Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган Print Version

2022-12-03


Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара алахәылацәа атәылаҿы иҵоуроу аекономикатә теденциақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.

Аилатәара алахәылацәа акурорттә зона ҿыцқәа рырҿиара аплан иалацәажәеит. Аҧыза-министр идҵала, Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра ари аплан активла аус аднаулоит. Ишазгәаҭаз ала, атәыла аҿиаразы аҵакы ду амоуп жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара, убри аҟынтә, акурортқәа зегьы, абальнеологиатә курортқәагьы инрылаҵаны, рырҿиара азҵаара аҵакы ҷыда аиуеит. Атуристтә ҭыҧ ҿыцқәа ринфраструктура аҿиаразы абиуџьетаҿ иазҧхьагәаҭоуп 200 миллион лари.

Ишазгәаҭаз ала, аиҳабыра акурорттә ақалақьқәеи аҳаблақәеи жәаба аханатә реиҭашьақәыргыларазы активла аус руеит. Апроектқәа иакымкәа ахырхарҭақәа рыла имҩаҧысуеит, урҭ рыла иазҧхьагәаҭоуп атуристтә ганахьала уадзыҧхьало аҭыҧқәа рырҿиареи абизнес азы аинвестициатә ажәалагалақәа рыҟаҵареи, уи абзоурала иацҵаны аусуратә ҭыҧқәа раҧҵара рылшоит.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, атәыла ақәыҧшылара апланшьҭыхра апроцесс иазааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, атехникатә адҵа анагӡаразы активла аус руеит, хара имгакәа, аконкурс апҟарала иалырхуеит аконсорциум, уи иалазаауеит аҭыҧантәи, иара убас, иреиҕьу аҳәаанырцәтәи аилахәырақәа. Аконсорциум, шықәсык аҩныҵҟала, аплан аҿиара аконцепциа еиқәнаршәоит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура