Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара Print Version

2021-12-22

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбарала, аиҭаҵра аиҵатәра амзызла, ажьырныҳәа 1 инаркны 10-нӡа атәылаҿы аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп.

Ажьырныҳәа 1 инаркны 10-нӡа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп, - Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак ари аӡбара аднакылеит аиҭаҵра аиҵатәра амзызла. Ахеилак абри аҩызаҵәҟьа абжьагара ҟанаҵоит хазхаҭалатәи асектор ахьгьы.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ҧхынгәы 29 инаркны ажьырныҳәа 17-нӡа ашколқәа рҿы аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп.

Иара убас, ахеилак алахәылацәа, Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит. Ишдыру ала, ҧхынҷкәын 20 рзы атәылаҿы акоронавирус аштамм ҿыц - „Омикрон" аарҧшын, уи иадҳәаланы ахеилак алахәылацәа инарҭбаау аинформациа риҭеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе. „Омикрон" аларҵәара амшала ицәырҵыз аҿыц ҭагылазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, акоординациатә хеилак, уажәазы иҵегьы аҧкрақәа рырҧсыҽра, урҭ рыбжьара аклубқәа раартрагьы иахәҭам ҳәа ирыҧхьаӡеит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵоит аҧкрақәа рырџьбара рықәымшәарц азыҳәан, ауааҧсыра зегьы арегулиациақәа ирықәныҟәаларц - иарту, иара убас, иарку ақәыҧшылараҿы асабрадақәа ныҟәыргаларц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц, авакцинациа апроцесс активла рхы аладырхәырц.

Аҧыза-министр идҵала, иашьашәалоу аусбарҭақәа атәылаҿы арегулиациақәа рынагӡара апроцесс азы ахылаҧшра дырҕәҕәоит.

Қырҭтәыла акоронавирус раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанӡа, авирус ҿыркааит 916 477-ҩык, урҭ рҟынтә 869 411-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 13 221-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажазы акарантин аҿы иҟоуп 35-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 1 001-ҩык, астационар аҿы - 5 488-ҩык атәылауаа.

Аҧыза-министр инапхгарла аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура