Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа Print Version

2022-12-03

Зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзинқәа рыхьчара азҵаара иамоу аҵакы ду иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла аконституциатә аҩаӡараҟны иҳәаақәҵоу апҟара инақәыршәаны, аҳәынҭқарра зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчаразы аҭагылазаашьа ҷыдақәа еиқәнаршәоит.

Сынтәа Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аҩбатәи амилаҭтә стратегиа, уаҟа аҵакы ҷыда анашьоуп зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзы еиҟароу алшарақәеи ауаажәларратә ҧсҭазаараҿы рылахәызаара наӡеи аиқәыршәара азҵаара.

Зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзинқәа рыхьчара аиҕьтәра азҵаара атәыла анапхгара рзы аҧыжәара ду амоуп. Убри аҟынтә, сынтәа, Қырҭтәыла аиҳабыра еиҿыркааит Зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзинқәа ирызку аконвенциа аимплементациа аусбарҭабжьаратә комитет, уи аҧҵара аҧхықәра ҳәаақәҵан жәларбжьаратәии аҭыҧатәии азинтә принципқәа рыла.

2023 шықәса инаркны, Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыреи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистрра абиуџьет аздырҳаит 770 миллион лари ала, иара убас, егьырҭ хықәкылатәи апрограммақәагьы иаҳа ирацәаны аҧара рзоурышьҭуеит.

Иақәнагоу, зинла еиҟароау алагылазаараҿы анхара аиқәыршәаразы, аҳәынҭқарра, иаку, акоординациа зызу аусура амҩаҧгара нанагӡоит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр

Иракли Ҕарибашвили