Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аԥыза-министр иҟаиҵаз адашшылара Print Version

2021-12-18

Еицырдыруа ашәаҳәаҩи аҟазаҩи зҽаҧсазтәыз аусзуҩи Џьемал Ҷкуасели иҧсра даараӡа сгәы иалсит. Агәырҵҟәыл ду злаз, ажәлар гәыкала бзиа ирбоз ашәаҳәаҩи артисти Џьемал Ҷкуасели аҭынха ду ҳзаанижьит. Иара иҧсҭазаара аиҳара ақырҭуа жәлар рашәақәеи акәашарақәеи реиҭашьақәыргылареи, рыхьчареи, рҿиареи иазикит, ари аус гәыкала инаигӡон. Џьемал Ҷкуасели инапхгарала, ансамбль „Ерисиони" адунеи зегьы иддырдырит ауникалтә ақырҭуа культура, уи адунеи зехьынџьара азхаҵара аиуит.

Џьемал Ҷкуасели иҧсра ҳтәылазы ацәыӡ дууп. Иуацәеи иҩызцәеи ақырҭуа фольклор ахә зшьо ауааҧсыреи гәыкала срыдашшылоит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр

Иракли Ҕарибашвили