Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциаҿы аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа рҿаҧхьа дықәгылеит Print Version

2021-12-22

Салам шәымаз, акыр иаҧсоу аҩызцәа, ҳаҭыр зқәу ҳацҳаражәҳәаҩцәа, ҳдипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа.
Раҧхьа иргыланы, инашәыгӡаз аусуреи адәныҟатәи политика аганахьала Қырҭтәыла иамоу ақәҿиарақәа рҿы иҟашәҵаз алагала дуи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.

Иахьатәи амш ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Ҳаҭыр зәқу аминистр Давиҭ Залкалиании аминистрра аусзуҩцәеи, ҳтәыла арҕәҕәара аус иалахәы ауааҧсыреи ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Иахьатәи авиртуалтә аиҧылара алагьы иубарҭоуп иахьа аглобалтә пандемиа амшала шьаҭанкыла зҽызыҧсахыз адунеи аҿы ҳшынхо. Абри аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҳҭоит, ишиашо аиҧылара амҩаҧгара ахьҳалымшо ҳгәы иалоуп.

Ҳәарада, иуадаҩӡаз аамҭа ҳҭагылан, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа, апандемиа аан, шәара авакцинақәеи амедицинатә аибыҭареи аҧшаареи атәылашҟа аагареи ахырхарҭала аусура шәықәшәеит, адунеи еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы иҟаз ҳтәылауаа рзы аҷыда реисқәа еиҿышәкаауан, ҳтәылеи ҳтәылауааи ирыдҳәалаз азҵаарақәа зегьы шәырхылаҧшуан, шәара шәыдгылареи шәылахәызаареи аҵакы ду аман, зны-зынла ҳтәылеи ҳтәылауааи ҳбизнеси рзы ахадаратә ҵакы аман; абри иуадаҩӡаз аҭагылазаашьаҿы апрофессионализм дуи адгылареи аашәырҧшит, қәҿиара аусеицура аганахьала жәларбжьаратәи ауаажәларра зегьы аҿырҧштәы бзиа дшәырбеит. Шәара, иҵабыргны, уаҩ изыҟамҵашаз ҟашәҵеит, убри азыҳәан хаҭала сареи ҳаиҳабыреи ҳахьӡала шәызынтәгьы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп.

Ҳәарада, шәара шәхы шәамеигӡакәа аус жәуеит, ҳпартниорцәа рыцхыраареи шәылахәызаареи иахьа зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. Абри аҩыза алахәызаареи азеиҧш ҽазышәареи мацаралоуп апандемиа аҵыхәанӡа аҵархареи анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәреи шҳалшо.

Апандемиа ибзианы иҳнарбеит аглобалтә жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы ашәарҭадареи, аекономикеи, агәабзиарахьчареи аганахьала аҳасабтәқәа шырацәоу. Агәра ганы сыҟоуп ҳазну амҩеи ҳхадаратә принципқәеи рызгәыкрала, ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи рыцхыраарала, ауадаҩрақәа зегьы қәҿиарала ҳшырхысуа, ҳтәылеи ҳажаләлари мышхәыбзазара шырзааҳго.

Сынтәатәи ашықәс иазкны жәақәак сҳәар сҭахуп. Ари ашықәс акырӡа иуадаҩын, аха, аҳасабтәқәеи апроблемақәа шырацәазгьы, ақәҿиарақәагьы ҳаман ҳәа сгәы иаанагоит, абри зегьы хыркәшан иҿырҧшыгаз алхрақәа рымҩаҧгарала. Жьҭаара 2 рзы имҩаҧгаз алхрақәа раан даҽазнык ишьақәырҕәҕәан ҳтәыла адемократиатә реформақәеи, Европеи, НАТОи рахь зхы рхоу амҩа ишану, уи аҵакы ду амоуп. Ҳуааҧсыра даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит аилаҩынтәра аӡәгьы ишиҭахым. Сгәы ишаанаго ала, ҳара хықәкыс иҳамазароуп атәылаҿы кыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылареи аҿиареи, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, ҳамчқәа зегьы аҿиара иазаҳкроуп, ҳуааҧсыра мышхәыбзазара рзааҳгароуп, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҳтәыла аидҵара ҳалшароуп.

Иахьа ҳара адемократиатә реформақәа рымҩаҧгара апроцесс иаҳа иҳарҭбаароуп, жәларбжьаратәи ақәыҧшылараҿы ҳтәыла иаҳа еиҕьны ааҳарҧшыроуп, арегион аҿы адемократиатә аҿиара аганахьала аҧхьагылара шҳамоу идҳарбароуп.

Евроинтеграциа аганахьала аҵакы ду аман Мрагыларатә партниорра 6-тәи асаммит, уаҟа амбициатә ҟазшьа змоу аусхәаҧштә ҿыц еиқәыршәан, аамҭакьаҿлатәи ахықәкқәа ҳәаақәҵан, Евроеидгыла ахаҭарнакцәа дара инарыгӡараны иҟоу арегионалтә инвестициатә план ҿыц цәырыргеит. Иара убас, аҵакы ду аман сынтәа ассоциациатә трио ашьаҭаркра. Қырҭтәыла, егьырҭ алахәылацәа рыгәҭа, иалшоз зегьы ҟанаҵеит Евроеидгылаҟны аполиткиатәи, аекономикатәи, аусхктәи интеграциа апроцесс аҿы ҧхьаҟацареи алшара ҿыцқәа раарҧшреи азыҳәан. Ҳтәылақәа ирзеиҧшу хықәкык рымоуп, уи Евроеидгыла алалароуп. Агәра ганы сыҟоуп азеиҧш ҽазышәарала хара имгакәа абарҭ апланқәа рынагӡара шҳалшо. Ҳәарада, апроблемақәа рацәоуп, аха, ҳара имҩаҧааго хшыҩкралатә политика абзоурала, ауадаҩрақәа зегьы ҳархысны, иаҳзеиҧшу абри ахықәкы наҳагӡоит.

НАТОи ҳареи ҳусеицура иааркьаҿны сазааҭгылар сҭахуп - ишыжәдыруа ала, уажәааны ҳаҭыр зқәу аминистри сареи НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ҳаиҧылеит. Ҳәарада, аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟалаз ахҭысқәа рфонаҿы даҽазнык рпозициа ҳаҳар ҳҭахын, агәра ҳгар ҳҭахын ҳара ҳаиҧшҵәҟьа, даргьы рпозициа шырымҧсахуа, избанзар, Қырҭтәыла аиҳабырагьы ақырҭуа жәларгьы НАТО алалара аидеиа иазгәыкуп. Уи ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы змоу ҳасабтәуп. Абри ахырхарҭала, ҳара, НАТО аҟны аполиткиатәи апрактикатәи усеицура амеханизмқәа зегьы қәҿиарала инаҳагӡоит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҳамаз ақәҿиарақәа рышьаҭала, НАТО - Қырҭтәылатәи апакет наӡа ҳарҿыцит. Иахьа уи иаҳа адинамикатә ҟазшьа амоуп, ҳмилаҭтә приоритетқәеи, аҳасабтәқәеи, аҭахрақәеи, ашәарҭадара иазку азеиҧш хықәкқәеи иаҳа ирышьашәалоуп.

Иара убас, Алианс алахәылацәа хшыҩзышьҭра ду азыруеит Амшын еиқәа ашәарҭадара арҕәҕәара азҵаара, ҳәарада, уи ала иазҧхьагәаҭоуп ҳтәыла ахыхьчаралшареи арегион ашәарҭадареи арҕәҕәара.

Ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп НАТО-и Евроеидгылеи рнапхгарала имҩаҧысуа аоперациақәа рҿы Қырҭтәыла алагала ду. Ҳаруаа ҳгәы рыздууп, Афганистанынтә ауаа ралгара иазкыз, зеиҧшҟамлац ала зымҽхак дууз атранзиттәи аевакуациатәи операциа алахәызааразы Америкеи Алианс алахәылацәеи рҟынтә иҳауз арҽхәара ҳгәы аздууп. Абри аус аҿы ҳтәыла, ҳәарада, ароль ду нанагӡеит.

Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Америка атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Лоид Остин ивизит аҵакы, иара мызқәак раҧхьа ҳтәылаҿ дыҟан, ари авизит ҳусеицураҿы аетап ҿыц алагамҭа ҳасабала ҳахәаҧшыр ҳалшоит. Ҩ-тәылак ртәылахьчаратә маҵзурақәа амеморандум ҿыц рыбжьарҵеит - Қырҭтәыла атәылахьчареи аанкылара аполитикеи арҕәҕәара аинициатива (Georgia Defense and Deterrence Enhancement Initiative). Адокумент ала иҳәаақәҵоуп ҳусеицура анеҩстәи аетапқәеи апрограммақәеи. Зыӡбахәы ҳәоу аформат Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәеи ашәарҭадара асистемеи рҿиара иацхраауеит. Иаартны иҳҳәар ҳалшоит атәылахьчареи ашәарҭадареи аусхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Америкеи русеицураҿы аетап ҿыц иалагоит ҳәа.

Ҳәарада, ҳара хшыҩзышьҭра ҷыда азаауеит ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи адеокупациеи азҵаара, избанзар, уи ауп иахьазы ахадаратә хықәкыс иҳамоу. Еицымҩаҧаагаз аусуреи, насгьы, ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩцәа, шәара еиқәшәыршәаз жәларбжьаратәи адгылареи, азхаҵамра аполитика қәҿиарала амҩаҧгареи абзоурала, абарҭ апроцессқәа арегион аҿгьы, жәларбжьаратәи аренаҿгьы актуалтә ҵакы рымоуп. Убри аҟынтә, абри ахырхарҭала инашәыгӡаз аусура ахә ҳшьоит, уи азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Шәкомпетенттә усура ауп изыбзоуроу жәларбжьаратәи аренаҿы Урыстәыла агрессиатә политика ақәыӡбареи ҳтәыла аинтересқәеи ҳпозициеи рыхьчареи, Қырҭтәыла аҭынчратә инициатива ҳтәыла астратегиатә партниорцәа рҟынтә иамоу адгылареи.

Ҳара ҳзы зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп арегион аҿы аҭынчра ашьақәыргылара. Ҳара, ҳахшыҩ азышьҭны, Ҟарабахтәи аибашьра ашьҭахь арегион аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ҳрыцклаҧшуеит. Ҳәарада, уи ҳара ҳзы аинтерес ду аҵоуп. Сара аҩ-тәылак рлидерцәа рҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа сымоуп - ахада Алиевгьы аҧыза министр Ҧашиниангьы ибзианы сырзыҟоуп. Ишыжәдыруа ала, сынтәа ҧшьынтә аофициалла сырҧылахьеит - ҩынтә Азербаиџьан сыҟан, ҩынтә Шәамахьтәыла, Шәамахьтәыла аҧыза-министргьы ҩынтә даҳҭааит, аҩ-тәылак рлидерцәа рҟны иакымкәа аинтеракциақәа сыман, аҭеллагьы. Ҭырқәтәылагьы иакымкәа аиҧыларақәа мҩаҧган. Ахада Ердоҕан ибзиаҵәҟьаны ҳидикылеит, абри ахырхарҭала крызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵан. Ҳгәылацәа Аахыҵ Кавказ аҿы адиалог азы иформалым арегионалтә платформа рыдаагалеит (Қырҭтәыла, Шәамахьтәыла, Азербаиџьан). Ҳстратегиатә партниорцәа рҟны аусеицура ала, аҧхынразы зҵакы дууз апрецедент ҟалеит. Хаҭала сара сыбжьацәажәарала, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани аиқәшаҳаҭхара рылшеит, зҵакы дуу ахҭыс ҟалеит ҳәа сгәы иаанагоит, ҳара арегион аҿы апрецедент аҧаҳҵеит, ҳгәылацәагьы, Америкагьы, Евроеидгылагьы лабҿаба идҳарбеит Қырҭтәыла арегион аҿы кыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара апроцесс аҿы ароль ду нанагӡар шалшо. Бриуссель саныҟаз ахада Мишельгьы ари азҵааразы сиацәажәеит, ЕАР атрибуна санықәгылазгьы, "аҭынчратә аигәылара" аинициатива салацәажәеит. Ари аинициатива ҳгәылацәа рыбжьара адиалог арҭбаареи агәреибагара аиҭашьақәыргылареи, иара убас, Қырҭтәыла абжьацәажәаратә роль алкаареи иазкуп.

Иара убас, иааркьаҿны салацәажәар сҭахуп Аҳауа аҽаҧсахра ЕАР аконференциаҿы Қырҭтәыла алахәызаара (COP26). Иҭышәынтәалоу аҿиареи аҧсабара ахьчареи аганахьала ҳтәыла аӡыргара ҳара ҳзы зҵакы дуу аҳасабтәқәа иреиуп, абри ахырхарҭала аусура ҳарҕәҕәоит.

Ҳара ҳгәылацәа рҟны аизыҟазаашьақәа аҵакы ду ранаҳшьоит, арегион аҿы абаланс зызу аполитика амҩаҧгара азҵаара ҳтәыла аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи азгьы аҵакы ду амоуп. Сара Ҭырқәтәылеи, Украинеи, Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи иакымкәа авизитқәа мҩаҧызгеит. Ҳәарада, ҳстратегиатә партниорцәа - Америкеи Евроеидгыла атәылақәеи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҟны аизыҟазаашьақәагьы аҵакы ду рымоуп.

Ишыжәдыруа ала, анеҩстәи амчыбжь азы аофициалтә визитла Иеиду Аемиратқәа рахь сдәықәлоит, уаҟа адунеизегьтәи ацәыргақәҵа "Expo-2020" схы аласырхәоит. Апандемиа амшала ари ацәыргақәҵа шықәсык ала ихырҧан, Қырҭтәыла ари ацәыргақәҵаҿы ибзиаҵәҟьаны аарҧшызаауеит, аинтерес ду зҵоу, зҵакы дуу аиҧыларақәа мҩаҧаагоит, абизнес ахаҭарнакцәа рҟынгьы. Ҳара излауа ала ирацәаны аинвестициақәа ҳтәыла иалаагалароуп, абри ауп ҳасабтәс иҳамазааша.

Апандемиа адунеи атәылақәа зегьы рекономикатә ҭышәынтәаларазы анырра цәгьа аман. Ҳаиҳабыра ибзианы еилыркаауеит апроблема ду шыҟоу, уи аҭыҧқәҵаразы иакымкәа зҵакы дуу ашьаҿақәа ҟаҳҵеит.

Сара аҧыза-министрс саныҟарца инаркны, аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьеи адәныҟатәи аполитикеи инрываргыланы, аекономика аиҭашьақәыргыларагьы сҽазызкит. Сареи ҳгәыҧи абри ахырхарҭала алҵшәа бзиа зхылҵыз ашьаҿақәа ҟаҳҵеит ҳәа сгәы иаанагоит, убри аҟынтә, зеиҧшҟамлац ала ирласны аекономика аиҭашьақәыргылареи, астимулирреи, адиверсификациеи ҳалшеит. Ҳаҧхьаҟагьы абри ауп ҳасабтәс иҳамазааша. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаз акаҳара ашьҭахь, хәажәкыра инаркны, есымзатәи аекономикатә азҳара иҵоуроу арбага ҳзаанагеит, ҩы-рыцхәтәи аекономикатә азҳра ҳамоуп. Сынтәатәи ашықәс хыркәшахоит ҩы-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳарала, арегион аҿгьы Европагьы, Ирландиа ада абри аҩыза арбага џьаргьы иҟам, уигьы аҵакы ду амоуп. Абри апрогресс атәылауаҩ цыҧхьаӡа иныҧшроуп - абри ауп уажәазы ҳасабтәс иҳамоу. Ахадаратә проблемақәа - аҕарреи аусурҭадареи ирыдҳәаланы иааиуа амшқәа рзы ахәаҧшыра ҿыцқәа шәызцәыраагоит, абри ауп сара гәазыҳәарас, идеиас, хықәкыс исымазаауа.

Сара сыдҵала, асоциал-економикатә политика ҿыц аус адулара иалагахьеит, хара имгакәа ауааҧсыра зегьы ирбоит алҵшәа бзиа зхылҵуа аконкреттә шьаҿақәа шыҟаҳҵо. Иара убас, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, асоциалтә политика аҧсахреи иадҳәалоу крызҵазкәа апланқәа ҳамоуп. Уажәтәи аполитика ауаа ҭанархоит, уи катастрофоуп, избанзар, абиҧарақәа ҳцәыӡуеит, ауаа аусурҭадара иҳаршьцылеит, ҳуааҧсыра ииашам, ихәарҭам абри аполитика атҟәацәас иҟалеит, абри аҭагылазаашьа ҧсахтәуп. Сара аргама ари азҵаара алацәажәара салагахьеит. Абри ауп изызку онлаин казиноқәа русура аҧкра. Ҳпарламент, ҳдепутатцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, избанзар, ахҧатәи аҧхьарала, ирласны ари азакәан рыдыркылеит. Онлаин-казиноқәа ирылахәыз ауааҧсыра даҽа уск ашҟа ииаҳгароуп. Информациак ҳасабала ишәасҳәар сҭахуп - аҕарра иҭагылоу, асоциалтә цхыраара зауа, аусурҭа змамыз ауааҧсыра 1,5 миллиард аказиноқәа рҿы инырхит. Уажәтәи асистема ашәара рыланаҵан, аус рызуамызт, избанзар, аусура иалагазҭгьы асоциалтә цхыраара рзааныркылон, ҧырхагара ду злоу абри асистема иалахәын онлаин-казиноқәеи, еиуеиҧшым алашыҩкратә хәмаррақәеи, анаркоманиеи, уб.егь.

Ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп ахәшәқәа рыхәқәа армаҷра, ари азҵааразы активла аусура ҳаҿуп, хара имгакәа, 1-2 мза рыҩнуҵҟала, аконкреттә алҵшәа ҳауеит, анеҩс, ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Ҳара жәашықәсатәи апланқәа еиқәҳаршәахьеит, аусбарҭа цыҧхьаӡа аконкреттә план амоуп. Аусбарҭа цыҧхьаӡа хырҳагара зхылҵша аусура мҩаҧнагоит. Ҳара фымз рыҩнуҵҟала аусбарҭа цыҧхьаӡа азы иҳармазеит аконкреттә хәаҧшырақәа ахьаарҧшу асектортә аҿиара кыраамҭатәи апланқәа. 2030 шықәсазы, уаанӡагьы, ауааҧсыра есышықәса апрогресс дҳарбароуп, ҳтәыла аекономика ҩынтә иазҳаратәы иҟаҳҵароуп, Насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҧасатәи аиҳабыра ирзыҟамҵаз, амотивациа ду ҳазҭо, ҳхықәкы хада - аҕарреи аусурҭадареи аҧыхра, ҳара хымҧада уи ҳалшароуп, иаҳа ирацәаны аусуратә ҭыҧқәа аҧаҳҵароуп, ҳуааҧсыра иаҳа хырҳагара рзааҳгароуп, ҳәарада, абри зегьы анагӡаразы атәылаҿы кыраамҭала аҭышәынтәалареи аҭынчреи иҟазароуп, сара ажәа шәысҭоит ҳаиҳабыра ахьынӡаҟо атәылаҿы абри аҩыза аҭагылазаашьақәа шеиқәыршәазаауа.

Абри ахырхарҭала аинтерес зҵоу шьаҿак ҟаҳҵеит, ишыжәдыруа ала, адунеи иреиҕьу аилахәырақәа иреиу "Rothschild" кьырала иааҳгеит. Уи адунеи аҿы аҩбатәи, Европа актәи аҭыҧ аанызкыло гәыҧуп, дара, Мрагыларатә Лиуқскембург ишыҟарҵаз еиҧшҵәҟьа, етапла Қырҭтәылагьы афинанстә центр ҳасабала азыргара рҽазыркуеит. Luxembourg of the East - дара иҳадаргалаз аидеиа ауп. Дара Қырҭтәылаҟа ишиашо атәым инвестициақәеи афинанстә ресурсқәеи рыдаҧхьалара ахырхарҭалагьы аус руеит.

Ҳара ҳазынтәгьы аивестициақәа рыдыҧхьалара ҳазҿлымҳазароуп, шәара шәахьыҟоу атәылақәа рҿы, ҳстратегиатә партниорцәа - Америкеи, Британиеи, Евроеидгылеи, Азиа атәылақәеи рҟны абри ахырхарҭала аусура ҳарҕәҕәароуп. Убри аҟынтә, абизнесгәыҧқәа рҟны излауа ала аимадара ҳарҭбаароуп, иҳамоу аизыҟазаашьақәа ҳхы иаҳархәароуп, избанзар, излауа ала ирацәаны аинвестициақәеи, иаҳа ирацәаны аусуратә ҭыҧқәеи, ҳуааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи, Қырҭтәыла ақәҿиарақәа иаҳа рӡыргареи ҳҭахуп. Ҳара уи ҳалшоит. Ампыҵахалара уҳәа, арегиони ҳтәылеи рҿы апроблемақәа шыҟоугьы, иаҳҳәаша ҳамоуп, ҳақәҿиарақәеи ҳпрогресси ҳалаҽхәаратәы ҳаҟоуп. Аинвесторцәа ампыҵахалара апроблема иацәшәар ауеит, аха, ҳара, хшыҩкрала имҩаҧааго, зпрогнозҟаҵара ҟало ҳполитика абзоурала, абри апсихологиатә бариергьы ҳахысны, аинвесторцәа агәра дҳаргоит Қырҭтәыла аҧара алаҵара шшәарҭам, ҳтылаҿы аинвестициа шыхьчазаауа, аинвесторцәа изызҿлымҳаша, аинтересс зҵоу аусхкқәа рацәа шҳамоу.

Иара ирацәаны ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭрақәа ҳҭахуп, аекономикатә ганахьала аҧхьагылара змоу атәылақәа рахь иаҳа ирацәаны ишиашо ареисқәа ҳҭахуп, абри зегьы ҳекономика ибзианы ианыҧшуеит, иаҳа ирацәаны аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи ҳуааҧсыра рынхашьеи рыбзазашьеи аиҕьтәреи иацхраауеит.

Адунеи атәылақәа рҿы аус зуа Қырҭтәыла ахаҭарнакрақәа ахадаратә ҭыҧ ааныркылоит аҳәаанырцә инхо ҳаицтәылауаа, ҳдиаспореи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы. Ҳдиаспора ирыдҳәалоу иакымкәа аидеиақәа аус рыдулара ҳаҿуп. Абри ахырхарҭалагьы иаҳа активла аус аауроуп, адиаспореи дара рпотенциали, рресурсқәеи иаҳа акоординациа азутәуп, ари азҵаарагьы аинтерес ду аҵоуп. Убри аҟынтә, иаҳа ҳреиҷаҳароуп, иаҳа ҳрыцхраароуп, Қырҭтәылаҟа ихынҳәырц зҭаху ҳуааҧсыра ҳрыдгылароуп.

Шәусуреи, шәпрофессионализми, шәыхмеигӡареи, иаашәырҧшуа азгәыкреи азы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Шәусура ааҳәаанырцә Қырҭтәыла аинтересқәа рыхьчареи, ҳпартниорцәа рҟны ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи, аҿыц хырхарҭақәа рырҿиареи иацхраауеит.

Абри зегьы азы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, ақәҿиарақәеи хырҳагарала аконференциа амҩаҧгареи шәзеиҕьасшьоит!

Ашықәс ҿыц агәырҕьара шәзаанагааит!


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура