Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа анапхгаҩы диҧылеит Print Version

2022-12-07

..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа (EUMM) анапхгаҩы Марект Шчигель диҧылеит.

Аиҧырҵратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа аусура иалацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Марек Шчигель ҭабуп ҳәа иеиҳәеит амиссиа аусушьа бзиеи инагӡо аусуреи азыҳәан. Ишазгәаҭаз ала, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьылаҿ аибарххара аескалациа апревенциа мҩаҧнагоит, аҭыҧаҿ ашәарҭадара еиқәнаршәоит. .

Ишазгәаҭаз ала, EUMM - аҭыҧаҿ амониторинг амандат змоу жәларбжьаратәи амиссиа заҵәуп.

Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Евроеидгыла егьырҭ крызҵазкәа ахархәагақәа инарываргыланы, Анаҧшцәа рмиссиагьы Қырҭтәыла аҟазаара афакт лабҿааба аанарҧшуеит Еврвоеидгыла крызҵазкәа ароль шынанагӡо, 2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра алҵшәақәа рыҧыхреи аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵареи аус аҿы.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара ихы алаирхәит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа аполитикатә абжьагаҩ Џьорџь Санди.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура