Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр, Давос имҩаҧысуа Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, апанель - „Агәылацәа рҟны Евроеидгыла апартниорра аиҭахәаҧшра“ ихы алаирхәит Print Version

2022-05-25

  ..

Қырҭтәыла ауааҧсыра рҟынтә 80% европатәи аҭаацәарашҟа Қырҭтәыла алалара иақәшаҳаҭуп, ари аӡбара аиҳабыра мацара ракәӡам издызкылаз; уи ақырҭуа жәлар ирыдыркылаз ацивилизациатә аӡбароуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили Давос имҩаҧысуа Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, апанель - „Агәылацәа рҟны Евроеидгыла апартниорра аиҭахәаҧшра" аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла Евроеидгыла иазааигәаханы, Евроеидгыла алалара иазку аҵыхәтәантәи ахықәкы нанагӡарцаз.

„Раҧхьа иргыланы, ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп ааҧхьара ахьсышәҭаз азыҳәан. Қырҭтәыла ахықәкқәеи, аҽазышәарақәеи, Евроеидгыла алалара апроцесси рылацәажәаразы алшара бзиа ҳауит. Ари алшара ссируп, избанзар, акоронавирус амшала, ишиашо ҳзеиҧымлеит. Убри аҟынтә, абри аҩыза алшаразы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Қырҭтәыла Евроеидгыла иазгәыку, зыгәра угаша партниоруп. Ари аӡбара аиҳабыра мацара ракәӡам издызкылаз, уи ақырҭуа жәлар ирыдыркылаз ацивилизациатә аӡбароуп. Ҳара Евроеидгыла алахәылацәа зегьы идҳарбеит гәыкала апартниорра шҳалшо, избанзар азеиҧш принципқәа рыла ҳаидҳәалоуп. Ишыжәдыруа ала, 2014 шықәсазы ҳара Асоциациа иазку аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩит. Уи Евроеидгыла алаларазы адокумент хадоуп, амҩақәҵагоуп. Убри аамышьҭахь Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иаку аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, авизадатә режим асахьала, алҵшәа бзиа ҳауит, уи Қырҭтәыла атәылауаа рзы аҵакы ду амоуп. Уажәааны Евроеидгыла алаларазы аофициалла зыҳәамҭа ҟаҳҵеит. Исышәҭаз азҵааразы аҭак ҳасабала иазгәасҭар сҭахуп излауа ала ирласны Евроеидгыла азааигәахареи алалареи шаҳҭаху, избанзар, ҳара даҽа альтернативак ҳамам. Ишысҳаз еиҧш, ақырҭуа жәлар роуп ари аӡбара здызкылаз, ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит излауа ала ирласны Евроеидгыла азааигәахареи алалареи азыҳәан", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ауааҧсыра рҟынтә 80% европатәи аҭаацәарашҟа Қырҭтәыла алалара иақәшаҳаҭуп, ари аӡбара аиҳабыра мацара ракәӡам издызкылаз.

„Ҳара Ассоцициа иазу аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагаҭоу ауснагӡатәқәа 45% еиҳаны имҩаҧаагахьеит. 2014 шықәса инаркны крызҵазкәа ареформақәа мҩаҧаагоит, азакәан аиҳаӡара, аиашаӡбара ареформа, иаарту анапхгараҭара уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла аҭагылазаашьа еиҕьхеит. Ҳара ахырхарҭақәа зегьы рҿы лабҿаба иубарҭоу апрогресс ҳамоуп, ажәлар уи рбоит. Ҳара ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа Европа азааигәахара хықәкыс иҳаман. Абри амҩа ҳара Ассоциациа иазку аиқәшҳаҭра анҳадаҳкыла, 2014 шықәсазы акәӡам ианалагаз. Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа ацивилизациатә Европа алахәызаара ҳазықәҧоит. Уажәы ҳажәлар ргәазыҳәара наҳагӡароуп, избанзар, ари апроцесс иадҳәаланы ҳгәы ишаанаго ала, ҳара европатәи апринципқәа ҳрызгәыкуп, ҳара адемократиатә реформақәа мҩаҧаагоит, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭраҿы иарбоу аҳәарақәа зегьы рынагӡара ҳаҿуп. Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра 45% наҳагӡахьеит. 2014 шықәса инаркны крызҵазкәа ареформақәа мҩаҧаагоит, азакәан аиҳаӡара, аиашаӡбара ареформа, иаарту анапхгараҭара уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла аҭагылазашьа еиҕьаҳтәит, ажәлар уи рбоит. Уажәазы абас ауп азҵаара шықәгылоу - ҳгәыҕрақәа рынагӡара ҳалшома? Қырҭтәыла абри амбициатә политикатә азхаҵара аиуеит ҳәа ҳуааҧсыра ираҳҳәома? Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара ишалоу азхаҵара... Мамзаргьы, макьана аамҭа мааицт, ҳаҧхьаҟа уи аҟаҵара иахәоу иахәҭаму цқьа ҳазхәыцып ҳа раҳҳәома? Иахьа аконкреттә шьаҿақәа ҳбароуп, избанзар, иахьа адунеи аҽеиҭанакит. Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа Украина ашәарҭадара мацара акәӡам изҧырхагоу, уи Европа зегьы ашәарҭадара архитектура иаҧырхагоуп. Ишәгәаласыршәар сҭахуп 2008 шықәсатәи аибашьра. Рыцҳарас иҟалаз, усҟан ҳара иахьа иаабо аидгылара ҳамбеит. Ҳара абри аидгылара ҳадгылоит. Ацивилизациатә дунеи зегьы абарҭ ахҭысқәа рзы аҭак ҟанаҵеит аидгылара ҕәҕәа ала. Аха, ҳара, - ақырҭуаа, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ахә ду ашәара ҳақәшәеит. 2008 шықәсазы Урыстәылаҟны зымҽхак дууз аибашьра ҳхаагеит, иара убас, 90-тәи ашықәсқәа рзы 2 еибашьрак ҳаман: Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи. Абарҭ аибашьрақәа рымшала иахьа ҳҭоурыхтә ҵакырадгьылқәа аамҭала импыҵахаланы иҟоуп. Евроеидгыла аҩныҵҟа џьоукы ргәы иаанагозар ҟалап абарҭ апроблемақәа Евроеидгылашҟа риагара иахәҭам ҳәа, ҳара уи еилаҳкаауеит. Аха, иара убас, ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит акандидат астатус анашьара Евроеидгыла алахәызаара ишаанамго. Естониа ахада ишазгәеиҭаз ала, ари апроцесс кыраамҭа инагӡахоит. Ҳара уи еилаҳкаауеит. Ҳара, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра асахьала, ҳхатә „аҩныҵҟатәи адҵа" ҳамоуп. Ҳара Евроеидгыла аҟынтә аартызаареи, арелеванттә адекваттә ақәҿыҭреи ҳҭахуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы апанельтә дискуссиаҿы иқәгылара хиркәшеит Михаил Месхелишвили иажәақәа рыла.

„Азин сышәҭозар, еицырдыруа ақырҭуа аҵарауаҩ, Европа Аконституциа авторцәа иреиу, ҳаҭыр зқәу Михаил Месхелишвили (Мишель Мусхели) иажәақәа еиҭасҳәар сҭахуп: „Қырҭтәыла адыруеит уи Европаҿы ишаҭыҧу. Уажәы Европа аихшьаала ҟанаҵароуп", абри ауп аҵыхәтәаны исҳәар исҭахыз", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Қырҭтәыла аҧыза-министр инаиваргыланы, апанель рхы аладырхәит Молдоватәи ареспублика аҧыза-министр Наталиа Гавриловеи, Естониатәи ареспублика ахада Алар Кариси, Естониатәи ареспублика европатәии жәларбжьаратәии аусқәа рзы афедералтә министр Алеқсандр Шаленберги. Апанель амодераторс дыҟан The New York Times Бриуссельтәи абиуро анапхгаҩы Матина Стевис-Гриднеф.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура