Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили TAV Airports ахада диҧылеит  Print Version

2022-12-07

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили TAV Airports ахада Серқан Каптан диҧылеит.

Аиҧылараҿы иалацәажәеит уажәазы аганқәа ирыбжьоу аусеицуреи, авиацәаҳәақәеи амаршрутқәеи ҿыцқәа реиқәыршәареи иадҳәалоу азҵаарақәа.

Ишазгәаҭаз ала, апандемиа ашьҭахь, атуризм аиҭашьақәыргылара адинамика бзиа инаваргыланы, аҵакы ду амоуп асервисқәа реиҕьтәра азҵаарагьы.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит TAV Airports авице-ахада Френк Мереиди, TAV Georgia аменеџьер хада Ҭеа Зақараӡеи, авице-аҧыза, Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Леван Давиҭашвилии.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура