Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган Print Version

2021-12-27

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара амҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 19 зҵаара ирыхәаҧшит.
Аиҳабыра рыӡбарала, Қырҭтәыла 4 регионк - Кахеҭии, Раҷа-Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи, Имереҭии, Гуриеи „Аҧышәаратә регионқәа ринтеграциатә аҿиара апрограмма" мҩаҧгахоит.
Хықәкыла иалху арегионқәа рҿы абинес маҷи абжьаратә бизнеси аҿиара ацхраара амзызла, анаплакқәа ҿықәа раҧҵареи, уажәазы иҟоу анаплакқәа рырҭбаара ма реибыҭареи аҧара азоурышьҭуеит. Афинансыркрала иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла иҟоу акоммерциатә банкқәа апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаа ирырҭаз аҧсахтә 24 мзатәи анаӡынатә хәҭа ишеибгоу ахҩареи зыӡбахәы ҳәоу аҧсахтә 30% агрант асахьала аҧара азоушьҭреи.
Хықәкылатәи арегионқәа рҟынтә апотенциалтә бенефицарцәа ицәырырго апроектқәа рыхә наӡа (игатәу аҧсахтә) 300 000 лари еиҵамзароуп, аха 1 миллион лари еиҳамзароуп. Апрограмма мҩаҧнагоит Ақыҭа аҿиара агентра.

Иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, аҳәынҭқарратә программа -„Иҟаҵа Қырҭтәылаҿы", акредит-гарантиатә схемаҿы аиндаустриатәи, анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи, асасааирҭатә индустриеи, аекспорти аҿиара ацхрааразы, крызҵазакәа аиҭакрақәа мҩаҧгахоит.
Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи агрантла ацхраара амзызла, иааиуа ашықәс инаркны, аҧыжәара рымазаауеит зылшарақәа маҷу ауааҧсыра абизнес алагара/арҭбаараҿы рыцхраареи, иара убас, иқәыҧшу анаплакҩцәа абизнес алагара/арҭбаараҿы рыцхраареи; зыӡбахәы ҳәоу ахырхарҭаҿы Евроеидгыла ацхыраарала, иҳәаақәҵахоит аҧышәаратә регионқәа - Имереҭии, Кахеҭии, Гуриеи, Раҷа-Лечхумии, Аладатәи Шәантәылеи, апрограмма ахархәаҩцәа рзы агрант аздырҳауеит - аҧышәаратә регионқәа рҿы уи 40 000 иаҟарахоит, егьырҭ арегионқәа рҿы - 30 000 лари.
Убри адагьы, апрограмма „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" иацлоит атехникатә ганахьала аекспорт ацхраара ахәҭагьы, уи 3 компонентк рыла ишьақәгылоуп - аалыҵ алицензиа/асертификат анашьара, ари ахырхарҭа иазоурышьҭуеит 20 000 лари; аҩбатәи - абрендинги аалыҵ алаҳәареи - иазоурышьҭуеит 20 000 лари; ахҧатәи - жәларбжьаратәи аҭира агәацҧыҳәара - иазоурышьҭуеит 10 000 евро иашьашәалоу амилаҭтә валиута;
иара убас, апрограмма ауниверсалтә индустриатә хәҭазы арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара иҵегьы шықәсык инагӡахоит; зыӡбахәы ҳәоу акомпонент рхы аладырхәыр рылшоит аинвестициатә фондқәагьы, даргьы асубсидиатә ҧсахатә аҭара алшара рымазаауеит; асасааирҭаҿы хымҧада еиқәыршәатәу ауадақәа рминималтә хыҧхьаӡара еиҵхоит, жәаба рцынхәрас хәба иҟазаргьы ауеит.

„Асасааирҭақәеи абальнеологиатә курортқәеи риндустриа" иалахәы, ашықәс анҵәамҭанӡа аусура иалагараны иҟаз абенефицарцәа, апандемиа амшала, аусура алагаразы рхы иадырҵаз аҧхықәра анагӡара аҿҳәара шықәсык ацлоит. Иара убас, акиноиндустриа акомпонент алахәызаара зҭаху ахаҿқәа арзаҳалқәа алаҵаразы ирымаз аҿҳәара нагӡахоит 2022 шықәса ажьырныҳәа 3 инаркны 2022 шықәса ҧхынҷкәын 15-нӡа. Абри аҩызаҵәҟьа аҿҳәара амазаауеит „Акредиттә гарантиатә схема" ахархәара апроцессгьы.

Иара убас, иахьатәи аилатәараҿы Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәеит аҳәынҭқарра иатәу иеиҭамҵуа амал ишиашо аҭира аформала априватизациа иазку ҩ-қәҵарак, урҭ инрықәыршәаны, 107 афизикатә хаҿқәа Русҭави ақалақь аҿы, 25-ҩык ауааҧсыра Марнеули ақалақь аҿы, асимволтә ахә ала - 1 лари ҳәа закәанла ирзышьақәдырҕәҕәоит фактла дара иртәу анхарҭатә аҵакырақәа.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура