинансыркра.

„Афинансқәа рминистрра иазоушьҭуп 105 404 800 лари, аминистрра абиуџьет иазҳаит 16 000 000 лари ала.

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра иазоушьҭуп 932 000 000 лари, дара рбиуџьет иазҳаит 290 000 000 лари ала. Абри аҧара аҟынтә, инақәыршәны, 300 миллион иазҧхьагәаҭоуп апрограмма „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" апроектқәа рзы.

Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иазоушьҭуп 2,8 миллиард лари. Абиуџьет иазҳаит 430 000 000 лари ала.

Аиустициа аминистрра иазоушьҭуп 310 568 400 лари, абиуџьет иазҳаит 14 000 000 лари ала.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазоушьҭуп 176 000 000 лари, абиуџьет иазҳаит 6 000 000 лари ала.

Атәылахьчара аминистрра иазоушьҭуп миллиард лари, абиуџьет иазҳаит 72 000 000 лари ала.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иазоушьҭуп 865 000 000 лари, рбиуџьет иазҳаит 85 000 000 лари.

Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистрра иазоушьҭуп 6 миллиард лари еиҳаны.

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат иазоушьҭуп 3 000 000 лари, абиуџьет иазҳаит миллионбжак ала.

Қырҭтәыла аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрра иазоушьҭуп 593 000 000 лари.

Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра 1 684 000 000 лари абиуџьет амазаауеит.

Акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрра иазоушьҭуп 357 000 000 лари.

Аиҿарҧшразы иазгәасҭар сҭахуп, 2022 шықәсазы ауал наӡа 60% иаҟарахоит, аекономика ахәҭа наӡа - 58,5 миллиард лари. Убри аҟынтә, инақәыршәаны, 6,5 миллиард лари ала аекономика аизырҳара ҳалшеит ҳәа ҳҳәар ҟалоит, апандемиеи акризиси аныҟоу, уи зеиҧшҟамлац ақәҿиароуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы аҧыза министр ишазгәеиҭаз ала, излауа ала ирласны аиҭакрақәа рымҩаҧгаразы, ҳазну амчыбжь азы апарламент иаларгалоит онлаин-казиноқәа ирыдҳәалоу азакәанпроект, азакәанҧҵаратә орган аҿы аконсультаиақәа мҩаҧыргахьеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa